Аԥсуа журналист Саида Жьиԥҳа шәҟәык аҿы еидылкылеит қәҿиарала зхы аазырԥшыз Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа.

Саид Барганџьиа

Аԥсуа журналист Саида Жьиԥҳа иҭлыжьыз ашәҟәы-альбом «Амра ашәахәақәа» еиднакылоит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аихьӡара дуқәа зауз аԥсуа-абаза жәлар ахаҭарнакцәа 67-ҩык рҭоурыхқәа. Ари ашәҟәы аҭыжьра азкуп аԥсуа-абаза жәлар мчыла Османтәи аимпериахь рхырҵәара 155 шықәса ахыҵра (ахҵәара мзызс иамоу Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш есышықәса иазгәарҭоит лаҵарамза 21 рзы – аред.)

Автор АААК аинфопортал иазеиҭалҳәеит, хьӡи-ԥшеи змоу ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ирызкны ашәҟәы аҩра аидеиа шлызцәырҵыз 2018 шықәса лаҵарамзазы Ҭырқәтәыла даҭааны даныҟаз аамҭазы. Усҟан лколлега Зарина Кәаӷәаниаԥҳаи лареи хы-мчыбжь инарзынаԥшуа Адаԥазар ақалақь иҟан, рҩыза Иуџьаль Чықьԥҳа (Сергьегьиа) лҟны. Ажурналист лажәақәа рыла, ари аамҭа иалагӡаны дара ирдырит Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟны инхо аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа рацәаҩны. Урҭ рахьтә аӡәырҩы доусы рзанааҭқәа рыла аихьӡара дуқәа роухьеит, Ҭырқәтәыла аҩнуҵҟа хьӡи-ԥшеи рыманы иҟоуп, ҳаҭыр дугьы рықәуп.

«Сара даараӡа агәахәара соуит ҳашьцәа Ҭырқәтәыла абас иахьырдыруа, ирылаҽхәо, ҳаҭыр ду рықәырҵо иахьыҟоу. Убасҟан иагьысҭаххеит дара рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟынгьы рыбзиаӡбахә раҳарц, Аԥсны рыхьӡқәа рдыруа иҟаларц. Абас сагьазааит шәҟәык аҿы дара зегь реидкылара аидеиа. Убасҟан салагеит «Амра ашәахәақәа» аус рыдулара», – ҳәа еиҭалҳәеит Саида Жьиԥҳа.

Автор илгәалалыршәоит, Ҭырқәтәылантәи данаа, лыгәҭакы нагӡашьас иаиуша дазхәыцуа, лҩызцәеи лдырцәеи рҟынтә адгылара дашьҭало дшалагаз.

«Абри ашәҟәы адунеи ахьабаз рыбзоуроуп хыԥхьаӡара рацәала ацхыраара сызҭаз ауаа», – лҳәеит Жьиԥҳа.

Абасала лҽеиқәыршәаны автор ҩаԥхьа Ҭырқәтәылаҟа дцеит 2019 шықәса алагамҭазы мызки бжаки ҳәа. Абри аамҭа иалагӡаны еизылгеит хәы змаӡам, иуникалтәу аматериал.

«Ара иҟоуп еицырдыруа аполитикцәа, арежиссиорцәа, абизнесуаа, абанкирцәа, адизаинерцәа, аруаа, аҵарауаа уҳәа убас егьырҭгьы. Дара зегь рҭоурыхқәа хаз-хазуп, аха еидызкыло, ихадароу акоуп – милаҭла зегь аԥсыуаауп», – лҳәоит ажурналист.

Ашәҟәы иагәылалаз аочеркқәа зызку ируаӡәкуп, иаҳҳәап, зыхьӡ нагоу ҭырқәтәылатәи арежиссиор Езель Ақаҩба, мамзаргьы Ҭырқәтәыла зегьы еицырдыруа актиор Серқан Аиқәысба; жәларбжьаратәи акатегориа змоу аспорт ӡбаҩы Уур Бганба, Сҭамԥыл иҟоу аԥсуа ҭхаџьырҭа аԥшәма Ҳалиуқ Саӡба уҳәа.

