Еицырдыруа ашәуа ҳақьым, аҳаҭыр зқәу Черқьесск ақалақьуаҩ ҳәа ахьӡ зыхҵоу Алықьса Хәыранов маҷк оуп игхаз 90 шықәса ихыҵра аиубилеи дахьӡарц. Иира мшы – ԥхынҷкәын 5 рзы АААК аинформациатә портал ишәыднагалоит иара изку аочерк.

Гьаргь Чкала 

Ԥхынҷкәын 5 рзы 90 шықәса ихыҵраны дыҟан ашәуаа рҟынтә зегь раԥхьа аҳақьым идиплом зауыз Алықьса Адам-иԥа Хәыранов. Иубилеи аҟнынӡа анеиразы шәықәсыбжак ауп игхаз. Аха иара иниҵаз ашықәсқәа азхеит, иԥсҭазаартә мҩа аҟны иԥылаз ауаа зегь рыгәқәа рҿы аԥхарра зцу агәалашәара рааныжьразы.

Хәыранов имаз аихьӡарақәеи, ианашьаз ахьӡ ҳаракқәеи рахьтә иалукаар ҟалоит: Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз аҳақьым, Ҟарачы-Черқьессктәи Аресублика жәлар рҳақьым, АСРР агәабзиарахьчара иҿырԥшыгоу аусзуҩ (аотличник) – Хәыранов ипрофессионалтә усура еиҳарак имҩаԥысуан асовет мчра ашықәсқәа раан. Алықьса Адам-иԥа убасгьы аҳаҭыр зқәу Черқьесск ақалақьуаҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

Ҩ-ԥсадгьылк

Алықьса Хәыранов диит Черқьессктәи автономтә област иаҵанакуа Хәыжә-ду ақыҭан. Дшыхәыҷыз, иҭаацәара Аԥсныҟа нхара ҳәа ииасуеит, аиҳабыра рганахь ала ашьҭазаара иацәшәаны. Изҳаит ақыҭа Дәрыԥшь. Араҟоуп ҳақьымс аҟаларазы агәазыҳәара ахьизцәырҵызгьы. Алықьса Адам-иԥа ихаҭа гәаартыла иҳәалон, аҳақьымра занааҭс алхраҿы анырра ду шинаҭаз Гәдоуҭа араион аҟны аус зуаз аҳақьымцәеи (Зверев, Линтроп, Уридиа), ареспубликатә хәышәтәырҭа ахирургцәеи (Шервашиӡе, Гаспариан, Шехтман, Петров) ирымаз апатуи, аҳаҭыри.

Ус шакәугьы, азанааҭ алхраҿы аемоционалтә факторгьы анырра ду ҟанаҵеит. Дәрыԥшь, Хәыранаа ргәылак дычмазҩахеит. Алықьса дрышьҭит амедицинатә пункт ашҟа афершал иаагара. Аха афершал дзымааит, изыхҟьазгьы уи аҽны иқьаф ҟаҵаны дахьыҟаз оуп.

Алықьса Адам-иԥа ари ахҭыс абас игәалашәон: «Аԥсы дахьгҿаз аҩны зегь ҵәыуан, сара сыҩныҵаҟа зегьы еилашуан, ачымазаҩ ацхыраара ахьимоуз аҟнытә. Иԥсыз еиқәырхашьа имамзаргьы ҟаларын, аха зегь акоуп афершал дааны илшоз зегь ҟаиҵар акәын».

Раԥхьатәи иԥсадгьыл ахь Алықьса Хәыранов дхынҳәит 1951 шықәсазы, иқәыԥшу специалистк иаҳасабала. Иԥсҭазаара зегьы иалганы иааигеит иқыҭа гәакьахь имаз абзиабара, уи иагьазикит ашәҟәы «Сара с-Хәыжәы». Иара убас Дәрыԥшьи, иааидкыланы Аԥсынреи рахь имаз абзиабарагьы аныԥшит.

