Аԥсуа-абаза жәлар – зхатәы милаҭтә культуреи, атрадициақәеи змоу жәларуп, урҭ зқьышықәсала ашьақәгылара иаҿыц, иахьанӡагьы еиқәханы иҟоу рацәоуп. АААК аинформациатә портал аԥхьаҩцәа ирыдаагалоит, зхылҵшьҭреи зҭоурыхи еизаку аԥсуааи ашәуааи рыбзазара, рнапҟазара ахкқәа, рмилаҭтә ҵас-қьабзқәа уҳәа ирызку аетнографиатә очеркқәа рцикл.

Асҭа Арӡынԥҳа

Аԥсуааи ашәуааи (абазақәа) – аҩада-мраҭашәаратәи Кавказ иқәынхо, Кавказ иашьагәыҭу аԥсуа-адыга жәларқәа ргәыԥ ахь иаҵанакуа аиашьаратә жәларқәоуп. Зқьышықәсала иаауа рҭоурых иацны иааиԥмырҟьаӡакәа иҿион арҭ ажәларқәа иуникалтәу, даҽа шьоукы ртәы иаламҩашьо ркультурагьы.

Аԥсуаа ахьынхоз аҵакырадгьыл

Ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны аԥсуа жәлар абарҭ ахьӡқәа рыла аҭоурых иадыруан: «абаӡа», «аӡеха», «апхаза», «абхазы», «абаза». Рхы иазырҳәоит «апсуаа», ртәыла иашьҭоуп – «Аԥсны» ҳәа.

Ҭоурыхла аԥсуа жәлар ықәынхон Егры аӡиас инаркны Бзыԥ аӡиас аҟынӡеи – Аԥсны ду ҳәа изышьҭаз атәыла ахәҭа, нас Бзыԥ аӡиас инаркны Мӡымҭа аӡиас аҟынӡеи – Аԥсны хәыҷы.

Иахьазы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаақәа ирыбжьаку аҵакырадгьыл наӡааӡоит мрагылара аӡиас Егры инаркны, мраҭашәара аӡиас Ԥсоу аҟынӡа. Аҩадахьала аҳәаа цоит Кавказтәи ашьхеибаркыра ала. Аԥсны ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 250 нызқьҩык рҟынӡа ыҟоуп, урҭ рҟынтә милаҭла иаԥсыуаау – 120 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. Еиуеиԥшым адыррақәа рыла, 200 нызқьҩык инадыркны 500 нызқьҩык рҟынӡа аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл анҭыҵ инхоит. Аҳәаанырцә инхо аԥсуа диаспора раӷьырак XIX-тәи ашәышықәсазы мчыла зыԥсадгьыл иахцаз ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭрақәа роуп.

Аԥсуаа ркультуреи рытрадициатә бзазареи

Аԥсуаа ҳазхылҵыз ажәлар амегалиттә культура аԥҵаҩцәас иԥхьаӡоуп (амегалитқәа – ацаҟьа дуқәа ирылху аргыларақәа – аред.) Мраҭашәаратәи Кавказ, ҳера ҟалаанӡа III-тәи азқьышықәсазы иҿиоз. Ҳера ҟалаанӡа I-тәи азқьышықәса алагамҭазы аиха ахархәашьа рҵеит, ҳера ҟалаанӡа VIII–VII-тәи ашәышықәсазы адунеиаҿы егьырҭ ажәларқәа раԥхьа аиха аҟаҵашьеи аус адулашьеи зҵаз иреиуоуп.

Адунеи аиҿкаашьазы аԥсуаа ирымаз ргәаанагара зеиӷьыҟам ала ианыԥшуеит аишьцәа Нарҭаа ирызку аԥсуаа рфырхаҵаратә епос. Адунеитә фольклор ижәытәӡатәиу абаҟас иԥхьаӡоу Нарҭаа репос – ауааԥсыра зегьы еицыртәу литературатә ҭынха мацарам, аԥсуа жәлар рҭоурых злаҭуҵааша хыҵхырҭа дууп. Ари аепос ахь иаҵанакуа аҳәамҭақәа рҟны иаарԥшуп ажәлар рсоциалтә-економикатә, ркультуратә ҿиара еиуеиԥшым аетапқәа: аматриархат аамҭа инаркны акласстә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара аҟынӡа.

