Очамчыра ақалақь аҟны имҩаԥысуаз археологиатә жрақәа раан иԥшаан арамеи бызшәала аҩыра зну ижәытәӡатәиу ахаҳәҟьаԥс.

Саид Барганџьиа

Очамчыреи Тҟәарчали араионқәа рҿы аԥснытәи, урыстәылатәи археологцәа имҩаԥыргоз аекспедициаҿы иԥшаан арамеи бызшәа зну ажәытәӡатәи ахаҳәҟьаԥс. Ахаҳәҟьаԥс ахьыԥшааз археологиатә жрақәа мҩаԥысуан Очамчыра ақалақь аҵкараҿы иҟоу ажәытәӡатәи иланхарҭа Гиуенос (ҳаамҭазтәи Аԥсны аҵакыраҿы иҟоу ижәытәӡатәиу ақалақь, абырзенцәа рполис акәын — аред.) иахьаҵанакуа. Аҵарауаа ргәаанагарала, иԥшааз аплинфа (иҟьаҟьоу, иҟьаԥсу, иблу ақьырмыт — аред.) ахәҭа — инықәырԥшны иуҳәозар, VI-тәи ашәышықәсахь иаҵанакуеит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьапуа иажәақәа рыла, археологиатә артефакт аҭҵаарақәа иахьагьы имҩаԥысуеит.

Иара иазгәеиҭеит, аԥснытәи урыстәылатәи археологцәа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы аԥшаарақәа ишрылагаз ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымзазы, 35 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны: уаанӡатәи аекспедициа мҩаԥысуан араҟа асовет аамҭазы.

«Иҟалап, аплинфа ара игылаз аныхабаа аԥҽыхақәа ирыхәҭакзар, урҭ ҭҵаан 1980-тәи ашықәсқәа рзы Сергеи Шамба напхгара зиҭоз аекспедициа аан. Аспециалистцәа ишышьақәдырӷәӷәаз ала, ахаҳәҟьаԥс арамеи бызшәала аҩыра ануп. Ианугьы — арамеи ҩыраҿы раԥхьатәи анбанқәа быжьба роуп. Ари иуникалтәу ԥшаахуп Мраҭашәаратәи Кавказ азы. Аҩыра цәыргахоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә музеи аекспозициаҿы», — ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.

Аекспедициа хацыркын Џьантыхә ашьхаҿы (Тҟәарчал араион иатәу ашьха — аред.) , нас уаантәи Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥахь иааскьеит, иара уброуп аҩыра зныз ахаҳәҟьаԥс ахьыԥшаазгьы.

Аҵарауаҩ иацҵаны иазгәеиҭеит, археологцәа Џьантыхә иахьыҟоу ишҭырҵаахьоу заатәи аихатә епохахь иаҵанакуа ажәытә ԥсыжырҭа, уаҟа ирбаз аԥшаахқәа рацәоуп, урҭ уажәы аҭҵаарадырра иаларгалоит. Зқьыла аџьазтә, аихатәы маҭәарқәа инарываргыланы уа иԥшаан ахьы иалхыз амаҭәарқәагьы: аҭыӷь афигуркеи, Александр Македонски иԥара ҿырпы иеиԥшу аҭыԥантәи амонетеи.

Ажәытәӡатәи ақалақь Гиуенос акәзар, Џьапуа иажәақәа рыла, уаҟа ажрақәа ирыцҵахоит, археологиатә ԥшаарақәа уаҟа акыршықәса имҩаԥыслоит.