Игәҭакахьы дназгоз амҩа уадаҩ

Агәҭакқәа – ссируп, аха урҭ рынагӡара лассы-лассы зынӡа имариаӡам. Уи ус шакәыз ибзианы еиликааит абитуриент Алықьса Хәырановгьы. 1944 шықәсазы Краснодартәи амедицинатә институт аҭаларазы аԥышәарақәа зегьы шиҭиизгьы, иҭыԥ риҭар акәхеит аинститут иҭаларц ҳәа зыӡбаз афронт аҟнытә ахәрақәа зманы адембель ахь ишьҭыз аибашьцәа. Урҭ ирыман азин ҷыдақәа.

Ҩынтәны аҭалара иҽазикит 1945 шықәсазы. Уажәшьҭа акы иԥырхагахоит ҳәа дыҟамызт: аԥышәарақәа рҿы иоуз «х-хәбаки», «ԥшьбаки» аинститут аҭаларазы алшарақәа зегьы ирҭон. Аха… «Иҭалаз рсиа ҳахәаԥшуеит ҳәа ҳнеизар, аинститут ашәқәа рҟны икыдуп алаҳәара: аинститут Кишиниовҟа ишыиарго, убри аҟнытә абитуриентцәа иаларҵаз рышәҟәқәа ргарц», – игәалаиршәон Алықәса Адам-иԥа.

Закә гәкаҳароузеи! Аҩныҟа даныхынҳә, иара иҩуеит ашәҟәқәа Ацентртә Комитет Иреиҳаӡоу апартиатә усбарҭеи, иреиҳау аҵара Аминистрреи рышҟа. Иџьоушьаша, аҩ-шәҟәыкгьы аҭак роуит. Акы аҟны иара идгалан аҭаларазы игәы иаҭаху Нхыҵ-Кавказтәи аинституқәа рыҟнытә иалихрыц, аҩбатәи ашәҟәала дрышьҭуан Махачкалаҟа. Алықьса Адам-иԥа иӡбеит Даӷьсҭанҟа ацара.

Убас, 1945 шықәса абҵарамзазы, Алықәса Хәыранов дҭалоит Даӷьсҭантәи амедицинатә институт, еибыҳәарасгьы иҟан, ажьырныҳәа 1 аҟынӡа, ҩымз аҵара зҵахьаз икурс изхысыз зегьы аҟны дрыхьӡоит ҳәа. Даара ихьанҭаз аидара иахҟьаны игәабзиара уашәшәырахеит, академиатә ԥсшьара игар акәхеит. 1946 шықәса цәыббрамзазоуп иҵара ацҵаразы алшара аниоу. Анаҩс, 1951 шықәса аԥхынразы иара иҭан акыраамҭа дзызнеиуаз адиплом, уи инацҵаны аусуразы ахырхарҭа – Черқьесктәи автономтә област ашҟа.

Иаразнак – ҳақьым хадас

Алықьса Хәыранов дгәыӷуан Черқьесск хирургс аусура далагоит ҳәа, аха аобласт агәабзиарахьчаратә усбарҭаҿы иқәыԥшу аспециалист иганахьала ирыман, ишырҳәо еиԥш, рхатә планқәа. Урҭ инарықәыршәаны дрышьҭит изгәакьоу Хәыжәытәи араион ахь.

Убас дагьақәшәоит аул Ерсакон. Статусла раионтә центрс иԥхьаӡан, аха аус аҟны – ХХ ашәышықәсазтәи асовет қыҭа: иҟамызт амҩақәа, атранспорт, афымца… Убас иҟан ахәышәтәырҭагьы – иҟамызт алабораториа, арентген, иахәҭаз аспециалистцәа. Аҵыхәтәантәи аҭагылазаашьа иахҟьаны, Алықьса Хәыранов мызки бжаки рышьҭахь ҳақьым хадас дҟаҵан. Шықәсыбжак аҩныҵҟала Черқьесскҟа аусура ииасырц згәы иҭаз аспециалист қәыԥш уи аӡбара даҿагылеит, аха аӡәгьы дизыӡырҩып ҳәа игәы иҭамызт.

