Иналукааша абаза поет Микаель Ҷкату имшира инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит иара изку аочерк.

Гьаргь Чкала

Микаель Ҷкату акырџьара аԥхьагылара змаз аӡә иакәын: раԥхьаӡакәны Ҟарачы-Черқьессиантәи Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт иҭаланы иалгаз; ачерқьес шәҟәыҩҩцәа рҟынтә раԥхьаӡа зажәеинраала «Литературнаиа газета» аҟны иркьыԥхьыз; абаза авторцәа рҟынтә зегь раԥхьаӡа урыс бызшәала зышәҟәқәа Москва иҭзыжьыз; раԥхьатәи ижәеинралоу ароман автор, аверлибр (арифмеи аритми рыла иԥкым, зхы иақәиҭу ажәеинраалаҩышьа аформа – аред.) ала иҩу раԥхьатәи ашәҟәы автор, абаза бызшәала иҩу асонетқәа раԥхьатәи рышәҟәы автор… Абаза поезиаҿы мацәыс еимҟьараны даацәырҵын, наунагӡа уа ишьҭа анхалеит.

«Ашьхараҿ иԥшааз ашәа»

Микаель Ҷкату диит 1938 шықәса, лаҵарамза 3 рзы, Ҟарачы-Черқьессиа, ақыҭа Мало-Абазинск аҟны. Ахәыҷы раԥхьатәи ашьаҿақәа рыҟаҵара даналага иани иаби, абаза традициала ишаԥу еиԥш, ахәыҷы изымҩаԥыргеит «гыларгәыгә» (ахәыҷы иаԥхьа иқәырҵоит еиуеиԥшым амаҭәарқәа, урҭ рҟынтә иалихыз ԥхьаҟатәи иԥстазаараҿы зегь реиҳа ихы иаирхәалоит ҳәа иԥхьаӡоуп, уи ала ирдыруан изанааҭхоз – аред.). Микаель хәыҷы иалихуеит акарандашь.

Иан лгәалашәарақәа рыла, Микаель хәыҷы адәаҿы џьара бӷьыцк ибар, иманы аҩныҟа даауан, асқам хәаҷы инықәҵаны инацәкьарақәа ақьаад иақәкны акы даԥхьозшәа ус иҳәон: «таб-таб-табжьы, таб-таб-табжьы». Ииҳәоз ажәақәа аӡәгьы изеилкаауамызт, аха аритм унырратә иҟан. Аамҭак ашьҭахь, ихәыҷтәы «ритуал» иажәеинраалақәа руак аҟны игәалаиршәоит:

...Схәыҷра аасгәалашәт: абзамыҟәра –
Исзымдыруаз анбанқәа ирхасҵон сыбжьы,
Снацәкьарақәа хәмаруа ақьаадқәа ирықәныҟәон:
Таб-таб-табжьы, таб-таб-табжьы...

Раԥхьатәи аҩ-класск Микаель Ҷкату аҵара иҵон иқыҭаҿтәи ашкол аҿы. Наунагӡа игәалашәараҿы дынхеит ирҵаҩы Иан Иан-иԥа Сабо, есыҽны амаланыҟәа дақәтәаны даҽа қыҭак аҟнытә ашкол ахь иаауаз. Амш цәгьақәа раан уахынла ҳәа ашкол авара игылаз асураҿы дышьҭалон. Микаель бзиа ибон иара иахь сасра анеира, ирҵаҩы ацәымза аркны Пушкин иажәеинраалақәа дизрыԥхьон. Иан Иан-иԥа иоуп абарҭ ацәаҳәақәагьы ззикыз:

Исхашҭраны сыҟам
Ауаа хазынақәа,
Лашьцаран ианыҟоу –
Рымца ахьеиқәу сеихоит,
Уи амца лашараҿ
Сқыҭа школ ауп избо:
Дтәоуп ауаҩы,
Иҭаауеит ацәашьы…

