Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥнагоит акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза».
Саид Барганџьиа
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихацнаркыз акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаатуеит жьҭаара 16 рзы, иагьымҩаԥыслоит ҩымш. Афестиваль девизс иамоуп «Акзаара – акультуреи аспорти рыла».
АААК инаваргыланы афестиваль аиҿкааҩыс иҟоуп Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара». Афестиваль «Абаза» мҩаԥысуеит Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрреи, Абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилаки рыцхыраарала, иара убас Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи.
Аконгресс иатәу Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа, иҟалараны иҟоу ахҭыс ахҳәаа азуа иазгәалҭеит, Аԥсны абри еиԥш акультуратә-спорттә фестиваль амҩаԥгара ргәазырԥхаз импульсны иҟалеит ҳәа ИАЕ «Алашара» қәҿиарала Ҟарачы-Черқьестәыла имҩаԥнаго аусура аԥышәа: абар уажәшьҭа фышықәса инарзынаԥшуа ассоциациа абри аҩыза афестиваль Черқьесск имҩаԥнагоит, уи алаҵәара ду амоуп аԥсуа-абаза диаспора рыбжьара.
«Убас еиԥш ахшыҩҵак ҳазааит – Мусса Егзакь зхыҵхырҭаҿы дгылоу хәы змаӡам абри аус ду алҵшәақәа аԥсуаа идырбатәуп ҳәа. Уи аус – ҽадцаларала, уацәхьамҵӡакәа абаза культура аиҭарҿиароуп. Мусса Ҳабал-иԥа акыршықәса раахыс ҳаспортсменцәагьы афинанстә цхыраара риҭоит, хаҭала иаҳҳәозар – ақәԥаҩцәа. Абарҭқәа зегьы анеицыла, афестиваль «Абаза» Аԥсны амҩаԥгарахьы икылсит», – лҳәеит Гета Арӡынԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, акультуратә-спорттә усмҩаԥгатә хықәкы хадақәас ишамоу – агәаҳәара змоу зегьы Абазашҭа аҭоурых дырдырра, уи амилаҭтә традициақәеи, иахьатәи акультуратә, арҿиаратә ԥсҭазаашьеи зеиԥшроу дырбара, абаза ҿарацәа рабиԥара рмилаҭтә хдырра ӷәӷәаӡа ашьақәгылараҿы ацхыраара рыҭара.
Гета Арӡынԥҳа иацылҵеит, иахьатәи аҿар еиҳарак изааӡо «Аинтернет аҟынтә ироуа аинформациаоуп ҳәа, уа иуԥыло хкырацәалатәи асубкультурақәа аԥсуааи абазақәеи рмилаҭтә-культуратә дунеихәаԥшышьа зынӡагьы иашьашәалом».
«Убри анырра иахҟьаны иахьа аԥсуа уаажәларра акыр иацәыхарахеит уаанӡа аҳра зуаз абаза жәлар даракәыцла ракзаара аидеиа. Ҳара даара иаҳҭахуп, ҳажәлар раӡәкра аҿар гәыла-ԥсыла ирнырырц, акыраамҭа злакҭа уҭамԥшыц уашьа гәакьа данубо иузцәырҵуа агәырӷьара аҩыза рызцәырҵырц, иатәнатәырц. Аԥсуааи абазақәеи ҳбызшәаҿы иҟоуп убри аазырԥшуа ажәагьы – аибабара. Уи иаанагоит аиԥылара, гәаартыла аицәажәара, нас уи иацу агәырӷьара аиҩшара. Ҳашьцәа ҳзаауеит, дареи ҳареи ҳаибабарц. Аныҳәа рыманы иаҳзаауеит: рашәақәа, рыкәашарақәа азырхианы, рчысгьы рнапы иқәыргыланы. Абри аҩыза афестиваль хымԥада ҳаамҭазтәи акультуратә ԥсҭазаара иахәҭакзароуп», – ҳәа лыԥхьаӡоит Арӡынԥҳа.
Афестиваль иаҭаараны иҟоуп аспортсменцәа Адыгатәылантә, Ҟарачы-Черқьесиантә, Ҟабарда-Балкариантә, Нхыҵ Уаԥстәылантә, Ингәыштәылантә, Чечентәылантә, Даӷьсҭанынтә, иара убас ақалақьқәа Калинингради Шәачеи рҟынтә.
Акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аатуеит Гәдоуҭа, жьҭаара 16 рзы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихраҿа агаразы Зхы иақәиҭу аиқәԥаразы атурнир ала. Атурнир ҩымш имҩаԥыслоит. Жьҭаара 18 рзы афестиваль Аҟәаҟа ииасуеит, иагьацҵахоит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы акультуратә программала. Аҟәа аныҳәа хацыркхоит асааҭ 13:00 рзы, аахәлаанӡагьы имҩаԥыслоит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.