Ус иҟан аамҭа, уеиқәышьшьы атәахагьы аамҭа ыҟамызт. Алықьса иҽазикит ари ахәшәтәырҭа аус адулара. Раԥхьаӡа иргыланы, имариаӡаз анализқәа рыҟаҵашьа ҩыџьа алаборантцәа идирҵеит. Анаҩс еиқәиршәеит арентгентә кабинет. Иаԥҵаз арҭ аҩ-ҭагылазаашьак акыр идырманшәалеит ауааԥсыра рыԥсҭазаара, уажәшьҭа аобласттә центр ашҟа ацара аҭахымызт анализ аҭареи, арентген аҟаҵареи рзы, имариаз азҵаарқәа араҟагьы ирыӡбон. Дук мырҵықәа ахәышәҭәырҭа иаанахәоит ацхыраара ласы ҟазҵо ахатә машьынагьы.

Есааира аизҳарақәа ҟалон: ахәышәтәырҭа амҽхак арҭбаауеит, ахирургтә ҟәша аатуеит, ачымазцәа ахәышәтәыртаҿ рыҟазаара аҭагылазаашьақәа еиӷьхоит… Черқьессктәии Ставропольтәи агәабзиарахьчаратә ҟәшақәа ари ахәышәтәырҭаҿ имҩаԥыргон асеминарқәа, ҿырԥштәыс иҟарҵон адиагностикатәи, апрофилактикатәи усқәеи, ахәышәтәра аус шеиқәыршәатәу ҳәа.

Хәышықәсеи бжаки Ерсакон ахәшәтәырҭаҿ ихигаз аамҭа аҳақьым Алықьса Хәыранов изы иҟалеит ипрофессионалтә шьақәгылара иаамҭаны. Есыҽнытәи аҳақьымцәа рус зынӡа иҿыцыз аҳаракырахь инаган. Зны-зынла, еиқәырхашьа змамызгьы ачымазцәа рыԥсқәа ааргон. «Киров ихьӡ зху аколхоз аҟны, амашьына абылтәы шҭарҭәоз иԥжәеит. Уи арныҟәцаҩ ишәыз амаҭәа амца акит. Ҳара ҳҿы данаарга, 75% ицәа II-тәи аҩаӡара абылра аман, иҟан ҭыԥқәак III-тәи аҩаӡара абылра ахьимазгьы. Ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа зегьы уи иԥсы аиқәырхара рҽазыркит. Аобласттә хәышәтәырҭа аҟнытә иааԥхьаз аҳақьым иблыз данихәаԥш, «араҟа шанак зыҟалом» ҳәа иҳәеит. Аха ашана ҟалеит. Иура – убас ихьӡын амашьына арныҟәцаҩ – иԥсы нхеит, иахьагьы иԥсы ҭоуп, аԥсра далызхызгьы лассы-лассы игәалашәоит.

Ауаҩ иоуп аҭыԥ зырԥшӡо

Зынӡа дазыԥшӡамкәа Алықьса Адам-иԥа идыргалеит аобласт агәабзиарахьчаратә ҟәша еиҳабыс дахагыларц. Иара иганахьала иаҭахыз «ааи» ҳәа аҳәара акәын. Иҟалеит уи хәажәкырамза, 1957 шықәсазы. Усҟан Алықьса ихыҵуаз 28 шықәса заҵәык ракәын.