Микаель ихәыҷра аҟынтә убасгьы наунагӡа игәаҿы инхеит ачерқьес поет, аобласттә шәҟәыҩҩцәа Рхеилак ахада Хусин Гашокови иареи реиқәшәара. Иҟалеит уи аиқәшәара Инџьықь-Ҷкәын (ҞЧА Абаза раион административтә центр – аред.) аҟны, ҭаацәарала нхара ҳәа 1950 шықәсазы иахьыиасыз. Апоет лымҳаҭасла иаҳахьан, дшыҟоу ҷкәына хәыҷык, ахәбатәи акласс аҿы итәоу, ажәеинраалақәа бзиа избо. Гашоков лымкаала ахәыҷы сиабадыруеит ҳәа сасра Микаель дизнеит, аҳамҭақәагьы изнеигеит. Анаҩсгьы, Гашоков ҷыдала Ҷкату ирҿиаратә ԥсҭазаара илаԥш ахын, уи иҩымҭақәагьы ирызкны ахҳәаақәеи, азгәаҭақәеи пошьҭала изынаишьҭуан.

Афбатәи акласс даналга, Микаель ашкол ныжьны чнырс дцоит. Ачнырцәа рыҟнытә иара иаҳаит хыԥхьаӡара рацәала алакәқәеи алегендақәеи. Урҭ зегьы ақьаад ианиҵон. Ачнырцәа рыбзоурала жәлар рашәақәа рахь абзиабара изцәырҵуеит, арахә данрыцызгьы ибжьы ҭыганы урҭ ашәақәа иҳәалон. Егьырҭ ауасагәарақәа рыҟнытә ахьшьцәа Микаель хәыҷы идҵаало ус рҳәон: «Иабашәыԥшааи «ари ашәа хәыҷы»? ҳәа – егьырҭ ԥышәырччо аҭак ҟарҵон: «Ашьхараҿ» ҳәа. Акыраамҭа ашьҭахь Микаель ишәҟәқәа руак ус хьӡыс иагьеиҭоит: «Ашьхараҿ иԥшааз ашәа» ҳәа, уаҟа ихазы абас иҩуеит:

Сгәы иабон са схаҭагьы сашәазшәа,
Ахьшьцәа акаҵәараҿы срыԥшаазшәа.

Ҳзыхцәажәо аамҭақәа рзы, Микаель қәыԥш, аҳәыс хәыҷы аӡы асыржәуеит ҳәа аӡиас аҟны иахьааигаз, уи дахәаԥшуа ихатә жәеинраала аԥиҵоит. «Раԥхьатәи сажәеинраалақәа аурыс бызшәалоуп схаҿы ишааиз. Уи уамашәа иубаратәы иҟоуп, избан акәзар уи ашьҭахь, зныкгьы жәеинраалак урысшәала иаԥысымҵеит», – иҳәон уи ахҭыс далацәажәо Микаель Ҳаџьы-иԥа.

«Алитинстиут ахь хымԥада дадкылатәуп!»

Шықәсык ашьҭах Микаель ашкол ахь дхынҳәуеит, уаҟа быжькласск дрылгоит. Уи ашьҭахь иҵараҵара иациҵоит аобласт амилаҭтә школ-интернат аҟны. Ақалақь аҿы нхара даналага инаркны, лассы-лассы абаза газеҭ аредакциа аҭаара далагоит.

«Исхашҭраны сыҟам есымша дҿаԥхаҿаччо дшысԥылоз Ҟали Џьгәаҭан (абаза литература аклассикцәа руаӡәк – аред.), – абас игәалашәон уи аамҭа Микаель Ҳаџьы-иԥа. – Акыр аџьабаа сыдибалахьан. 1954 шықәсазы, ажәабатәи акласс аҿы сантәаз, агазеҭ аҟны раԥхьаӡа акәны иркьыԥхьит сажәеинраала <…> Убри убысҟак сгәы шьҭнахит, анаҩс сыԥсҭазаара зегьы апоезиа иазыскырц сыӡбеит».

Хымз рышьҭахь агазеҭ аҟны иркьыԥхьит Микаель Ҷкату иажәеинраалақәа хԥа, анаҩс еиҳангьы акьыԥхьра иалагеит.

1955 шықәсазы ашкол даналга, Микаель Чкату иӡбоит Москваҟа дцаны Аҳәынҭқарратә атеатралтә ҟазара аинститут дҭаларц, усҟантәи аамҭазы Алитературатә институт шыҟазгьы издыруамызт.

