Аҟәа имҩаԥысит есышықәсатәи апремиа «Ашықәсан иреиӷьу асахьаҭыхҩы» анашьара.

Аԥсны акультура аминистрреи Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи еицаԥырҵаз апремиа «Ашықәсан иреиӷьу асахьаҭыхҩы» ланашьан аҟаза қәыԥш Сабина Кәарҷелиаԥҳа.

Апремиа аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, сынтәа иреиӷьу асахьақәа алызкаауаз аекспертцәа ирыдгалан шәкы инареиҳаны аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа, еиуеиԥшым жанрла инагӡаз. Нас убарҭ рҟынтә 73 сахьа алхны аконкурс ахь инашьҭын. Абарҭ аусумҭақәа зегьы Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны ихшьын апремиа иаиааиқәаз рыхьӡ анрыларҳәоз аҽны.

Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы инхо асахьаҭыхҩы қәыԥш Сабина Кәарҷелиаԥҳа лзы апремиа аиааира зынӡа дыззыԥшымыз акакәын. Лара раԥхьаӡа акәны ари аконкурс далахәын, иаразнак аиааирагьы лгеит.

Сабина дхәыҷаахыс дҭыхуеит. Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟны аҵара лҵон, анаҩс дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет. Уи даналга, лҵара иацылҵон Швеицариа, Аҟазаратә университет аҟны. Иахьазы аҟаза қәыԥш асахьаҭыхра длырҵоит Аҟәатәи ақәыԥшра аҩнаҿы. Сабина аконкурс ахь иаалышьҭыз аусумҭа иахьӡуп «Дучка даԥхьоит». Асахьа ҭыхын 2019 шықәсазы. Уа даарԥшуп асахьаҭыхҩы ланду лаҳәшьа Дучка. Асахьаҭыхҩы излалҳәаз ала, анду «лҿы налырҳәит», избанзар уи аамҭазы дҭырхыр лҭахӡамызт.

«Сара еснагь анатура сақәԥшны сҭыхуеит. Еиҳарак, аԥсабара, ма сыкәша-мыкәша иҟоу ауаа. Сара схатә коллекциаҿы аусумҭақәа даара ирацәоуп», – лҳәеит апремиа «Ашықәсан иреиӷьу асахьаҭыхҩы» алауреат.

Аҩбатәи аҭыԥ ланаршьеит асахьаҭыхҩы Мактина Ҵәыџьԥҳа лсахьа «Аԥхыӡ» азы, ахԥатәи аҭыԥ игеит Адгәыр Ԥлиа исахьа «Аӡиа Риҵа» азы.

Аԥсны акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Беслан Гәырџьуа иҳәеит, аиааира згақәаз зегьы аԥаратә ҳамҭа шранашьахо.

«Ари аконкурс алаҵәара бзиа амоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рыбжьара. Гәахәара дууп, уи аиҳабацәа рабиԥарахь иаҵанакуа асахьаҭыхцәа инарываргыланы аҿарацәагьы рхы ахьаладырхәуа, дара рзыҳәан аиааира – гәацԥыҳәароуп, рырҿиараҿы еиҳа активла еизнарҳауеит», – иҳәеит Гәырџьуа.

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа иганахьала иазгәеиҭеит аконкурс ишалахәыз апрофессионалтә сахьаҭыхцәа реиԥш астудентцәагьы.

«Ҳара ари зыҟаҳҵо (астудентцәагьы алахәхарц алшара заԥаҳҵо – аред.) – арҿиара знапы алаку ауаа ирдырларц азоуп русумҭақәа ааганы ицәырыргар шрылшо, иаҳагьы аусура рҭахны иҟаларц. Астудентцәа русумҭақәа радгылара иақәшаҳаҭымгьы ыҟоуп, аха сгәанала ус иҟазар иашоуп. Сынтәа апремиа занашьоу уаанӡа аиааирақәа зымгацыз аҟаза қәыԥшцәа роуп. Абас уаналыркаауа еиҳагьы уеиӷьхар уҭаххоит, ҳтәылаҿы аҿыханҵа еиҳагьы иҿиаратәы иҟалоит», – ҳәа иԥхьаӡоит иара.

Аҽны апремиа анашьара иаҭааз аҿарацәа рацәаҩын, дара рзыҳәан аҿыханҵеи иааидкыланы арҿиареи – рыԥсҭазаара агәы азҭазҵо мчуп.

«Сара ҳаԥхьаҟа аконкурс схы аласырхәуеит. Еснагь аҭыхра саҿуп, иҭысхуа рацәоуп, сҭыхшьақәагьы хаз-хазуп, схәыҷаахыс снапы алакуп ари аус. Акраҵанакуеит, сгәанала, ари апремиаҿы аусумҭақәа рыхә зшьо апрофессионалцәа нагақәа ахьракәу. Ус анакәха, иуго аиааирагьы ахә иаҳа иҳаракхоит, аконкурс ахаҭагьы ахьӡ иацлоит», – иҳәеит асахьаҭыхраҿы раԥхьатәи зшьаҿақәа ҟазҵо Алан Сангәлиа.

Апремиа «Ашықәсан иреиӷьу асахьаҭыхҩы» раԥхьаӡа акәны анашьара мҩаԥысит 2002 шықәсазы. Ари аамҭа иалагӡаны аконкурс алаҵәара ду аиуит аԥсуа сахьаҭыхцәа рыбжьара, есышықәса уи активла рхы аладырхәуеит. Ҵыԥх иреиӷьу сахьас иалкаан аԥсуа ҟаза Баҭал Џьапуа исахьақәа рсериа «Аԥсықәҵара». Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Адгәыр Амԥар исахьа «Тамилеи Роберт Кампен иқәылаҩи», ахԥатәи апремиа ланашьан Диана Хынҭәԥҳа лусумҭа «Арка. Сара исыхьӡуп аҟаԥшь» азы.