АААК Анацәеи абацәеи рыклуб аҩбатәи аиԥылара мҩаԥысит Гагра. Уажәазы иззааҭгылаз теман ахәыҷы изҳараҿы дызхысуа акризисқәа, иара убас анацәеи абацәеи рыхшареи реизыҟазаашьақәа шышьақәыргылатәу.

Камила Кирвал

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Анацәеи абацәеи рыклуб Аҟәа анҭыҵтәи аиԥыларақәа ирыцҵауа Гагра имҩаԥысит аклуб аҩбатәи аилатәара. Уи раԥхьатәи ахәҭа ахәыҷы изҳара иау акризисқәа ирызкын.

Аклуб аусура ҩ-хәҭакны еихшан: анацәа рызҵаарақәа рҭак аҟаҵареи, ахәыҷқәа рырлахҿыхра иазку хазтәи апрограммеи ҳәа. Ахәыҷқәа ирыздырхиеит ргәы змырҿыӷьша ахәмаррақәа, иара убри аамҭазы аԥышәа заухьоу анацәеи, анра зҽазыҟазҵо аԥҳәызбацәеи апсихолог Елана Кортуа илзыӡырҩуан.

Аконгресс ахаҭарнак Изольда Ҳагԥҳа имӡакәа илҳәеит раԥхьатәи гагратәи аклуб аиԥылара иалахәыз анацәа ҩаԥхьа иахьылбаз – даара лгәы ишахәаз, дара рхаҭақәа ахьааиз адагьы рҩызцәагьы ааргеит.

«Иахьа ҳара ҳанацәеи апсихолог Елана Кортуаԥҳаи акрызҵазкуа атема шьҭырхит – ахәыҷқәа рызҳара иацу апсихологиатә кризисқәа. Ари атема иазҿлымҳахаз анацәа рацәахеит. Ара иҟоу шьоукы-шьоукы хҩык-ԥшьҩык ахәыҷқәа рымоуп, убри аҟнытә еиҿдырԥшыр рылшоит рхәыҷқәа рызҳашьақәа злеиԥшу, излеиԥшым, уадаҩрақәас ирԥыло. Зегьы иаҳдыруеит ахәыҷы шықәсык, нас хышықәсеи, быжьшықәсеи анихыҵуа еиуеиԥшым апсихологиатә кризисқәа дышрынио, урҭ ихымҩаԥгаашьагьы ианымԥшыр залшом», – лҳәеит Ҳагԥҳа.

Апсихолог Елана Кортуа АААК Анацәеи абацәеи рыклуб алахәцәа рҿаԥхьа изныкымкәа дықәгылахьеит. Уи дызлахәу аиԥыларақәа еснагь азҿлымҳара ду рыцуп, азҵаара рацәагьы цәырнагоит анацәа рҟны.

«Ишыжәбаз еиԥш, анацәа адискуссиа иалахәуп, дара ргәаанагара рҳәоит, азҵаарақәа рҭиуеит, аинтерес рымоуп. Ари гәахәароуп ахәыҷааӡара, ахәыҷы иацәажәашьа, иеизҳара атема абас игәцаракны иахьрымоу ҳанацәа. Абас еиԥш иҟоу азҿлымҳара сеигәырӷьоит саргьы, сыгәгьы шьҭнахуеит», – ҳәа гәаартыла илҳәеит апсихолог.

Елана Кортуа иазгәалҭеит убасгьы, абас аимадара аныҟоу ларгьы лажәахә аҟаҵара иаҳа ишылзыманшәалоу атәы.

Перуза Лобиан – ԥшьҩык ахшара дрануп, ҩыџьа амоҭацәа лымоуп. Перуза лыԥҳаиҵбы Камила лылшарақәа ԥкуп, инагӡаны лхы дзахәом. Аха ан лгәы калмыжьӡеит.

«Сара схәыҷқәа духеит, аха смоҭацәа анызба ҩаԥхьа сыԥсы ҭалеит, ахәыҷы изҳара аетапқәа зегьы еиҭасгәалашәеит. Иахьа схазы иҟасҵаз алкаақәа рацәоуп. Инагӡаны зхи зымаҵи еибамуа ахәыҷы аҭаацәараҿ даныҟоу, аԥсҭазаара даҽакала иубо уалагоит, удунеихәаԥшышьа аҽаԥсахуеит. Ауаҩы егьа дыӷәӷәазаргьы аԥсшьара аамҭак имазароуп. Абас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа даара иаҭахуп, ахазхәыцразы, аԥсеивгаразы», – лҳәеит Перуза Лобиан.