«Аинтернат аҟны аус ауан даараӡа ӡыҩаӡара ҳаракыз адрамкружок, аобласт ақыҭарақәа зегьы рҟны иднарбон еиуеиԥшым апиесақәа, урҭ рыжәпак рҿы сара ихадоу арольқәа назыгӡон, – ҳәа атеатр ахь ихы архара зыхҟьаз еиҭеиҳәон Микаель Ҳаџьы-иԥа. – Насгьы, сырҵаҩцәа агәра ганы иҟан, ари ахырхарҭала аихьӡарақәа шысзыԥшу».

Аинститут аҿы алхратә турқәа ҩба дырхысит, ахаԥатәи аҟны иамуит. Ҷкату ишиарҳәаз ала, уи зыхҟьаз имаз акцент ауп.

Москвантәи Микаель Ставропольҟа дцоит, Аҳәынҭқарратә пединститут, аҭоурыхтә-филологиатә факультет ахь ишәҟәқәа алиҵоит, аԥышәарақәагьы қәҿиарала дырхысны иреиҳаӡоу аҵараиурҭа дҭалоит. Араҟа иара далалоит апоет қәыԥшцәа ргәыԥ, урҭ дрыцны дырҭаауан агазеҭ «Молодои ленинец» ахь иаҵанакуаз алитературатә еилазаара аиқәшәарақәа, урҭ еиҿикаауан Алитературатә институт аушьҭымҭа Владимир Гнеушев. Ус шакәызгьы, Микаель Ставрополь аҵара иҵон шықәсы заҵәык. Иҟалап, Гнеушев иаԥшьгарала акәзаргьы, Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәа Рхеилак аҭыԥантәи аусбарҭа ахантәаҩы Валентина Туренскаиа, Микаель Ҷкату Алитературатә институт дҭаларц азы адгалара ҟалҵеит. 1956 шықәса, ааԥынразы Микаель Москваҟа ишьҭуеит иажәеинраалақәа, аԥхынраз – иҿцәажәаразы даарыԥхьоит.

Аинститут арҵаҩы Александр Коваленко даараӡа дигәаԥхеит амилаҭтә поет қәыԥш. «Узықәгәыӷша, зажәа иазхәыцуа ашьхаруа. Иаразнак иубарҭан, апоезиа ацыԥхь игәы ишыҵԥхаауаз: Пушкини Лермонтови р-Кавказ бзиа ибои. Лев Толстоигьы диԥхьахьеит. Даараӡа аинтерес аҵаны «Ҳаџьы Мураҭ» дихцәажәон. Ак илҵуеит ҳәа сгәы иаанагоит», – абас иҩит Коваленко абитуриент изикыз ахҳәаа аҟны.

Апоет Степан Шьипачиов Ҷкату иажәеинраала арецензиа азызыҩуаз, арецензиа ахаҭыԥан иаахҵәаны абас иҩит: «Микаель Ҷкату хымԥада Алитинститут ахь дҳадаҳкылароуп»» ҳәа.

Убас, Микаель Ҷкату 300-ҩык абитуриентцәа рыҟнытә иалырхыз 116-ҩык рхыԥхьаӡараҿы дҟалеит, анаҩс – аԥышәарақәа ҭины Алитературатә институт иҭалаз 30-ҩык дыруаӡәкхеит. Хара имгакәа «Литературнаиа газета» ианылоит Лев Шьеглов еиҭеигаз иажәеинраала «Абзиабара».

Аинститут аҟны астудентцәа адунеизегьтәи алитературеи акультуреи рыдагьы инарҵауланы иддырҵон апоет иҟазара аизырҳашьа, ихы аус адулашьа. Астуденттә билеҭқәа рыла Пушкин ихьӡ зху атеатр лассы-лассы иаҭаауан. Аԥшьашала – иреиҳаӡоу асахьаркыратә ажәа аҟазацәа рԥыларақәа мҩаԥысуан.

«Ҳәарада, арҭ аиқәшәарақәа даараӡа аинтерес рыҵан, – ҳәа игәалаиршәалон Микаель Ҷкату. – Астудентцәа еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аԥшьашала алекциақәа рахь изымаазгьы, арҭ аиԥыларақәа бжьарыжьуамызт, урҭ рҽырхьырыгӡон! Ҳәара аҭахума, шаҟа аҵанакуазеи абас еиԥш иҟоу апоетцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи – Шолохов, Твардовски, Еренбург, Всеволод Иванов, Паустовски, Борис Чирков, Семион Липкин уҳәа убас егьырҭгьы рзыӡырҩра мацара. Арҭ аиԥыларақәа официалра ҳәа акгьы рыҵамызт, гәаартылатәи аицәажәара аформа рыман, уи, хымԥада, уԥсҭазаара зегьы иуцзаауа, узҿу аус ахь агәазыҳәара ду узцәырнымгар залшомызт».

