Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, иҳаҩсыз амчыбжь иалагӡаны Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 ачымазара ахҭысқәа 161 аарԥшуп, агәаҭара иахысит 1468-ҩык ауаа.
Саид Барганџьиа
Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыдырбалеит 161-ҩык ауаа. COVID-19 аарԥшразы агәаҭарақәа ирхысит 1468-ҩык. Абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аоперштаб адыррақәа рыла, абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 34-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьтә акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык ыҟоуп. Рҭагылазаашьа хьанҭоуп ааҩык, 19-ҩык бжьаратәуп. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 10-ҩык акоронавирус зцәа иалоу апациентцәа, Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҿы – ԥшьҩык, Тҟәарчал – хҩык, Гагра – 11-ҩык,
Аҟәа еиҿкаау амобилтә госпиталь аҟны 18-ҩык.
«Иахьазы иааидкыланы Аԥсны ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 12861 ыҟоуп. Урҭ рахьтә 12387-ҩык ргәы бзиахеит, 202-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит», – ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчарарзы аоперативтә штаб Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Аԥсны аус ауеит аимадара ҷыда аномерқәа, урҭ рыла уасны COVID-19 иазку иарбанзаалак аинформациа уоур улшоит, иара убас асециалист иконсультациагьы.
Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи асыр рылшоит абарҭ аномерқәа рыла: 995–02–07, 935–30–71, Очамчыра ауааԥсыра рзы 925–10–09, Тҟәарчал 925–10–03, Гал 925–10–07, Гагра 925–10–05, Гәдоуҭа 925–10–02, Агәӡера 925–10–04.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.