Аԥсны зегьы бзиа еицырбо жәлар рышәҟәыҩҩы, ҳаамҭазтәи аклассик Алықьса Гогәуа имшира инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит иара изку аочерк.
Асҭанда Арӡынԥҳа
Хәажәкыра 15, 1932 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, алитературазы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I-тәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа.
Жәлар рышәҟәыҩҩы
Исгәалашәоит ҭагалантәи мшы еилгак аҽны ашколтә ныҳәа еиднакылаз ахәыҷқәа неилыс-ааилысуан. Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рнапкымҭақәа ӡырыргон «Ҭагалан аҳамҭақәа» ҳәа хьӡыс измаз есышықәсатәи аиармаркаҿы. Жәабаҟа шықәса зхыҵуаз аӡӷаб напкымҭак даднахалеит. Лылаԥш лзаҟәымго дахәаԥшуан: аԥсуа гәараҭа, аԥацха хәыҷы гылоуп, насҭха – абаҳча, ашәырҵла хәыҷқәа рыҵаҟа амахәқәа ԥыҵәҵәаны икаԥсоуп, апластилин иалху ашәырқәагьы рыҵаԥсоуп.
«Ари закәи? – сҳәеит – Гогәуа иҿы ишыҟаз еиԥш оума? Қәыршыҩшьҭахь абаҳча?» Сыблақәа сырҩахан сааԥшызар, дызбеит сырҵаҩы абри исҳәаз даара лгәы ишахәаз удырратәы длаша-лашо. Сақәшәеит! Аха уеизгьы, арҵаҩы уи аҭыԥҳа хәыҷы лаасҭа насыԥ лымамзар ҟаларын уи аҽны. Дысгәалашәоит убасгьы ҳгәылара аӡӷаб хәыҷ диины аҩныҟа данааргоз. Лара Елана лыхьӡырҵеит, уигьы «Гогәуа иҿы ишыҟаз еиԥш».
Уи аахыс аамҭа рацәа цахьеит, аԥсҭазаараҿы абжьааԥны ишыҟалало еиԥш. Уажәазы ателехәаԥшраҿы аус зуеит, Алықьса Ноча-иԥа – дсасны даҳҭоуп. Аҭыхрақәа ирылагаанӡа дашшуеит ҳрепортажқәа руак аҿы иманшәаламыз ҳәоук ҳацәцеит ҳәа.
«Иубоит, – иҳәеит, – аурысшәаҟынтә ишиашоу аԥсшәахь ишеиҭагоу. Аԥсуа бызшәа акалька бзиа иабаӡом, аԥсышәала атекст уҩырц азы аԥсышәала ухәыцуазароуп».
Уажәы исгәалашәагәышьом изхыиҳәааз аҳәоу зеиԥшраз. Аха уи ара шьҭа иагьабаҭаху.
Алықьса Гогәуа – жәлар рышәҟәыҩҩуп. Ари аофициалтә хьӡы рхырҵоит алитература аҿиараҿы иналукааша зхатә лагала ҟазҵаз ауаа. Аха, иаҳҳәап, сара исазҵаазҭгьы жәлар рышәҟәыҩҩы ҳәа изышьҭоу дарбан ҳәа, убас аҭак ҟасҵон: уԥсҭазаара иахәҭаку иоуп, зфырхацәа рыхьӡқәа зыхшара ирхырҵо иоуп ҳәа. Убасҟан зегьы рҭыԥқәа рҿы инагылоит.
Адуқәа зегьы – раамҭа иақәшәоит
Алықьса Ноча-иԥа диит Очамчыра араион, Гәыԥ ақыҭан. Аҵара иҵон зны иқыҭаҿтәи ашкол аҿы, анаҩс – Тҟәарчал, абжьаратә школ далгеит Тҟәарчал араион, Ԥақәашь ақыҭан.
