Авокал-инструменталтә ансамбль «Аҧсны-67» аҧҵан 1967 шықәсазы. Агәыҧ еиҿыркааит азанааҭеидгыла аусзуҩцәа ркультура Ахан аҿы, хаҧшьгарак аҳасаб ала. Ансамбль аусура дахылаҧшуан акультура Ахан аиҳабы Шамиль Ҩардан. Уи ибзлурала ансамбль ақәгыларақәа мҩаҧысуан Аҧсны анҭыҵгьы, СССР ақалақьқәа рҿы.
Ансамбль арепертуар ахь иаҵанакуеит аҧсуа поетцәеи акомпозиторцәеи раҧҵамҭақәа. 1968 шықәсазы «Аҧсны-67» агастрольқәа аманы иқәгылан ГАР (Германтәылатәи Адемократиатә Республика - аред. изгә.). Ақәгыларақәа мҩаҧысуан атәыла ақалақьқәа 18 рыҟны, иара убасгьы Карл-Маркс иира амш инамаданы аконцерт еиҿыркааит Карл-Маркс-Штадт ақалақь аҿы.
Ашықәсқәа цон, ансамбль аилазаара аҽаҧсахуан, аха жәлар рыбзиабара шыҟац иаанхеит. АИА «Аҧсны-67» ауаа бзиа ирбеит, избанзар ашәақәа мариоуп, еихышәшәоуп, ҟазарала иҩуп, насгьы агәыразра рныҧшуеит. Иахьа АИА «Аҧсны-67» ақәгыларақәа ирылахәуп - Нодар Саӷариа, Рафаил Гагулиа, Геннади Бебиа, Аркади Қриа, Лиудмила Гәымҧҳа. Ансамбль инанагӡо ашәақәа 100 еиҳауп. Урҭ рыҟнытә ҩажәи жәаба анылеит 2007 шықәсазы иҭыжьыз ансамбль раҧхьатәи альбом «Аҧсны-67. Ахьтәы коллекциа».
АИА «Аҧсны-67» аус зуаз амузыкантцәа рсиа
Ардашьыл Аҩӡба (авокал),
Геннади Бебиа,
Рафаил Гагулиа,
Иури Гериа (абас),
Лиудмила Гәымҧҳа (авокал),
Светлана Дбарҧҳа (авокал),
Шьалуа Какиашвили (асгатәқәа),
Сергеи Киракозов (аконферансие),
Аркади Қриа (авокал),
Валентин Лысенко (атромбон),
Илиа Мацкелашвили (авокал),
Роберт Митичиан (амузыкатә напхгаҩы),
Нодар Саӷариа (анапхгаҩы),
Важьа Чубениӡе (агитара).
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.