Жьҭаара 16-18 рзы Аԥсны имҩаԥысуаз акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аныҳәатә концерт ду ала ихыркәшахеит Аҟәа.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны имҩаԥнагаз раԥхьатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аныҳәа ду ала ихыркәшахеит Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы, ахәаша, жьҭаара 18 рзы.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АФОТОЛЕНТА АХӘАԤШРА >>

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАԤШРА >>

Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа асцена шьақәыргылан. Амш аҽеиҩшамҭазы арахь еизо иалагеит ақалақь ауааԥсыреи афестиваль асасцәеи. Адәы иқәыҩуан амилаҭтә музыка, иаднаԥхьалоз зегьы аныҳәатә гәалаҟара рыҭауа. Хара имгакәа асценаҿы ицәырҵит аныҳәатә программа амҩаԥгаҩцәа – Аԥсныи Ҟарачы-Черқьестәылеи еицырдыруа артистцәа – Кьасоу Ҳагбеи Аминаҭ Наԥшьԥҳаи. Урҭ аԥсшәа анырҳәа аамышьҭахь, асценахь дцәырҵит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.

Иара аныҳәа иаҭааз рахь ихы нарханы аԥсуа-абаза жәлар рҭоурых аазыркьаҿны ирзеиҭеиҳәеит, иагьазгәеиҭеит афестиваль атрадициақәа шырӷәӷәатәу.

«Ҳара Аԥсны акультуреи аимиџьи рҭыгара ҳацхраалароуп. Еилкааны иҳамазароуп, егьа ҳаицәыхаразгьы, уи ҳаибабара ишаԥырхагам. Ҳара проблемас иаҳамоу ҳаибабара ахьмаҷу ауп. Аринахыс еиҳа ирацәаны ҳаиҿцаалоит, ҳаиқәшәалоит. Ҳаицны, ҳаӡәыкны ҳаззымиааиуа ҳәа акгьы ыҟаӡам. Ҳҭоурых ахаҭагьы уи аршаҳаҭуеит. Ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥшгьы зеиԥшрахо ҳара ҳауп знапы иану, ҳара-ҳара ҳшеизыҟоу, ҳшеицхыраауа иабзоурахоит. Иахьа ҳара ҳаидгылоуп, ҳаӡәыкуп, уи алагьы иааҳарԥшит ҳаԥхьаҟагьы ҳаицны шьаҿа ӷәӷәала ацара шҳалшо», - иҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы.

Анаҩс, инеишьҭаргыланы асценахь иқәло иалагеит аԥсуеи абазеи кәашартә коллективқәа, ашәаҳәаҩцәа, амузыкантцәа.

Аконцерт аҿы Мусса Егзакь ихраҿа агаразы VIII-тәи жәларбжьаратәи зхы иақәиҭу аиқәԥаразы атурнир аҳамҭа хада анашьара мҩаԥысит. Мусса Егзакь ихраҿа иоуит Ҟарачы-Черқьесиатәи ақәԥаҩ Алан Ҭобыль (Табулов).

Афестиваль афинал аҟны аконцерт адагьы узхәаԥшыша рацәан. Аныҳәа ахьымҩаԥысуаз адәы ҭыԥ-ҭыԥла еихшан: џьара – ашәуаа ржәытә фотосахьақәа дуны икьыԥхьны еиврыԥххаа игылан, ҽаџьара – алингвистикатә хсаалақәа, урҭ инарцәыхарамкәа – Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аколлекциа аҵәахымҭақәеи Ельбырӷан ақыҭа аетнографиатә музеи аекспонатқәа рфотосахьақәеи рекспозициа.

Аныҳәаҿы изҭахыз зегьы напыла аҟаитан аԥашьеи (абостонтә ԥара), хьы-рахәыцла аӡахышьеи рзы амастер-класс иахысыр рылшон. «Инџьықь» зыхьӡу амилаҭтә театри ҞЧА акәашаратә театри рҟынтә актиорцәа ажәытә абаза ҵас ала аҭаца аҩнду лыҩнагара шымҩаԥысуаз ықәдыргылеит.

«Уамакала иџьашьахәыз ныҳәан. Сара сеигәырӷьоит схәыҷқәа сыманы сахьааз. Иахьа ҳақалақь аныҳәа ду иамҽханакны иҟан. Иҭабуп ҳәа расҳәоит аиҿкааҩцәа зегьы», – ҳәа лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит Аҟәа инхо Мадина Аҩӡԥҳа.

Жәаҳәарада, афестиваль аҭааҩцәа зегьы ачысқәа ахьықәыз аишәа иаднаԥхьалон. Абаза милаҭтә чысқәа ҷыдала афестиваль азы иҟаҵаны Ҟарачы-Черқьесиантә арахь иааргеит ИАЕ «Алашара» иатәу Аҳәса рхеилак алахәцәа.

