Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб аиҭарҿыцра ашьҭахь раԥхьатәи аилатәара мҩаԥысит «Аԥсуареи абиԥарақәа реимадареи» ахырхарҭала. 

Амра Амҷԥҳа

АААК Адискуссиатә клуб аҟны имҩаԥысит «Аԥсуареи абиԥарақәа реимадареи» ахырхарҭала раԥхьатәи аилатәара. Аилатәара астол гьежь аформат аман, ааԥхьара роуны иааит гәыԥҩык аекспертцәа. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ишиӡбаз ала, Адискуссиатә клуб уажәшьҭа напхгара аиҭоит Русҭам Занҭариа.

Адискуссиатә клуб аусура рхы аладырхәит: Аԥсны жәлар рартист, амузыкант, адирижиор Нодар Ҷанба (акультуреи арккареи рминистрс дыҟан Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан – азгә.), Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Арда Ашәба, афилолог-аԥсуаҭҵааҩ, ААУ аԥсуа бызшәа акафедра адоцент Диана Шамԥҳа, агазеҭ  «Чегемская правда» аредактор Инал Ҳашыг.

Астол гьежь аҟны зҵаара хадас иқәгылан Аԥсуара маҭәарк аҳасабала ашкол аҟны арҵара. Русҭам Занҭариа иазгәеиҭеит «Аԥсуара» маҭәарк аҳасабала ашколхәыҷқәа рызнагараҟны аԥышәа шыҟоу: аибашьра анеилга, 90-тәи ашықәсқәа раан ахәыҷқәа уи иахысуан.

Уи ашьҭахь ари азҵаара акырынтә, акырџьара иалацәажәахьан, иҳаракӡоу аҳәынҭқарратә ҩаӡара аҭангьы.  Шамахамзар еснагь зегьы ззаиуаз уи акәын «Аԥсуара» ашколтә программа ҩаԥхьа иалаҵатәуп ҳәа, уи моу арҵагатә цхыраагӡагьы аҭыжьра шаҭаху рҳәон, аха ацәажәара анахыс аус мцаӡеит. Ҳара (Адискуссиатә клуб – азгә.) абри апроблематика ҭҵааны азҵаара аӡбара иацхраауа ҳхатә проект цәыраҳгар ҳҭахуп. Аекспертцәа шәгәаанагарақәа ҳарзыԥшуп, шәажәалагалақәа ҳаҳар ҳҭахуп, аконкреттә ҟазшьа змоу», – ҳәа аизара ахырхарҭа аликааит Русҭам Занҭариа. 

Зегь раԥхьа ажәа игеит Нодар Ҷанба. Иара аҵара аминистрс даныҟаз акәын Аԥсуара маҭәарк аҳасабала ашкол аҿы ианырҵоз, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иҟаиҵаз ахаҵгылара иабзоураны.

«Раԥхьаӡа иргыланы, сара сгәы иахәоит ари азҵаара Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиԥш иҟоу аиҿкаара ахьалацәажәо. Акырынтә ари атема шьҭырххьан уаанӡагьы, аҵарауаа, аинтеллигенциа, ашәҟәыҩҩцәа, арҵаҩцәа. Аха иахьа уажәраанӡагьы алҵшәа бзиак ҳамаӡам, шьаҿак ԥхьаҟа иҟаҳҵеит ҳәа ззуҳәаша. Сгәанала уи зыдҳәалоу «Аԥсуара» зегьы зҵанакуа еилкаароуп, ауаҩы дуаҩытәыҩсаны дҟазҵо, ари зқьышықәсала ҳажәлар ирыцҿиоз дунеидкылашьатә системоуп, рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхуа иадҳәалаз, ҳмилаҭтә хаҿра шьақәзыргылоз, нас амырӡрагьы иацхраауаз. Иахьазы уи зегь шеибгоу иҳазҳамҽхакӡом. Аԥсуара – уаԥсыуаны уҟазҵо мацара акәӡам иаанаго, аҵарауаа ишеиҭаргало еиԥш, ари ҵара дуӡӡоуп, азеиԥш уаҩытәыҩсатә ҵакы амоуп. Ҳажәлар идырҿиаз абри аҵара адунеитә ҩаӡара аҟынӡа иҳаракуп. Убри аҟнытә Аԥсуара зҭаху аԥсуаа мацара ҳакәӡам, Аԥсны инхо амилаҭқәагьы зегьы ирҭахуп», – ҳәа иԥхьаӡоит Ҷанба.

