Ацәыргақәҵа еиҿыркааит С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.
Ацәыргақәҵа "Аибашьҩы дзааӡаз агара" аатит Аҟәа акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҿы. Ацәыргақәҵа Аиааира 30 шықәса ахыҵреи Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи ирызкын, иара убас Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи аофициалтә аартра. Аекспозициаҿы ицәыргоуп Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа 30-ҩык ргарақәа. Гарацыԥхьаӡа ирыдырҷаблан изтәу аҭаацәарақәа рҭоурых еиҭазҳәо анҵамҭақәа. Уи адагьы, ицәыргоуп аибашьра адәаҿы иҭыхыз афотосахьақәа реиԥш, еиуеиԥшым аибашьра аамҭақәа рзы иҭыхыз афотосахьақәагьы.
АААК Аҟәатәи аҟәша анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа инаҵшьны иҳәеит Аконгресс есымша Аԥсны аҭоурых иадҳәалоу апроектқәа гәыкала ишырзыҟоу.
"Ҳара рыхә ҳаракны иаҳшьоит иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара аиқәырхара иазку аусмҩаԥгатәқәа. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҽазнашәоит ҳҭоурых, ҳмилаҭ, ҳкультура реиқәырхара иацхраауа ахырхарҭақәа рыла аусура. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь заԥхьа дгылоу ҳколлектив зегьы ахьӡала иҭабуп идуӡӡаны ҳәа расҳәар сҭахуп арҭ реиԥш афырхацәа зааӡаз. Ари ацәыргақәҵа ҳахьчаҩцәа ргәалашәара аиқәырхара иацхраауеит. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп амузеи аколлектив, хаҭала Гәыгәыца Шьаликәа-иԥҳа. Ари шәареи ҳареи ҳаилахәны иалҳаршаз раԥхьатәи проектуп, аха агәыӷра сымоуп ишҵыхәтәантәимхо азы», - ҳәа иҳәеит иара.
Амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа далацәажәеит аекспозициа аԥҵара аҭоурых.
«Иҭахаз аибашьҩык иан дсыҳәеит лԥа дызлалааӡаз агара амузеи ахь иҳадаҳкыларц. Аԥхьа мап скит, сгәы иаанагеит ари аҩыза агара аҩнаҭаҿы иҟазароуп ҳәа, аха ҽнак зны ӡышьҭрак иҭажьыз агара збеит. Уи убриаҟара сгәы снархьит, иаразнак исыӡбеит ан илҳәаз сақәшаҳаҭхарц. Анаҩс Аԥсны ахы-аҵыхәа афырхацәа зларааӡаз агарақәа реизгара салагеит. Абас ауп ари аекспозициа шеидкылахаз», - еиҭалҳәеит лара.
АААК аусзуҩ Есма Кәыҵниаԥҳа далацәажәеит ацәыргақәҵа Аҟәа амҩаԥгара аидеиа шцәырҵыз.
«Ари аекспозициа Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи амузеи иатәуп, апроект автор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лоуп. АААК ацәыргақәҵа Аҟәа имҩаԥгазарц аидеиа адгылара анаҭеит. Арахь иаагоу агарақәа реиҳарак абиԥарақәа рыларааӡахьеит. Аекспозициаҿы иҟаз, реиҳа ижәытәу агара шәышықәса ахыҵуеит, ҩыџьа Аԥсны Афырхацәа: Игори Маринеи Ҭаниаа рҭаацәа иатәуп. Ара ицәыргоу аҭоурыхқәа угәаҵанӡа инеиуа ҭоурыхқәоуп», - ҳәа лҳәеит лара.
Ҩымш ицоз ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ргәаанагарақәа рҳәеит.
«Аԥхьаҵәҟьа иаабаз ҳаршанхеит, иаанагоз ҳзеилымкааит, аха нас еилаҳкааит аҵакы. Арҭ иуникалу аекспонатқәа дасу рҭоурых рымоуп. Иахьа араҟа ахәыҷқәа аԥсадгьыл, атәыла ахьчаҩцәа ирызкны ажәеинраалақәа ирыԥхьон. Анацәа еиҭарҳәон рҭоурыхқәа. Ирҳәоз зегь ҳзеилымкаауазаргьы иаҳныруан. Ҳхырхәоит афырхацәеи урҭ ранацәеи рҿаԥхьа, аҭынчра агымзааит шә-Аԥсынра", - ҳәа лҳәеит Воронежынтә ԥсшьара иааз Ирина.
Аекспозициа аус ауеит цәыббра 21 рҟынӡа.
Асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа хымԥадатәиқәоуп. Аибашьра агәалашәара иаанагоит аибашьра амца изалымҵыз ргәалашәара. Агәалашәара ыҟанаҵ иҟоуп ажәларгьы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.