«Уаанӡа абаза милаҭ чысқәа ргьама сымбацызт. Даргьы абысҭа рымоуп, аха уи аныхьшәашәалак ауп ианырфо са-сала ихыхны. Ҳара ҳчысқәа ргьама иеиԥшуп уҳәартә иҟоуп, аха иара убри аамҭазы излеиԥшымгьы рацәоуп. Еиҳарак сара исгәаԥхеит абаза чысхаақәа. Афестиваль ссируп. Аҟәа агәҭаны абаза чеиџьыка агьама ҳбартә ҳанбаҟалоз уи акәымызҭгьы!» – ҳәа лгәырӷьара ҳацеиҩылшеит ажурналист Наала Қаҩԥҳа.

Акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» иаҭааит атәыла аиҳабырагьы, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аԥхьа днаргыланы. Атәыла ахада афестиваль аҭыԥқәа зегьы дрылсит, абаза милаҭтә чысхкқәагьы ргьама ибеит.

Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Аслан Барцыц иазгәеиҭеит, афестиваль арҭ амшқәа рзы аԥсуааи абазақәеи шәҩыла еидызкылаз акультуреи аспорти ирныҳәа духеит ҳәа.

«Ари иналукааша хҭысхоит ҳаешьаратә жәларқәа реизыҟазаашьа аҭоурых аҿы. Ҳара ҳзы игәахәара дууп абрысҟаҩык ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи абра иахьаҳбо. Агәра ганы сыҟоуп: афестиваль «Абаза» итрадициатәу акәны иҟалоит, акырӡа шықәсагьы ҳаԥхьаҟа ҳзыргәырӷьало ныҳәахоит ҳәа», – иҳәеит Аслан Барцыц.

Афестиваль убас ала еиҿкаан, доусы игәы иақәшәо аусхк ԥшааны гәахәарала иԥсы ишьартә еиԥш. Убас, ахәыҷқәа рзы иҷыдоу аҭыԥ ылхын, уаҟа ахьыбҿар дырлахҿыхуан зегьы бзиа еицырбо амультфильмқәа рфырхацәа.

«Сара исгәалашәоит Ахәыҷқәа рыхьчара амш иазкыз аныҳәа (уигьы АААК еиҿнакааит рашәарамзазы – аред). Уи анынҵәа ҳара зегьы ҳаигәыӷуан хара имгакәа иара аҩыза даҽа ныҳәак ҟаландаз ҳәа. Сара ара даара исгәаԥхоит», – ҳәа дгәырӷьаҵәа иҳәеит бжьы-шықәса зхыҵуа Мараҭ Барцыц.

АААК абжьааԥны имҩаԥнаго аныҳәақәа ирҭаауа асасцәа милаҭ маҭәала аҽеилаҳәара ргәаԥхо иҟоуп. Акультуратә-спорттә фестиваль «Абазагьы» убас иҟоу ныҳәахеит. Уахьынаԥшааԥшуаз ԥсыуа маҭәала еилаҳәаз хәыҷи-дуи улаԥш рықәшәон. Арҭ акостиумқәа афестиваль еиҳагьы идырԥшӡон.

«Сара арахь сааит сани сҩызцәеи срыцны. Даара исгәаԥхоит зегьы. Сара амилаҭтә маҭәа аныҟәгара бзиа избоит, избанзар сара саԥсыуоуп», – иҳәеит ԥсыуа маҭәала зҽеилаҳәаны афестиваль ахь иааз аҷкәын Арсоу Гәынба.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иатәу Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа ахҭыс ацашьа ахҳәаа аҭауа иазгәалҭеит, афестиваль аиҿкааҩцәа ззыԥшыз зегь нагӡахеит ҳәа.

«Ҳаззыԥшыз зегь реиҳа ихадароу ҟалеит: аԥсуааи абазақәеи ҿарацәа дара-дара еибаҳарбеит,еибаҳардырит. Иацы афестиваль азырхиараан ицхыраауан аԥсуа, абаза волонтиорцәа. Ҳара еибаҳарбеит уаанӡа еибазымдыруаз [арҿиаратә] коллективқәа. Ааи, ҳәарада, аимадарақәа еснагь иҟан, аха афестиваль – ҳазегь џьарак ҳаидызкыло ҵакырахеит. Зегь еиқәшәшәа иҟалеит, ҳара даара ҳаигәырӷьоит [Аԥсны] иахьҳадаҳкылаз раԥхьатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза», - лҳәеит Арӡынԥҳа.

Лара еиҭалҳәеит афестиваль азырхиара, уи аиҿкаара аамҭа рацәа шагаз.

«Даара акыраамҭа ҳазыԥшын ари амш, ирацәаны ҳҽазыҟаҳҵон иара, иҳаду аҭакԥхықәра еилаҳкаауан. Ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны ашьханхыҵтәи ҳашьцәа абас рҽеидкыланы рҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааит: аделегациа иалахәын шәҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Ҳара ҳзы ихадаран ҳҭоурыхтә, ҳмилаҭтә, ҳбызшәатә акзаара аарԥшра», – лҳәеит Гета Арӡынԥҳа.

Афестиваль хәлаанӡа ацара иаҿын, ажәлар еибабон, инеиааиуан, еицгәырӷьон.

Аԥсны имҩаԥысыз раԥхьатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» хацыркын жьҭаара 16 рзы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы ихраҿа агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥара атурнир ала, иагьцон хымш.