Ашкол аамышьҭахь заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз арԥыс ишәҟәқәа алеиҵеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет аҭаларазы. Аха убасҟан ихадоу амаҭәарқәа рыла қәҿиарала аԥышәара аҭо дшааиуаз, ақырҭуа бызшәаҿы данааи, изамҭеит. Абра данеиқәымшәа ашьҭахь Тҟәарчалтәи ашахтаҿы аусура далагоит, адырҩашықәсаны зегь акоуп аинститут дҭалоит иалиххьаз азанааҭ ала.
Ашьҭахь, 1995 шықәса инаркны 1960-нӡа Алықьса Гогәуа аҵара иҵон Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҿы. 1959 шықәсазы Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәы реидгыла далалоит. Москва иҵара хыркәшаны Гогәуа иԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит. Аус иуеит ажурнал «Алашара» аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс (1962 шықәса инаркны), анаҩс аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор еиҳабыс, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хадас (1975–1989 шш. рзы), Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩыс (1989–1997 шш. рзы).
Алықьса Гогәуа дшыхәыҷыз аҩра далагеит, ажәа абзиабара иҭаацәаратә традициа иалан. Иаб дажәабжьеиҭаҳәаҩын, ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа бзиаӡаны идыруан, реиҭаҳәашьагьы дақәшәон: ажәа дазҟазан, изыӡырыҩра агәахәа унаҭон.
Гогәуа ирҿиаратә мҩа ажәеинраалақәа рыла ихациркит. Раԥхьаӡа акьыԥхь збаз иажәеинраала «Агеолог» агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» ианылеит 1949 шықәсазы. Алықьса усҟан 17 шықәса ихыҵуан.
Иахьа иара даҳдыруеит ажәабжьқәеи, аповестқәеи, ароманқәеи, акритикатә статиақәеи апублицистикеи равторк иаҳасабала. Гогәуа ироман-рапсодиа «Асду» акәзар, аԥсуа литератураҿы иналукааша аԥҵамҭахеит, Асовет Еидгыла иалаз ажәларқәа жәпакы рбызшәақәа рахь еиҭаргеит, иара убас европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи рахь.
Гогәуа ихаҭагьы аиҭагара инапы алакуп. Иара ибзоурала аԥсышәала ҳрыԥхьоит Фиодор Достоевски иҩымҭақәа «Ацәгьоуреи ахьырхәреи», «Аҵх лашақәа», Лев Толстои иҩымҭа «Иван Илиа-иԥа иԥсра», Константин Федин «и-Аԥсуа ажәабжьқәа» уҳәа убас иҵегьгьы.
Алықьса Гогәуа ишиҳәо ала, ашәҟәыҩҩцәа дуқәа зегьы – раамҭа иақәшәон. Иара иазгәеиҭеит уажәгьы-уашьҭангьы Маркес ироман «Шәышықәса азаҵәра» дшазхьаԥшуа.
«Сара сгәы излаанаго ала, ари аԥҵамҭа дуӡӡоуп, ароман ажанр аихьӡарақәа шамахамзар зегьы еизнаҳәҳәоит», – иҳәоит иара.
Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҟынтә Гогәуа даликаауеит Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, уи ипоезиеи ипрозеи.
«Адунеитә литература амшын дуӡӡа аԥсуа мотивқәа алазар – уи, раԥхьаӡа инаргыланы, гәыла-ԥсыла ажәлар рҟынтә иаауа Баграт Шьынқәба ипоезиа амотивқәа роуп», – ҳәа агәра ганы дыҟоуп Гогәуа.
Ажәлар реидгылара ахаҿы игылаз
Алықьса Ноча-иԥа Аԥсны имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара еснагь активла далахәын.
1988 шықәсазы Асовет Еидгыла жәлар рдепутатс далырхит (1988-1991). Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ауаажәларра-политикатә ҵысра – Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара», иара уи дахагылан.
Аԥсны аҭоурых здыруа зегьы еилыркаауеит ари афорум аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥараҿы ароль хада шааннакылаз.
Афорум «Аидгылара» аԥҵан 1988 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы. Уи еиднакылон зыхьӡ нагоу аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа, ауаажәларра. Ахьӡ ахаҭа ишаҳәо еиԥш, афорум идеиа хадас иамаз ажәлар реидкылара акәын.
Аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл аҿы рхы иақәиҭны, рхы ҳәаақәырҵо иҟалартә еиԥш жәашықәсала иззықәԥоз рзинқәа «Аидгылара» анаԥырҵа нахыс ҽаԥарак ԥхьаҟа ицеит. Усҟантәи аамҭазы, ақыртқәа Аԥсны иахаԥаны ианыҟаз, «Аидгылара» мацара акәын аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчара иазкыз. Ари аиҿкаара цхыраагӡа духеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993шш.) аламҭалазы ажәлар рымчқәа реидкылараҿы. Анаҩс, 1995 шықәсазы аиҿкаара аҽоунашьҭит.
Абду изку ажәа
Алықьса Ноча-иԥа даара дшеилахоугьы – арҿиара аганахьалеиԥш, ауаажәларратә ԥсҭазаара аҟынгьы – еснагь иҭаацәара рзы аамҭа иԥшаауан.
Ашәҟәыҩҩы имоҭа еиҳабы Нар Ҭаниа игәалашәоит, хьӡи-ԥшеи змоу иабду иҩныҟа инеиуаз имоҭацәа рхы дышнықәԥшлак, иаразнакала иусқәа дшырҟәаҵуаз.
«Сыбжьы шааиаҳалак, дызҿыз иҩымҭа нықәҵаны сааидиԥхьалон. Ҳара еснагь ирацәаны ҳаицәажәон, сара схала исҭахны сцаанӡа. Егьа деилахазаргьы, сызхара аамҭа иԥшаауан», – иҳәоит амоҭа.
Нар гәаартыла иҳаиҳәеит, иабду еснагь кумирс дышимаз, уззымҩаӡо ҳаракыраны дшыҟаз.
«Зынӡа санхәыҷӡазгьы сара еилыскаауан дышуаҩ дууз. Ҩныҵҟала исныруан уи, иԥсадгьыл аҿаԥхьа илшахьоу – аполитикаҿ еиԥш, арҿиара аҟынгьы иусура аҵак ду шамаз шысзымдыуазгьы. Сара еснагь сабду иахь сгәы сыхон абри «аура» ҩаԥхьа иснырырц», – иҳәоит Алықьса Гогәуа имоҭа.
Нар иабду иҩымҭақәа рахьтә ихазы иаликаауеит аповест «Елана», ажәабжьқәа реизга «Абжьынҵ бнатә», ароман «Асду».
Ари ароман иахьагьы актуалра ацәымӡыцт. Иара иаанарԥшуа ахҭысқәа ҟалеижьҭеи шәышықәса инареиҳаны ишыҵхьоугьы, иахьатәи ҳаамҭа ишақәҿнаҭуа ҩашьарада иубоит ҳәа агәра игоит Нар.
Иԥсҭазаараҿы ихадароу аус
Гогәуа ихаҭа ишиҳәо ала, дызнысыз аԥсҭазааратә мҩа «уадаҩын, аинтерес аҵан, имариамызт», убри зегьы ирҿиараҿы иааирԥшырцгьы иҽазишәон, ижәлари иԥсадгьыли рықәԥара аӡәы ҳәа далагыланы.
«Убри ауп сара сыԥсҭазаараҿы хықәкы хадас исԥхьаӡо, еснагьгьы исԥхьаӡоз, убри анагӡаразы сара схы иасырхәеит исымаз сылшарақәеи сдоуҳамчи зегьы», – иҳәоит ашәҟәыҩҩы.
Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз Алықьса Гогәуа иколлегацәа еиҵбацәа рахь ихы нарханы абас еиԥш ажәақәа иҳәеит:
«Ажәлар – ибылуа кәасҭӷақәазар, уара – иҿымцәаауа мцазароуп, алашареи аԥхарреи зхылҵуа», – ҳәа иажәа хиркәшеит ашәҟәыҩҩы.
АААК акоманда зегьы рыхьӡала Алықьса Ноча-иԥа гәык-ԥсыкала имшира идаҳныҳәалоит! Шықәсырацәа нышәҵааит ҳгәы зыздуу ашәҟәыҩҩы!
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.