Аклуб аилатәараҿы иҟан анацәа ахәыҷы иқәратә кризисқәа ирызку атема бзиаӡаны издыруаз. Урҭ дыруаӡәкуп Гагра инхо аклуб аҭааҩ, ҩыџьа ахәыҷқәа ран Мира Пичугина. Лара излалыԥхьаӡо ала, ашәҟәаҟынтә адыррақәа умазаргьы, аспециалист лабҿаба уаниацәажәо иунаҭо акырӡа еиҳауп.

«Егьа аинформациа ҳамазаргьы, абри аҩыза аиԥыларақәа раан егьырҭ анацәеи ҳареи ҳԥышәа еимаҳдоит, насгьы Елана лзыӡырҩра гәахәароуп, даара аинтерес зҵоу форматуп. Сара даҽазныкгьы агәра згеит ахәыҷааӡараҿы абас-абас ауп, даҽакала ҟалашьа амам ҳәа аԥҟара ԥҵәақәа шыҟам. Еилыскааит ахәыҷтәы кризис – иҟаларан иҟоу, ианаамҭоу узхысша ԥышәароуп, уи иацәшәатәӡам. Ачҳара аарԥшлатәуп, ахәыҷы илеишәа ирцәагьаӡаргьы – уи иқәра иацу уадаҩраны ишыҟоу анудыруа, уаргьы еиҳа имарианы уазнеиуеит», – ҳәа лгәаанагара ҳацеиҩылшеит Пичугина.

Анацәа абас еиԥш хра злоу атема иалацәажәонаҵы, ахәыҷқәа дара ирзалхыз ауадаҿы аԥшшәеилԥшаара иаҿын. Арт-терапевт Тина Чхаиӡе ахәыҷқәа аус рыдылулон аԥшшәы ииашаны адкылашьа, еиуеиԥшым аԥшшәқәа реиҩдыраара, урҭ доусы ирыхьӡқәоу аҳәараҿы уҳәа.

Жәеиза шықәса зхыҵуа Иллариа Ҳагԥҳаи Самира Қьецԥҳаи ргәалаҟара бзиа аныԥшит иҟарҵаз рнапкымҭагьы.

«Иахьа ҳара аԥсаҵлақәеи асцырақәеи ҟаҳҵеит, уажәгьы ҳаҿуп. Сара сԥоит, афетр аус адызулоит, ҵыԥхгьы асцырақәа ҟасҵон. Абас иаҳгоит ақьаад, асахьа иақәыршәаны иԥаҳҟоит, нас иаҳҷабуеит. Аҷабга анбалак, ҳнапкымҭа ааҳартуеит», – ҳәа еиҭалҳәеит Иллариа.

Самира лнапкымҭақәа дахьынӡарҿыз лашьеиҵбы Багратгьы лылаԥш ихын, иара илшарақәа ԥкуп. Самира еиҭалҳәеит дара зегь ҭаацәала аџьаз азыӡырҩра бзиа ишырбо.

«Аџьаз ҳаԥсы алоуп. Сашьа Баграт, сашьеиҳаб, сани, сареи даара иаҳгәаԥхоит ари амузыка», - лҳәеит дуҵас иҟәышны иҳацәажәоз аӡӷаб хәыҷы.

Аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо, Изольда Ҳагԥҳа илҳәеит еизаз анацәа зегь ргәаанагара: ас еиԥш иҟоу аицәажәарақәа хра рылоуп, иаҭахуп. Анацәа ракәзаргьы, аклуб аилатәарақәа еиҳа ирлас-ыраласны имҩаԥысуазарц агәаҳәара аадырԥшит.

«Ҳара ҳзы ари еихьӡароуп, ҳгәы аладууп, избан акәзар Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анацәеи, абацәеи, рыхшареи ирызку апроектқәа еснагь ирыдгылоит», – лҳәеит Ҳагԥҳа.

Анаҩстәи, сынтәазы иҵыхәтәантәиу АААК Анацәеи абацәеи рыклуб аиԥылара мҩаԥысуеит Гагра ԥхынҷкәын аҩбатәи азбжазы.