1958 шықәсазы Микаель Ҷкату дшыстудентыз иҭижьуеит раԥхьатәи ипоезиатә еизга «Аԥхьарца аанкыланы» ҳәа хьӡыс измаз. Аҩбатәи иеизга – «Инџьиҭ амелодиақәа» ҭыҵуеит 1961 шықәсазы, Аинститут даналгоз аамҭа инақәыршәаны. Уи ашықәс Микаель изы насыԥ зцыз аамҭаны иҟалеит: ԥҳәыс дааигеит, ашықәс анҵәамҭазы аԥа диоуит.

Иуцәеиламҩашьо апоезиатә индивидуалра

Микаель Ҷкату раԥхьатәи ишәҟәқәа рыла еилкаахеит, абаза поезиаҿы дышцәырҵыз иҿыцу адунеихәаԥшышьа змоу апоет. Алитератураҭҵааҩцәа еицҿакны иазгәарҭоит, Ҷкату иаԥҵамҭақәа рҿы ишцәырҵыз уаанӡа алитератураҿы иарбамыз аҟазшьа ҷыдақәа.

«Убас, ажәеинраала «Зальым» (ашәуа хаҵа хьӡы – аред.) аҟны иааԥшуеит усҟантәи аамҭазы апоезиаҿы зынӡа иҿыцыз арҿиаратә хақәиҭра, аритмқәа реиҭныԥсахлашьа, иманшәалоу аҵыс бызшәа ахархәарақәа. Ажәеинраала «Раиса» аҟны ацәаҳәақәа реиҟарамреи, арифмақәа рхала ишьақәгылошәа рыҟазаареи, автортә интонациеи рыла иуаҳауеит иԥсабаратәу, ԥынгыла змам абаза ҳәоуртәашьа», – ҳәа иҩуеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Пиотр Чкала. Иара излаиԥхьаӡо ала, Ҷкату иажәеинраала «Шьыжьбзиа, сқыҭа гәакьа!» иреиӷьӡоу апеизажтә лирика аныԥшуеит, иҟалап 1950-тәи ашықәсқәа раантәи амилаҭтә поезиаҿы иара иреиӷьу жәеинраалазар.

ХХ-тәи ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа иара уи аҵарауаҩ абаза милаҭтә поезиаҿы аиҭаԥара аамҭаоуп ҳәа рхиҳәаауеит, уи еиҳарак изыбзоуроугьы Микаель Ҷкату иоуп ҳәа азгәеиҭоит.

«Усҟантәи аамҭазы аҭыԥантәи апоетцәа рҟынтә уаҳа аӡәы иҿы иуԥыломызт ажәеинраала абысҟатәи аекспрессиеи, амчхареи аманы, усҟантәи апоезиаҿы иреиӷьӡоу ҿырԥшқәаны иуԥхьаӡар ҟалоит иара иеизгақәа ҩба: «Агәы амшынҵа» (1967), «Ашәуа ҿыуаа» (1969)», – ҳәа иԥхьаӡоит Чкала.

Иазгәаҭатәуп, 1964-1965 шықәсқәа рзы москватәи ашәҟәҭыжьырҭақәа рҟны урыс бызшәала ишҭыҵуа Ҷкату иажәеинраалақәа реизгақәа ҩба – абас еиԥш ҳаҭырла, иара иаԥхьа абаза поетцәа рыҟнытә аӡгьы изымныҟәацызт.

Микаель Ҷкату иҿыцыз иалагалақәа рыҟнытә ихадоу аҭыԥ аанакылоит исатиратә поезиа, Зинови Папернои (асоветтә, урыстәылатәи алитературатә критик – аред.) иажәақәа рыла иуҳәозар: «асатира, аапкра аҟынӡа инагоу».