Мызқәак раԥхьа Черқьессктәи автономтә област ахьӡ ԥсахын Ҟарачы-Черқьесск ҳәа. Аҟарачқәа хынҳәуа иалагеит иахьииз, иахьааӡаз аҭыпқәа рахь (урҭ Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа аан иахган Ҟазахстанҟеи, Абжьаратә Азиа егьырҭ атәылақәеи рышҟа, 1957 шықәсазы ахара рхыхын – аред.). Уи инақәыршәаны, иаарласны урҭ рыдкылара напы

арктәын. Ауааԥсыра хынҳәуан зепидемиологатә ҭагылазаашьа ҽеим атәылақәа рыҟнытә, уи иахҟьангьы аинфекциатә чымазарақәа рыҩаӡара ҳаракын. Ари апроблема ӡбатәын. Иҟан амедицинатә усбарҭақәа ҿыцны иаԥҵатәыз, иҟаз – рымҽхак ырҭбаатәын, маҭәахәыла еиқәыршәатәын.

Ажәакала, аусқәа даараӡа ирацәан, алшарақәа шмаҷызгьы. Ус шакәызгьы, ахырхарҭақәа реиҳарак қәҿиарала аус руан.

Хәыранов аобласт аҿы 9-шықәса аус иуан, уи аамҭа иалагӡаны аусура иалагеит агәабзиарахьчаратә обиектқәа 17, иргылан амаалыкьцәа рзы аиасли, иҿыцны иаԥҵан быжь-маҵзурак. Амассатә чымазарақәа реиԥш иаԥыхын адифтериа, аполиомиелит, атрахома, абруцеллиоз. Акырынтә иларҟәын ахәыҷқәа рыԥсра, убасгьы аимҳәацәгьа, аҩежьра, акьатеи азҩа змаз рхыԥхьаӡара. Аҳақьымцәа рхыԥхьаӡара ҩаӡеит 120-ҩык рҟынӡа.

Ицәырҵуан азҵаарақәа рацәаны, урҭ рыӡбарагьы иаԥырхаган асубиективтә ҟазшьа змаз ацәырҵрақәа, иҭкааны иуҳәозар – усҟантәи апартиа аиҳабыреи аҳақьыми ирыбжьалаз аилыибамкаара. Алықьса Адам-иԥа илиршеит иара изы ипринципиалтәыз азҵаарқәа рыӡбара: ауааԥсыра рҭахрақәа ирықәшәоз, рыхьчара иазкыз, аха ус шакәызгьы иҭыԥ аанижьыр акәхеит.

Хәыранов имаз адыррақәеи аԥышәеи баша ибжьаӡуамызт. Иара иоуеит ақалақь Черқьесск аполиклиника еиҳабыс дахагыларц ааԥхьара. Усҟантәи аамҭазы аполиклиника ииасхьан иҿыцу ахыбрахь, уи ҽнакала 400-ҩык ауааԥсыра рыдкылара алшон. Алықьса Адам-иԥа илшеит ақалақьтә еиҳабыра рҟынӡа анагара, аполиклиника аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа иаарласны ишыӡбатәу. Убас, иаахәан иҿыцӡоу амедицинатә маҭәахәқәеи, атехникеи, иагыз аҳақьымцәа рылагьы еиқәыршәан.

Анаҩс, Хәыранов еиҿикааит аҟәшақәа зегьы русура, аҭаҩырҭа аԥхьа инаргыланы. Агәаранқәа уаҳа иҟамызт. Ачымазаҩ идкылара иазоужьыз аамҭа уажәшьҭа еиҳа ихшыҩркны аҳақьым ихы иаирхәон. Гәаартыла ачымазаҩ идкылара, уаанӡа еиҳа аформалла зҵаз азнеишьа иаиааит.

Иқәыԥшу аспециалистцәа абжьагажәа раҳәо, аҳақьым хада бзиа ибон еицырдыруа, аурыс психиатр ду Владимир Бехтериов иажәақәа реиҭаҳәара: «Ачымызаҩ аҳақьым даниацәажәа ашьҭахь, дмеиӷьхазар – уи дҳақьымым».

Алықьса Хәыранов аполиклиника дахагылан 36 шықәса. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала, напхгара ззиуаз аусбраҭа иԥхьагылоу акы акәны иҟалеит ақалақь агәабзиарахьчаратә асистемаҿы. Уи ус иҟаларц азы рџьабаа ду адырҵеит аҳақьым хадеи, аполиклиника аусзуҩцәеи.

