Аԥсны Аҳәынҭқарра (Аԥсны) – ихьыԥшым, идемократиатәу, азин аҳра ахьауа ҳәынҭқарроуп, ҭоурыхла ишьақәгылеит ажәлар рыхҳәаақәҵаразы ирымоу азин шьаҭас иҟаҵаны. Аҳҭнықалақь – 2500 шықәса инареиҳаны изхыҵуа Аҟәа ауп.

Агеографиа

Аԥсны Аахыҵ Кавказ аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҟны ишьҭоуп аӡиасқәа Ԥсоуи Егри рыбжьара, алада-мраҭашәарахьала Амшын Еиқәа иаҿықәуп. Аҟәара аура 210 километра инаӡоит. Ашьхақәа Аԥсны аҵакырадгьыл 64% ааныркылоит, абнара – 57%. Аҩадахьала Аԥсны Урыстәыла идуп, алада-мрагыларахьала – Қырҭтәыла.

Аҳауа

Аԥсны амшыни ашьхақәеи рыбжьара иахьышьҭоу аҳауа аҭагылазаашьагьы ианыруеит. Амшын аҿықәан аҳауа цәаакуп, исубтропикатәуп. Ашықәсан абжьаратә ҳауаԥхарра +15°C ыҟоуп.

Аҳҭнықалақь

Аҟәа аҭоурых ахы акит 2500 шықәса раԥхьаҟа, ажәытә бырзен қалақь Милет иқәҵны ара иқәнагалаз аколонистцәа рыла. Араҟа дара ақалақь-баӷәаза Диоскуриа ашьапы ркит, ахәаахәҭра мҩаԥыргон. Еиуеиԥшым аҭоурыхтә аамҭақәа раан ақалақь рнапаҿы иааргон аурымқәа, византиаа, агенуезцәа, аҭырқәцәа. Ҳера аныҟала раԥхьатәи ашәышықәсақәа рзы иҟалаз адгьылҵысрақәа ирыхҟьаны амшын ааскьан ажәытә Диоскуриа аҵәахит, аҩадахьтәи ахәҭак ада. Убри еиқәхаз ахәҭаҿоуп анаҩс иааз аурымцәа рхырӷәӷәарҭа Себастополис ахьдыргылаз, рыргьы ахьдыртәаз. Абжьарашәышықәсақәа раан абаа рнапахьы иааргеит  аҭырқәцәа, хьӡысгьы иарҭеит Сухум-Кале. Абарҭ аамҭақәа зегьы иргәылсны ҳара ҳҟынӡа иааӡеит ашьагәыҭ жәлар ари ақалақь иарҭаз ахьӡ – Аҟәа.

Ауааԥсыра

Аԥсны – амилаҭеилаԥса зқәынхо тәылоуп, ауааԥсыра рзеиԥш хыԥхьаӡара 240 нызқьҩык инареиҳауп. Ашьагәыҭ жәлар аԥсуаа роуп – Кавказ иахьаҵанакуа реиҳа ижәытәӡоу амилаҭқәа иреиуоу.

Адин

Аԥсны ақьырсианра ныҟәыргоит (аиашахаҵаратә), иара убас амсылманра (асунниттә), ирацәаҩуп ижәытәӡоу аԥсуа дин иацныҟәогьы. Убас, Аԥсны иҟоуп зылԥха ҳауша аныхақәа быжьба, Абжьныха рымч агәра зго иахьагьы имаҷӡам, ацқьаҭыԥқәа ирхылаԥшуа аныхаԥааҩцәагьы шьҭрала ишааиц иааиуеит. Ажәлар зегьы еицырзеиԥшу аныха хадақәа быжьба рынахыс аԥсуаа жәлацыԥхьаӡа ажьирақәа рымоуп.

Ақьырсианра ажәла Аԥсны икашәеит I ашәышықәсазы, Анцәа иажәа арахь иаазыцҳазгьы Иаса Қьырса иҵаҩцәа – апостолцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи роуп. Питиунт (иахьатәи Пицунда) – Кавказ иахьаҵанакуа ақьырсианра ахы ахьакыз, анаҩсгьы алаҵәара ахьынтәаиуз қалақьуп. IV ашәышықәсазы араҟа ақьырсиан хеилак ҟалахьан, Сафрони зыхьӡыз аҷҟәандар дтәан. Анаҩс 325 шықәсазы Питиунт аҷҟәандар Стратофил далахәын аурым император Константин I ирылеиҳәаз раԥхьаӡатәи Ақьырсиан еизара ду, иара мҩаԥысит Никеиа ақалақь (иахьатәи Изниқ, Ҭырқәтәыла).

Уи аахыс 20 шәышықәса ирылагӡаны Аԥсны идыргылеит ауахәамақәа 140 инареиҳаны. Урҭ рахьтә ирацәоуп еиқәхаз, иахьагьы аныҳәарақәа иахьырҿу.

Амсылманра раԥхьаӡа акәны Аԥсны иқәнагалеит VII ашәышықәса анҵәамҭазы, аха ашьаҭа анакыз акырӡа ихьшәаноуп – XVIII ашәышықәса анҵәамҭазы, араҟа Аосман империа анырра аныӷәӷәаз. 2003 шықәсазы имҩаԥгаз асоциологиатә зҵаара алҵшәақәа рыла, сымсылмануп ҳәа рхы рыԥхьаӡоит атәыла ауааԥсыра 16%.

Аԥсуара

Ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа аԥсуаа рҭоурых иацҿион иуникалтәу рхатә кульутрагьы, уи шьаҭас иамоуп ажәлар руаҩышәаратә-етикатә кодекс аԥсуара.  

Акультуреи абызшәеи

Аԥсуа милаҭтә культура абеиарақәа рахь иаҵанакуеит апоетикатә, амузыкатә фольклор, ашәақәа, акәашарақәа. Аԥсуа культура уасхырс иамоу аԥсуа бызшәа иахьа ҩ-диалектк рыла иаарԥшуап: абжьуатәи бзыԥтәи. Аԥсуа литературатә бызшәа аҩ-диалектк рбеиарала еибаркуп: асинтаксис – абжьуатәи адиалект шьаҭас иаиуит, алексика – бзыԥтәи. Иахьатәи аԥсуа ҩыра акириллица шьаҭас иамоуп. Аԥсуаа ркультуреи рҵас-қьабзқәеи зегь реиҳа ирзааигәоуп аешьаратә нхыҵ-кавказтәи ажәларқәа: ашәуаа, аедыгьаа, аҟабардақәа, ачерқьесцәа, аубыхцәа. Бызшәалагьы арҭ амилаҭқәа зегьы еигәыцхәуп – Кавказтәи абышәатә ҭаацәара аԥсуа-адыга махәҭа еиднакыло роуп.

Аҳәынҭқарратә форма

Аԥсны Аҳәынҭқарра – апрезиденттә республикоуп. Атәыла ахада – апрезидент – хәышықәса ҿҳәарас иманы далырхуеит.