Ҳәара аҭахума, уи «аапкра» автор акыр даргәаҭеит. Апартиа аусзуҩцәа абаза поет иажәеинраалақәа рҿы игәарҭеит «асовет ԥҟарақәа рыбжьыхра». Усҟантәи аамҭазы Апартиа атәылаҿацәтәи акомитет актәи амаӡаныҟәгаҩ Михаил Горбачиов (анаҩс, Асовет Еидгыла акоммунисттә Партиа Ихадоу Акомитет амаӡаныҟәгаҩ хада, аҵыхәтәантәи Асовет Еидгыла ахада – аред.) хаҭалатәи иазҿлымҳара абзоуралоуп урҭ ацәажәарақәа ҭынч изеиқәтәаз.

Абаза, аԥсуа культурақәа рахь илагала

Микаель Ҷкату ирҿиара ашықәсқәа ирылагӡаны иҭижьит апоезиатә еизгақәа 14, абаза бызшәала ановеллақәеи алегендақәеи знылаз шәҟәык, аԥсышәала аизгақәа хԥа, урысшәала еиҭаганы аизгақәа ааба. Иара убасгьы иҭыҵит ҩ-бызшәак рыла еиқәыршәоу аизгақәа ҩба: «Асоентқәа» – абаза бызшәалеи, ԥсышәалеи, «Сара с-Аԥсны» (ажәеинраалақәеи, астатиақәеи) – урысшәалеи, аԥсышәалеи. 2011 шықәсазы иҭыҵуеит абаза бызшәала иажәеинраалақәа знылаз аизга.

Иаҳҳәар ҳалшоит Микаель Ҷкату иаҟара ашәҟәқәа ҭзыжьхьоу абаза литераторцәа рыбжьара иахьа уажәраанӡагьы даҽаӡә дшыҟам. Апоет ибзиаӡаны даанарԥшуеит «Абаза шәҟәыҩҩцәа» рбиблиографиатә еилыркаага иану иҟазшьарбага: «Иуцәеиламҩашьо апоезиатә индивидуалра».

Абаза бызшәалеи аԥсуа бызшәалеи иҩу асонетқәа рзы Микаель Ҷкату 1998 шықәсазы ианашьан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. Уи аԥхьаҟа, 1992 шықәсазы, иара ианашьан Ҟарачы-Черқьесстәи Жәлар рпоети, Аԥсны акульутра зҽаԥсазтәыз аусзуҩи ҳәа аҳаҭыр хьыӡқәа. Убасгьы иазгәаҭан абазеи аԥсуеи культурақәа рахь иҟаиҵахьаз алагала дуқәа.

Микаель Ҷкату ианакәзаалак Аԥсны дадҳәалан. Алитературатә институт аҟны аҵара аниҵоз, драбадыруеит Алықьса Гогәуеи, Владимир Анқәаби, анаҩс урҭ еиҩызцәа бзиақәахоит, арҿиаратә еимадара рыбжьалоит.

Абаза поет даараӡа Аԥсны бзиа ибон, лассы-лассы даҭаауан, араҟа иԥшаауеит ихылҵшьҭра. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, ишәҟәқәа инапы анрыҵаиҩуаз, абазала ижәла аганаҿы, аԥсуа вариантгьы – Чхәотуа, ациҵон. Аҵак ду амоуп ҳәа иԥхьаӡон аԥсуеи абазеи литераторцәеи, акультура аусзуҩцәеи, аҵарауааи реимадара. Гәаҳәарас иман, Кавказ ашьхаеибыркырала еиҟәыҭхоу, аха ҭоурыхлеи, бызшәалеи, культуралеи иаку амилаҭ еицырзеиԥшу алитературеи, алфавити рымазарц.

Зхы иақәиҭу апоет

Микаель Ҷкату иусурҭа ҭыԥқәа ртәы ҳҳәозар – шықәсык аус иуан Ҟарачы-Черқьессиатәи апединститут аҟны, аусура ҳәа уахь днашьҭын Алитературатә институт даналга ашьҭахь. Ҩышықәса аус иуан амилаҭтә газеҭ аҟны, 18 шықәса – ашәҟәҭыжьырҭаҿ редакторс дыҟан. Иара убасгьы аус иухьан аобласттә шәҟәыҩҩцәа Рхеилаки, Аҭҵаарадырратә институти рҟны.