Ашәҟәы иагәылоу афырхацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәагьы: Леон иорден занашьоу Альпер Бганба, убасгьы археолог Зелиха Ажьиԥҳа, лара аибашьраан 19 шықәса ракәын илхыҵуаз. Аҵарауааи аҳақьымцәеи рахьтә ашәҟәы иагәылалеит апрофессорцәа Сима Агрԥҳаи Оздан Аҩӡбеи рҭоурыхқәа, иара убас Анкара иҟоу Кавказтәи аҭҵаарадырратә фонд адиректор Мухеттин Гьечба, Сҭамԥыл иҟоу ашәҟәҭыжьырҭа адиректор Ерол Кәышба, Османтәи аимпериа архив аспециалист Беқьир Ҳапат, адунеи аҿы иреиӷьӡоу аблаҳақьымцәа хәҩык ирхыԥхьаӡалоу Зеқьи Лацәышба уҳәа рҭоурыхқәа.

Аполитикцәа рҟынтә ашәҟәы автор аинтервиу лызҭаз дыруаӡәкуп Ҭырқәтәыла агәабзиарахьчара аминистр иабжьгаҩ, Ҭырқәтәыла ахада иусбарҭа аексперт Кадыр Абаӷба. Ашәҟәаҿы иуԥылоит иара убас иахьазы тәанчара ицахьоу аруаҩ Уасман Лацәашбеи апрофессионалтә боксиор Енвер Бзагәеи рҭоурыхқәа.

Ииашаҵәҟьаны, шәҟәык аҿы еидкылоу афырхацәа даара еиуеиԥшым, иара қәрала иугозаргьы. Иреиҳабӡоу ашәҟәы афырхаҵа – Лиутфи Ажьиба 106 шықәса ихыҵуеит. Саида Жьиԥҳа иазгәалҭеит, лара лзы акырӡа шаҵанакуаз абырг иацәажәара, «избан акәзар иара игәалашәараҿы инханы иҟоуп иџьашьахәу ажәабжьқәа рацәаӡаны». Иахьа Лиутфи Ажьиба иҭаацәеи иареи нхоит Каиалар ақыҭан, Адаԥазар иацәыхарамкәа. Ашәҟәаҿы иаагоу зегь реиҳа иқәыԥшӡоу аҭыԥҳа Назре Алкин 25 шықәса лхыҵуеит, аус луеит еицырдыруа Сҭамԥылтәи ашьапылампылтә клуб «Фенербахче» ахада имаӡаныҟәгаҩыс.

Ажурналистка шықәсык иназынаԥшуа ашәҟәы аус адылулон. Иааидкыланы ашәҟәы-альбом иагәылалеит афырхацәа зну ҳаамҭазтәии архивтәи афотосахьақәа 200. Аҭыжьымҭа х-бызшәак рыла еиқәыршәоуп: аԥсышәала, ҭырқәшәала, урысшәала. Автор лажәақәа рыла, лусураҿы еиҳарак ауадаҩрақәа лԥызгалоз бызшәала аибамкра акәын.

«Сфырхацәа шьоукы-шьоукы аԥсышәала ицәажәоит, аха реиҳараҩык абызшәа рыздырӡагәышьом. Сара сакәзар, аҭырқәшәа бзианы исызҳәаӡом. Ҳәарада, сҩызцәа сыцхраауан, ҳажәаҳәа еиҭаргон, аха абри зегьы аус акыр иароуит. Иҟан хԥа-ԥшьба сааҭ ҳазгоз аиҿцәажәарақәа», – лҳәеит Саида Жьиԥҳа.

Ашәҟәы ахьӡ алхрагьы машәырны иҟамлаӡеит.

«Зыӡбахә сҳәо Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи адунеи иахьалаԥсоугьы амра ашәахәақәа реиԥш рҭоурыхтә ԥсадгьыл аԥхарреи алашареи ларҵоит», – лҳәоит автор.

Аԥсуа журналист Саида Жьиԥҳа лышәҟәы «Амра ашәахәақәа» 300 цыра атираж аманы иҭыҵит. Автор лхатә гәаԥхарала 200 цыра лшоит ашәҟәы иану афырхацәа рхаҭақәеи, урҭ рыуацәеи рыбжьара, иара убас Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа иазынлажьуеит. Иаанхо шә-цырак Аԥсны амузеиқәеи, абиблиотекақәеи, ашәҟәы-альбом аԥҵара иалахәызи ирыҭахоит.