Аԥсны ахаангьы иаԥымызт атәра, адгьыл еснагь анхацәа иртәын. Амхәырсҭақәа ҭаацәала доусы ртәқәа рыман. Абнақәеи архақәеи зегьы еицырзеиԥшын. Асоциалтә еиҩшара ыҟан, аха адгьыл зегьы аҳцәа иртәны ҳәа иҟамызт, анхацәа дара рыдгьыл иқәаарыхуан. Абжьарашәышықәсазы атәыла ауааԥсыра раӷьыраҩык анхацәа ракәын. Иара убри аан аҭауадцәеи анхацәеи ахәԥҳара рыбжьан, аҭауад ихшара анхацәа дриҭон, рыҩнаҭаҿы драаӡарц, аҵас-ақьабз идырҵарц.

Жәытә-натә аахыс аԥсуаа арахәааӡареи, ашьхааӡареи, адгьыл ақәаарыхреи рнапы алакын. Ацәеи амҿи аус рыдулашьа рдыруан, иӡахуан, ихахон, анышәаԥшь ркуан, ачысмаҭәа ҟарҵон. Аха убри аан урҭ ахәаахәҭра иадҳәаламызт, раарыхра, ма раалыҵ аҭиира хьымӡӷыршьон, аибашьра-фырхаҵарала иааиуа ажәлар рзы уи иаԥсам усуп ҳәа рыԥхьаӡон. Аԥсуаа рынхамҩа аԥсабаратә ҟазшьа аман.

Аԥсны – наџьнатә аахыс аҩыҟаҵара ахьҿиоз адунеи аҭыԥқәа иреиуоуп. Араҟа аҩы ҟарҵо иалагахьан ҳера ҟалаанӡа акыр азқьышықәсақәа раԥхьагьы. Абри дыршаҳаҭуеит археологиатә ԥшаарақәа. Ҳера ҟалаанӡа III-II азқьышақәсақәа раан иргылаз адольменқәа (амегалиттә культура аргыларақәа – аред.) рҟны иԥшааз аирыӡқәа ажь агәаӷьқәа рҭаԥсан. Гәдоуҭа азааигәара ишьҭоу Бамбоура ақыҭаҿы иԥшааз аџьазтә статуетка – аԥаҭхь зку ауаҩы исахьа аман, иара аныҟаҵаз аамҭа ҳәа ишьақәдыргылеит ҳера ҟалаанӡа II-тәи азқьышықәса.

Аԥсуаа рынхарҭақәа, рмилаҭтә маҭәа, рчысхкқәа

Жәытә-натә аахыс аԥсуаа иахьааҳаракыз ахәқәа рҿы нхарҭа ҭыԥс иалырхуан. Аҩны дыргылон агәара ҟьаҟьа ду агәҭаны, уи иацәыхарамкәа идыргылон егьырҭ анхамҩатә хыбрақәа, ажәбоура, акәтыҵра, аца, аказарма уҳәа. Амхәырсҭақәеи, абаҳчеи, ашьхымзагәареи зегьы аҩны иазааигәан. Аԥсуа игәараҭа ахаҿра иахьанӡагьы аҽамԥсахыцт: ақалақь уналсны амҩаду уаныланы уҿынаухар, ана-ара аҳаракырақәа рҿы улаԥш нарықәшәоит аҩнқәа.

Атрадициатә нхарҭақәа – быцала ишышны ишьҭыху, аҭырас хыбра змоу аҩнқәеи аԥацхақәеи роуп. Аԥацха хәыҟаҵарҭас иҟан, агәҭаны ахәшҭаарамца еиқәын, архнышьна ахакнаҳан. Ахәшҭаара еснагь иԥшьоу аҵакы аман аԥсуаа рҿы. Аҩажәатәи ашәышықәса аиҩшамҭазы аԥсуаа идыргыло иалагеит ашьаҟақәа ирықәгылоу аӷәтәы ҩнқәа – акәасқьақәа. Ас еиԥш иҟаз аҩнқәа аҟауар ала ирхыбуан, аҩны ауразоуроу абарҵа аҿаркуан, амҿы ҭаԥҟаны идырԥшӡон.