Иара еиҭеиҳәеит 90-тәи ашықәсқәа раан Аԥсуара ашколтә программа алаҵаразы аидеиа шизцәырҵыз атәы.

«Аибашьра ашьҭахь ахеиқәырхара уалс иҳадын. Сара сазхәыцуан: ҳаиқәзырхо ҳәа иҟоузеи? Убас сагьазааит Аԥсуара шакәу. Уи адагьы уаҳа даҽа лшарак ҳаманы исымбеит, аекономикатәқәа роума атехнологиатәқәа роума. Нас абри сидеиа сыманы Владислав Арӡынба сизнеит. Аҵарауааи арҵаҩцәеи ааҳаԥхьеит, ҳхәыцуан арҵага шәҟәы ыҟамкәа абри маҭәарны апрограмма излалаҳҵари ҳәа. Иаԥаҳҵеит аусутә гәыԥқәа, арҵагатә план еиқәҳаршәеит – Аԥсуара аурокқәа раан иҟаҵатәу ҳәа. Ихадароу – еилаҳкааит абри аҩыза аҵара аҭахны ишыҟаз», – ҳәа еизаз игәалашәарақәа рыциҩишеит Нодар Ҷанба. 

Астол гьежь алахәцәа азҵаарақәа рызцәырҵит: Аԥсуара ашкол аҿы арҵара иаԥсоума, хазы маҭәаркны иалкааны, мамзаргьы уи ашьаҭақәа ахәыҷы аҩнаҭаҿы ишьҭикаар акәу ҳәа. Ашкол аҿы ирҵатәызар, уи шԥаҟаҵатәу: аԥсуа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа мацара ракәу иззынархоу, неилых ҟамҵакәа Аԥсны атәылауаас иҟало ахьыбҿар зегьы ирызку? 

«Ашколқәа аныҟамыз, ахәыҷқәа Аԥсуара аҩнаҭаҿы ианышьҭыркаауаз аамҭа цахьеит. Иахьа ҳазҭагылоу даҽа аамҭоуп, уи ҳақәныҟәароуп. Франциа ҳахьыҟаз сара сакәӡам схәыҷқәа афранцыз бызшәа дзырҵаз аҳәынҭқарроуп, избан акәзар аҳәынҭқарра хьаас иамоуп уаҵәы иара атәылауаас игыло ауааԥсыра азусҭцәахо, бызшәас излеилибакаауа», – ҳәа азгәеиҭеит Нодар Ҷанба.

Афилолог-аԥсуаҭҵааҩ Диана Шамԥҳа Аԥсуа университет аҟны лырҵаҩратә ԥышәаҟынтә аинтерес зҵоу, уагьзырхәыцуа аҿырԥшқәа аалгеит. Лара ишылҳәо ала, зхатәы бызшәа здыруа аԥсуаа рхыԥхьаӡара есааира иагхоит, арахь Аԥсуареи аԥсшәеи иузеиҟәымҭхуа еидҳәалоуп.

