24001

Москватәи аԥсуа диаспора Аиааира 25 шықәса ахыҵра азгәанаҭеит аԥсуа культура афестиваль «Аԥсны» амҩаԥгарала.

Москватәи аԥсуа диаспора (МАД) раԥхьаӡа акәны имҩаԥнагеит «Аԥсны» ҳәа хьӡыс изауз аԥсуа культура афестиваль. Абри аформат ала Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәамш цәыббра 30 рзы имҩаԥысит адиаспора рхаҭарнакцәа изаамҭанытәиу реиқәшәара.

Афестиваль мҩаԥысит Москва ақалақь агәҭаны, «Красная пресня» апарк аҿы. Аԥсуа милаҭтә кәашарақәеи, ашәаҳәарақәеи ирыцлеит ԥсыуа ҵасла аҭаца лаагашьа арбара, Аҟәатәи акаҳуажәырҭа «Брехаловка» аҿтәи атмосфера, амилаҭ чысқәа рыҟаҵаразы амастер-классқәа уҳәа иҵегь ирацәаны аусмҩаԥгатәқәа.

Абри атәы еиҳа инарҭбааны >>

Москватәи аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Аграб иажәақәа рыла, адиаспора актив еиуеиԥшым аныҳәа азгәаҭара аформақәа ирылацәажәон, аҵыхәтәан ирыӡбеит акультуратә фестиваль мҩаԥыргарц.

«Ари Москва имҩаԥысуа раԥхьаӡатәи ԥсыуа фестивальуп – зегьы рзы иаарту, хәыда-ԥсада узҭаар ауа. Жәанызқьҩык рҟынӡа ауаа ҳҭааит, сгәанала, ари қәҿиара дууп. Уи, ауаа ҳамԥхьаӡаргьы иубаратәы иҟан, аҭааҩцәа зегьы рхы-рҿқәа еихаччо, ргәы алаҟаны зегьы иахәаԥшуан, иҭабуп ҳәа ҳарҳәон иара уа афестиваль анцоз аамҭазгьы, ианынҵәа ашьҭахьгьы – доусы рсоциалтә даҟьақәа рҿы», – иҳәеит Агрба.

Ари аныҳәа амҩаԥгара иаҵаз аидеологиатә ҵакы аилкаара мариоуп – ҳхы ргәаҳарԥхар ҳҭахын ҳәа ациҵеит иара. Москватәи аԥсуа диаспора ахада ихшыҩҵак ҳаилиркааит абас:

«Ауаҩы иаангьы ус ами ишыҟаҳҵо. Иҟаҳҵои аӡәы ҳаигәаԥхарц анаҳҭаху? Ҳкәашоит, ҳшәаҳәоит, ажәабжь гәырҿыхагақәа еиҭаҳҳәоит, иҳамоу ачыс хаақәа иреиӷьу ргьама иҳарбоит, аныҳәаҿақәа шьҭаҳхуеит, аԥсҭазаара ҳшазыҟоу изеиҭаҳҳәоит, афильмқәа иҳарбоит – абри еиқәысыԥхьаӡаз зегь ыҟан ҳфестиваль аҿгьы! Ҳаргәаԥхар ҳҭахын, ҳҩызцәа ргәы ҳахәарц, насгьы аҩызцәа ҿыцқәа ҳарҳарц. Иагьҳалшеит уи».