Итрадициатәу ахацәа рымаҭәа шьақәгылан абарҭ ашәҵатәқәа рыла: акәымжәы, акаба, ашьамхы аҩахыс иҭбааз аиқәа, ауапа, ахҭырԥа ма ахылԥарч, амаҟа, нас уи иадҳәалаз аҟама.

Аҳәса аҵкы ршәырҵон, агәы дырԥшӡон еиврыԥххаа еибаркыз ачаԥразқәа рыла. Анҭыҵга ҵкы дырԥшӡон араӡны маҟала.

Аԥсуа милаҭтә чысхкқәа даара ибеиоуп. Ихадоу аԥсуа чыс – аџьықәреи шылала ируа абысҭа ауп, уи иадыркылоит еиуеиԥшым ацыфақәа: ашә, акәац, акәтыжь, акәтаӷь, уи зегь зхьыршьуа – аҟәыд, асызбал, арашых-сызбал, ахарҵәы-сызбал, ачаԥақәа. Ачысхкқәа шамахамзар зегьы аиаҵәареи, аххылақәеи рыла идырхаауеит, зегь реиҳа ахархәара змоу –апырпыл иалырхуа аџьыка ҟаԥшь ауп.

Абаза жәлар

Аԥсуаа хылҵшьҭрала зегь реиҳа ирзааигәоу ашәуаа роуп, рхы иазырҳәоит «абаза» ҳәа. XIV-тәи ашәышықәсанӡа абазақәа нхон аҩада-мраҭашәаратәи Амшын Еиқәа аҿықәан. Абазақәа рабдуцәа Кавказ ашьхарахь еихо иалагахьан VI-тәи ашәышықәса инаркны. Уи зыхҟьаз ҳәа еиуеиԥшым амзызқәа рыӡбахә рҳәоит: VI-тәи ашәышықәсазтәи византиааи аџьамцәеи реибашьрақәа, VIII-тәи ашәышықәсазы арабцәа рқәылара, аҭаҭар-монголцәа ржәылара, уи ашьҭахь аԥсуа аҳра аилаҳареи, анаҩс XIII-тәи ашәышықәсазы аҳрақәеи аҭауадцәеи дара-дара реибашьрақәа.

Абазақәа нхо иалагеит аӡиасқәа Лаба, Уруп, Зеленчук хәыҷи, дуи, Ҟәыбина рыԥшаҳәақәа рҟны. Иахьазы ижәпаҩны инхоит Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика абарҭ ақыҭақәа рҟны: Гәымлоуқыҭ, Ҟәыбина, Ԥсыж, Ҟара-Пагәа, Ельбырӷан, Инџьықь-Ҷкәын, Ҭапанҭа, Абаза-Ҳабла, Мало-Абазинск, Хәажә ду, Хәажә хәыҷы, Аԥсуа, Кәаидан. 2010 шықәсазы имҩаԥгаз Урыстәылазегьтәи ауааԥсыра реиқәыԥхьаӡа алҵшәақәа рыла, абазақәа 43 нызқьҩык ыҟоуп.

Еицаҳзеиԥшу абызшәеи, еигәыцхәу абызшәақәеи

Аԥсуааи абазақәеи – ижәытәӡатәу жәларуп, урҭ зыршаҳаҭуа акакәны иҟоуп дара рбызшәа архаикара. Хә-нызқь шықәса раԥхьа аԥсуа-адыга жәларқәа еицырзеиԥшыз абызшәа х-махәҭакны еиҿыҵит: аԥсуа бызшәа, адыга бызшәа, аубых бызшәа. Ажәытә аԥсуа бызшәа адиалектқәеи ацәажәашьақәеи рацәаны иаман. Хәыҷы-хәыҷла цәажәашьак змаз, иаҳа еизааигәаны инхоз ахылҵшьҭрақәа дара-дара рҽеидыркылон, аҳрақәа аԥырҵон. Ус ишнеиуаз, VIII-тәи ашәышықәсазы дара зегь еидыланы иаԥырҵеит аҳәынҭқарра – Аԥсуа аҳра. Убас ишьақәгылеит еизаку аԥсуа жәлар, еизаку аԥсуа бызшәагьы ҿио иалагеит.