«Сара исгәалашәоит ацәажәарақәа ыҟан, иахәҭоума ари аҩыза амаҭәар алагалара ҳәа. Аԥсуара – ҭҵаарадырраӡам, уи шәҟәыла изҵодаз, ушьа иалазар, уҭаацәараҿы иуларааӡазар ҳәа рҳәон. Уаанӡа ишԥаҟаз, ҳаиҳабацәа ирҿаҳҵаауан ахымҩаԥгашьаҿаы ихадароу зегьы. Аха иахьазы ас еиԥш иҟоу лабҿабатәи аҿырԥшқәа рацәаӡам, есааирагьы имаҷхоит, аҿар рыла иабаӡом иҿырԥшыгоу аеталонқәа. Убри аан астудентцәа аинтерес рымоуп, еиҳаракгьы аҷкәынцәа, иҵаауеит ҳхы мҩаԥаҳгар шԥаҳахәҭоу еизарак аҿы акәыз, ма ацәгьа-абзиа иадҳәалоу ауаажәлар ахьеизо аусмҩаԥгатәқәа раан акәыз», – ҳәа еиҭалҳәеит арҵаҩы.
Лара излалԥхьаӡо ала, Аԥсуара амаҭәар иазку арҵага шәҟәы ҭыжьтәуп, насгьы ахәыҷқәа рықәра зеиԥшроу еиԥш еихшатәуп – ахәыҷқәа, ахбыџқәа, астудентцәа ҳәа хаз-хазы еилыркааратәы ирызназгаша аҭыжьымҭақәа азырхиатәуп.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба иазгәеиҭеит Аԥсуара дазусҭазаалакгьы аҭаацәараҿы ишьҭикаароуп ҳәа. 

«Амаҭәар аҭахуп, избанзар ҳара иаҳбоит даҽакала уи еиқәырхашьа шьҭа ишамам. Абызшәа ԥсыр, уи иацыԥсуеит Аԥсуарагьы. Аха зегь акоуп уи аҵараиурҭаҿы иузҵаӡом. Аҭаацәа роуп ихадароу. Аламыс ауаҩы иузирҵаӡом. Аҭакԥхықәра зхахьы изгода? Избан арҵаҩы уи дзаҵалара? Ауаҩы даныҩеидас Аԥсуара иаҭәам ак ҟаиҵар изхьымӡӷыда? Аҭаацәа роуп. Ус анакәха ааӡарагьы зуалу ани аби роуп, аҭаацәа роуп. Аиҳабы ихаҭа Аԥсуара ныҟәигозароуп, дҿырԥшыгазароуп, аҿар зызҵаауа, изызхьаԥшуа авторитетзароуп», – иҳәеит аҵарауаҩ.

Агазеҭ «Чегемская правда» аредактор Инал Ҳашыг иажәа иалаҵаны иҳәеит Аԥсуара аԥсуаа рзы «иагьконституациан, иагьхымҩаԥгашьа ԥҟаран, иагьзакәанын, аԥсуаа рхатә ҳәынҭқарра роуаанӡагьы» ҳәа. Иахьа акәзар, ани аби агарантиа рымаӡам рхәыҷы ашкол аҿы аԥсшәа изҵоит ҳәа, гәалсрала иазгәеиҭеит иара.

Ицәажәоз зегьы иазгәарҭон аԥсшәа адырреи Аԥсуара ақәныҟәареи ишиашоу ишеидҳәалоу, акада егьи ҟалашьа шамам. 

Астол гьежь ахыркәшамҭаз уи алкаақәа ҟаҵо Русҭам Занҭариа иазгәеиҭеит аклуб аиҿкааҩцәа хыдҵас ишрымаз абри аицәажәара ажәа аҟынтә аус ахь аиасра иацхрааруа акакәны амҩаԥгара, аԥсуа-абаза милаҭ рҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчара ахырхарҭала алҵшәа ҟаларц азы, уи зыда ухаҿы иузаамго Аԥсуарагьы уахь иналаҵаны.
Занҭариа еизаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иагьрылеиҳәеит Адискуссиатә клуб анаҩстәи аилатәара шымҩаԥысуа ҩымчыбжь ирылагӡаны, арыцхә хара имгакәа еилкаахоит. Иааиуа аиқәшәара Аԥсуара аганахьала апроект аус адулара азкхоит, анаҩс уи АААК анапхгара ирыдгалахоит.  

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб аусура иалагеит 2019 шықәса абҵарамзазы. Аклуб аусура ахырхарҭа хадақәас иалкаан аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи, амилаҭтә литература аларҵәара, аԥсуа-абаза етнос рҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчара, аԥсуа ҭҵаарадырра арҿиареи аларҵәареи, Аԥсуара аиқәырхара.