м

Саид Барганџьиа

Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыдырбалеит 406-ҩык ауаа. COVID-19 аарԥшразы агәаҭарақәа ирхысит 3400-ҩык. Абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб адыррақәа рыла, абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 109-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьтә акоронавирус зцәа иалоу 93-ҩык ыҟоуп. Рҭагылазаашьа хьанҭоуп 25-ҩык, 51-ы бжьаратәуп. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 33-ҩык акоронавирус зцәа иалоу апациентцәа, Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҿы – 17, Тҟәарчал – 7, Гагра – 31, Аҟәа еиҿкаау амобилтә госпиталь аҟны 41. 

«Иахьазы иааидкыланы Аԥсны ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 11564 ыҟоуп. Урҭ рахьтә 9902-ҩык ргәы бзиахеит, 178-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит», – ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчарарзы аоперативтә штаб Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Аԥсны аус ауеит аимадара ҷыда аномерқәа, урҭ рыла уасны COVID-19 иазку иарбанзаалак аинформациа уоур улшоит, иара убас асециалист иконсультациагьы.

Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи асыр рылшоит абарҭ аномерқәа рыла: 995–02–07, 935–30–71, Очамчыра ауааԥсыра рзы 925–10–09, Тҟәарчал 925–10–03, Гал 925–10–07, Гагра 925–10–05, Гәдоуҭа 925–10–02, Агәӡера 925–10–04.