Иуалыуашуаз агәы

Ауаа рыцхраара – Алықьса Адам-иԥа изы иҳақьымтә ҭакԥхықәра аҟны мацара инҵәаӡомызт. Аӡәы сабаицхраари ҳәа иҟаз, иааигәара аӡәы ацхыраара иҭаххар, игәы рҭынчны дзаанхомызт. Убри иҟазшьа зегьы рзы еиԥшын: хаҭала аӡәык-ҩыџьак ракәымызт иззынархаз ицхыраара, аколлективқәа, ажәларқәа рахь имаз азнеишьагьы ус акәын ишыҟаз…

Изныкымкәан дыҟан депутатс: Ҟарачы-Чарқьессктәи аобласт жәлар рдепутатцәа рхеилак, ҞЧА Апарламент, Ачерқьестә қалақьтә Дума уҳәа рҟны. Хәыранов баша

адепутаттә мандат ныҟәызгоз дреиумызт, уи есқьынагьы иалхыҩцәа ирыхәаша аҟаҵаразы, рыԥсҭазаара аиӷьтәразы имаз алшарақәа ихы иаирхәон.

Алықьса Адам-иԥа Хәыранов абаза милаҭҭә-уаажәларратә ҵысра ахыҵхырҭаҿы дгылан, убасгьы, дызлахәыз ауаажәларратә хеилак «Адгылара» (уажәы «Абаза») напхгаҩыс дахагылан, ҞЧР азы даара иуадаҩыз 1999 ашықәс азы (ареспублика ахада иалхрақәа ирхылҿиааит уаҟа иқәынхо ажәларқәа реиҿагылара – аред.).

Аԥсны Аџьыньтәылатәи еибашьраан, 1992-1993 шықәсқәа рзы, Алықьса Хәыранов активла далахәын ҞЧА аҟнытә агуманитартә цхыраара аиқәыршәареи, уи Аԥсныҟа аашьҭреи аус.

Аԥсны ахьыԥшымра аназхарҵа ашьҭахь, Алықьса Адам-иԥа лассы-лассы арахь даарыԥхьо иалагеит, акырзҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаихәразы. Иқәра акыр ишнеихьазгьы, иара есқьынагьы ааԥхьарақәа идикылон, дагьаауан, уи иара иуалԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡаны. Алықьса Хәыранов даара пату иқәын Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара рҿеиԥш, убас ауаажәларра рыбжьарагьы.

Агәалашәара

Алықьса Адам-иԥа Хәыранов иниҵит џьабаала иҭәыз аԥсҭазаара. 85 шықәса ихыҵра иақәыршәаны иҭижьуеит «Имариам ҳақьымс аҟазаара» ҳәа хьӡыс измоу игәалашәарақәеи, иԥсҭазааратә мҩеи зныԥшуа ашәҟәы. Иара убасгьы, абри ашәҟәы азкуп ашәуаа рыбжьара раԥхьаӡа акәны аҳақьым идиплом зауыз изанааҭтә мҩа, 50 шықәса дуӡӡа ззанааҭ иазызкыз. Инхарҭәааны уаҟа иаарԥшуп ҞЧА агәабзиарахьчара асистема аҿиара аҭоурыхгьы, ашәҟәы еизнагоит уи апроцесс злагала азыҟазҵаз рыхьӡқәа, ҳәарада, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп ашәҟәы автор ихаҭагьы.

Иԥсҭазааратә мҩа аихшьала ҟаҵо, автор ус иҩуеит: «Сыԥсҭазаара сгәы алаҟоуп. Илысхыз амҩа иашан, самеижьеит» ҳәа.

Алықьса Адам-иԥа иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 17, 2018 шықәсазы. Нарцәыҟа дцеит игәи-иԥси, иламыси цкьаны.