Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иастудентцәоу аԥсуа поет ҿарацәа ражәеинраалақәа абаза бызшәахьы еиҭаганы акьыԥхь рбеит.
Саид Барганџьиа
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара зҵо аԥсуа поет қәыԥшцәа – Аинар Ҷыҭанаа, Инал Гыцба, Шьарида Қаԥшь ражәеинраалақәа абаза бызшәала ицәажәеит. Иааизакны еиҭагоуп 14 жәеинраала. Убри атәы АААК Аинфопортал иазеиҭеиҳәеит Ахра Анқәаб – аԥсуа, абаза ҿар реизааигәатәра хықәкыс измоу апроект «Абазгаа» анапхгаҩы. Иара убри апроект аҳәаақәа ирҭагӡаноуп ажәеинраалақәагьы зеиҭагаз.
«[Абаза бызшәахьы] еиҭагаз ажәеинраалақәа зегьы кьыԥхьын агазеҭ «Абазашҭа» аҟны. Ари, ҳәарада, аԥсуа-абаза студенттә ҿар реизааигәатәразы шьаҿа ӷәӷәоуп, шьаҿа бзиоуп. Ажәеинраалақәа еиҭалгеит еицырдыруа апоетесса Фатима Апсова», - иҳәеит Анқәаб.
Авторцәа руаӡәк – Инал Гыцба ихыҵуеит 25 шықәса. Ажәеинралақәа рыҩра иҽазишәо далагеит жәашықәса раԥхьаҟа. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа акьыԥхь рбеит гәдоуҭатәи араионтә газеҭ «Агара» адаҟьақәа рҟны. Анаҩс иажәеинраалақәа цәырҵуа иалагеит апоет ҿарацәа рырҿиара иазку ауниверситеттә журнал «Аԥсынгьери» аҟны. Иара убасгьы, апоет қәыԥш иажәеинраалақәа икьыԥхьхьеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу ауаажәларратә-политикатә журнал «Алашара» аҟны.
2015 шықәсазы иҭыҵуеит Инал Гыцба иажәеинраалақәа реизга – «Сара сгәеисра – сара саамҭа». Инал Гыцба еиҭеиҳәеит, иажәеинраалақәа аԥсуа бызшәа аҟнытә аурысшәахь цәаҳәалатәи реиҭага шазлырхиаз Алина Жьиԥҳа, нас аурысшәа аҟнытә абаза бызшәахьы еиҭалгеит Фатима Аԥсова.
«Ҳәарада, апоет қәыԥшцәа зегьы ҳзы ари акрызҵазкуа хҭысуп, избан акәзар ҳажәеинраалақәа раԥхьаӡа акәны абаза бызшәала ицәажәеит. Уи ихадоу акы акәны иҟоуп [ашәуааи аԥсуааи ҳабжьара] акультуратә еимадара арӷәӷәара аус аҟны», - иҳәеит аԥсуа поет.
Агазеҭ «Абазашҭа» асоциалтә-економикатә ҟәша аредактор хада Аминаҭ Ӡыгәа илгәалаларшәеит, 30 шықәса (арысҟаамҭа ҵуеит агазеҭ аҟны аус луеижьҭеи) раԥхьаҟа аредакциаҿы лассы-лассы абаза бызшәахьы ишеиҭаргоз аԥсуа поетцәа раԥҵамҭақәа. Аха, аҵыхәтәантәи 25 шықәса рыҩныҵҟала, иазгәалҭоит Ӡыгәа, абаза бызшәахьы еиҭагоу аԥсуа жәеинраалақәа агазеҭ ианымлацызт. Убри аҟнытә, ари иналукааша хҭысуп.
«Хаҭала сара исҭахуп, аҟазара злоу аԥсуа поет ҿарацәа рыӡбахә ашәуаа ирдыруазарц. Даара акраҵанакуеит, урҭ ражәеинраалақәа абаза бызшәала аԥхьаразы алшара ахьыҟоу. Уи аинтерес ацуп, иара убасгьы ҳаизааигәанатәуеит. Ибзиахон, абаза поет ҿарацәа ражәеинраалақәагьы аԥсуа бызшәахьы еиҭагазар», - лҳәеит Ӡыгәа.
Апроект «Абазгаа» аус ауеит – ауаажәларратә еиҿкаара ИАЕ «Алашара» анапхгарала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Ҟарачы-Черқьессиатәи аҳәынҭқарратә университети ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны. Апроект аҟны иарбоуп, аԥсуа, абаза ҿар реимадара арӷәӷәаразы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара. Иаҳҳәап, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысхьеит еицырдыруа аԥсуа поет, алитературадырҩы Владимир Анқәаб ииубилеи иазкыз аԥсуа студентцәеи абаза студентцәеи реиԥылара. Иара убри аиԥылароуп аԥсуа поет ҿарацәа ражәеинраалақәа абаза бызшәахьы реиҭагаразы аимпульс азҭаз. Убасгьы, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥсыраны иҟоуп даҽа усмҩаԥгатәк: иналукааша абаза поет Қьарим Мыхц ииубилеи иазку алитературатә хәылԥазы.
Bu güzel çalışmalarda emeği geçenlere sonsuz teşekkürler. 😊
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.