Ашьха анхыҵ ицаз аԥсуа хылҵшьҭрақәа Аԥсныи дареи ԥсабаратә ҳәаас ирыбжьаз Кавказ ашьха ҳаракырақәа ракәын. Уи абзоурала абаза жәлар хазы рышьақәгылара алыршахеит, убас хазы иҿион абаза бызшәагьы. Аҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, абаза бызшәа ашьхарыуа диалект иаҳа аԥсшәа иазааигәоуп. Убри азыҳәан ирыԥхьаӡоит, ари адиалект ныҟәызго ашьхарыуаа, ҭаԥанҭаа раҵкыс иаҳа ихьшәаны Аԥсны иқәҵны ицеит ҳәа.

Аԥсуаа абазақәеи рдинхаҵара

Абазақәа иахьатәи аамҭазы асуниттә ҟазшьа змоу амсылманра ныҟәыргоит. Аԥсуаа реиҳараҩык ракәзар – иқьырсианцәоуп. Аха аҩ-жәларык иахьа уажәраанӡагьы атрадициатә нцәахаҵара ааргоит. Иаҳҳәап, аԥсуааи абазақәеи анкьатәи аамҭақәа рзы аҵлақәа анашанатә мчы рымоуп ҳәа харҵон. Аҵак ҷыда рыман аԥсабаратә цәырҵрақәа, адыд-амацәыс реиԥш иҟаз. Иҟан, иахьанӡагьы еиқәхоуп анцәахәқәа рсистема, иаҳҳәап, Ажәеиԥшьаа – ашәарыцареи абнатә ԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рынцәахәы, Афы – адыд-мацәыс анцәахәы, Џаџа – аарыхра, аҽаҩра анцәахәы, Арышна – аӡахреи ахахареи рынцәахәы, Ӡаҳкәажә уҳәа убас ирацәаҩны.

Абазақәа рыбзазара аҷыдарақәаки, рнапҟазара ахкқәеи

Абазақәа адгьылқәаарыхреи арахәааӡареи рнапы алакын. Аԥсуаа реиԥш шьхацан арахә ашьхарахь иргон, уа ирбон. Ашәуаа рбаҳчақәа рҿы ирызҳауан аҵәаҵлақәа, аҳаҵлақәа, абгыӡра, акаҵахәыр, араса. Ашьхааӡара араҟагьы хадара зуаз акакәын.

Аҳәса рнапы ианын ацәеи ауаса хәыи аус рыдулара. Ахацәа – амҿи, аихеи, ахаҳәи аус рыдырулон. Ҳаҭыр рықәын ажьицәа, урҭ абџьаргьы ркәон – аҟамақәеи аҳәақәеи.

Ашәуаа рытрадициатә нхарҭақәа – ишышны иҟаҵаз аҩны аазыгьежьқәа ракәын. XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы идыргыло иалагеит аӷәтәы ҩнқәа, аихатәы хыбра рыҭаны. Агәараҭа иҭагылан акы, ма ҩба-хԥа ҩны, урҭ руакы асасцәа ирызкын, иара убас анхамҩатә хыбрақәа.

Ашәуаа рмилаҭтә чыс беиоуп акәац лыхқәеи, акәтыжьи аԥсаатә жьи рыла, ирацәоуп иара убас ахшхырҵә, ауҭраҭыхқәа ирылху афатә хкқәа. Еицырдыруеит итрадициатәу абаза чыс «кәтыжьӡырӡа» – акәтыжь чаԥаны.

Аԥсуааи абазақәеи шәышықәсала рхатәы милаҭтә культура аԥырҵон, уи иахьа уажәраанӡагьы аиқәырхара рылшеит. Иахьатәи аглобализациа аамҭазы ицәырҵит ахеиқәырхареи амилаҭтә культуреи рыҿиара иаԥырхагоу ашәарҭара ҿыцқәа.