Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, иҳаҩсыз амчыбжь иалагӡаны Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 ачымазара ахҭысқәа 563 аарԥшуп, агәаҭара иахысит 2594-ҩык ауаа. 

Саид Барганџьиа

Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыдырбалеит 563-ҩык ауаа. COVID-19 аарԥшразы агәаҭарақәа ирхысит 2594-ҩык. Абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб адыррақәа рыла, абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 134-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьтә акоронавирус зцәа иалоу 116-ҩык ыҟоуп, даҽа 18-ҩык чмазаҩуп ҳәа агәҩара рзыҟоуп. Рҭагылазаашьа хьанҭоуп 19-ҩык, 30-ҩык бжьаратәуп.

Мчыбжьык ала згәабзиара ҭышәынтәалаз 60-ҩык атәылауаа ахәышәтәырҭа илҩаауп. Аоперштаб адырра ҟанаҵоит, Аҟәа, асасааирҭа «Аиҭар» иахьаҵанакуа аусура иалагаз амобилтә госпиталь аҟны акоронавирус зцәа иалоу 64-ҩык апациентцәа шышьҭоу.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирус зыхьыз ҳтәыла апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. 

Агоспиталь Аԥсныҟа иааит Ставропольтәи атәылаҿацә иатәу Буденновск ақалақь аҟынтәи. Иааидкыланы иаҳзааит 113-ҩык аруааи 30 рҟынӡа арратә техника акқәеи. 

Амобилтә госпиталь иаднакылар алшоит 150-ҩык рҟынӡа апациентцәа. 

Уаҟа ишьҭоу апациентцәа рахьтә 61-ы рҭагылазаашьа бжьаратәуп, хҩык – хьанҭоуп.

«Иахьазы иааидкыланы Аԥсны ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 4302-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 2314-ҩык ргәы бзиахеит, 42-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит», – ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчарарзы аоперативтә штаб Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Аԥсны аус ауеит аимадара ҷыда аномерқәа, урҭ рыла уасны COVID-19 иазку иарбанзаалак аинформациа уоур улшоит, иара убас асециалист иконсультациагьы.

Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи асыр рылшоит абарҭ аномерқәа рыла: 995–02–07, 935–30–71, Очамчыра ауааԥсыра рзы 925–10–09, Тҟәарчал 925–10–03, Гал 925–10–07, Гагра 925–10–05, Гәдоуҭа 925–10–02, Агәӡера 925–10–04.