80-тәи ашықәсқәа инадыркны аџьатә еизыҟазаашьақәа мап рцәикит, алитература мацара ихы азикит, даҽакала иуҳәозар «зхы иақәиҭу поетны» дҟалоит. Иҟалап, уи зыхҟьазгьы компромиссда иҟаз иҟазшьа акәзаргьы. Иара иман ихатә гәаанагара абаза бызшәа иазку азҵаарақәа зегь рыла: алитература, алитературатә критика, абызшәа аграмматика, амилаҭтә газеҭ ихадоу ахықәкқәа уҳәа убас егьырҭгьы. Игәаанагарагьы иаахҵәаны иҳәон, иоппонентцәагьы акритика ӷәӷәа рзиуан. Ацәа аҭаларақәа бзиа ибаӡомызт, агәра ганы дыҟан, згәы цқьоу заҵәык шракәу алитература аԥҵара зылшо.

«Дарбанызаалак ауаҩи сареи ҳаизыҟазаашьақәа абжьаратә фаза рымаӡам: ауаҩы сара дысзааигәазар, гәыла дсыдыскылоит. Дысцәымӷазар, изеиԥшразаалак еимадарак ҳабжьалар сыуӡом, – гәаартыла иҳәон апоет. – Сҩызцәа сыцәхьаҵзаргьы, сыуацәа сызгәаазаргьы, аиаша зныкгьы сацәхьамҵыцт, иахьагьы убас ауп сдунеихәаԥшышьа шыҟоу».

Амала, Микаель Ҷкату «ииаша» зегьы еиԥшны ирыдыркыломызт. Иҟан убас аамҭак, активла аҩымҭа ҿыцқәа раԥҵара дшаҿызгьы, азеиԥш литературатә ԥсҭазаара аганаҿшәа данынхаз.

Ус шакәызгьы, Микаель Ҷкату еснагь ижәлар рзы хәарҭара злаз, аинтерес зҵоу аидеиақәа гәызҳарала инапы рылаикуан. Убас, 90-ашықәсқәа рзы анаплакҩы Азамаҭ Тыкәа иидеиа дадгыланы, Ҭырқәтәыла инхо иџьынџьуаа рзы, абаза бызшәала мацара иҭыҵуа агазеҭ аус адулара далагоит. Иазгәаҭатәуп, агазеҭ аҟны ихы ишаирхәоз убри апроект азы лымкаала еиқәыршәаз алфавит. Раԥхьатәи, иагьзаҵәыкхаз агазеҭ аномер ҭыҵуеит 1992 шықәса, аԥхынразы. Аха Ҭырқәтәыла иҟоу абаза диаспора рхаҭарнакцәа, Ҷкату хаҭала агазеҭ ззигаз, ари аԥшьгара ихьшәашәаны ирыдыркылеит.

2007 шықәсазы ҩ-томкны иҭыҵуеит «Абаза поезиа антологиа». Микаель Ҷкату уи аиқәаршәаҩ иаҳасабала дықәгылеит, иагьиҩуеит инеиҵыху ажәалагала. Уаҟа иара дазааҭгылеит амилаҭтә литература аҭагылазаашьа, насгьы еиуеиԥшым азҵаарақәа рыла имоу агәаанагарақәа иаахтны дрылацәажәеит. Антологиа аҭыжьра акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит абаза культуратә ԥсҭазаараҿы.

2001 шықәсазы Микаель Ҷкату аусуразы ааԥхьара ирҭоит ҿыц иаԥҵаз Аҳәынҭқарратә абазатә театр ахь, алитература аҟәша еиҳабыс. Апиесақәа аредакциа рзиуан, ихатә пиесақәа иҩуан, адунеизегьтәи адраматургиа аклассикцәа раԥҵамҭақәа абаза бызшәахьы еиҭеигон, илшоз зегь ҟаиҵон, ахәаԥшҩы зыԥсы ҭоу, ицқьоу, абаза бызшәа асцена аҟынтә иаҳаларц азы.

Иажәеинраалақәа руак аҿы апоет иҩуеит:

Ари адгьыл сыззықәу ак ыҟоуп:
Саамышьҭахь инсыжьыр сҭахуп
Сыжәлар зхьыԥшыша ҳаракырак.

Микаель Ҷкату иԥсҭазаара далҵит 2014 шықәса, хәажәкыра 21 рзы. Ирҿиара зегьы, иара игәы ишаҭахыз еиԥш иҳаракыраны ижәлар ирзынхеит.