Аетнографцәа АААК иазеиҭарҳәеит, ажәытә стиль ала Ашықәс ҿыц азгәаҭара иақәшәо аԥсуаа ржәытә ныҳәа Ажьырныҳәа иадҳәалоу атрадициақәеи ақьабзқәеи ртәы.

Саид Барганџьиа

«Ажәытәтәи Ашықәс ҿыц» – абызшәадырцәа ас еиԥш иҟоу ажәеицааирақәа оксиуморон ҳәа ирышьҭоуп, еиҿагылоу аҵакқәа аазырԥшуа ажәақәа ахьеицу аҟнытә. Аҿар рабиԥара иаразнакала ирзеилымкаар ҟалоит уи аҵакы. Иҟоу уи оуп: ажьырныҳәа 13 ауха Ашықәс ҿыц иаԥылозаарын Аԥсны, Урыстәылеи Асовет Еидгыла иалаз егьырҭ атәылақәа жәпаки рҟнеиԥш, амзар ҿыц ахь имиасызҭгьы. Даҽакала иаҳҳәозар, «ажәытәтәи Ашықәс ҿыц» – амзартә шықәса иалагамҭоуп уаанӡа иаԥыз ашықәсԥхьаӡара ала.

Еиԥшым амзарқәеи еиԥшым атрадициақәеи

Еиуеиԥшым амзарқәа реивгара иадҳәалоуп аинтерес зҵоу афактқәеи ишьақәгылаз атрадициақәеи рацәаны. Зегь раԥхьаӡа ухаҿы иааиуа ҿырԥшуп Ақьырсиантә уахәама ашықәсантәи аныҳәақәа рцикл атәылақәа жәпакы рҿы разгәаҭашьа, Аԥсынгьы уахь иналаҵаны: аиашахаҵаратә қьырсиантә ныҳәақәа иахьагьы иулиантәи амзар инақәыршәаны иазгәарҭоит. Убри азоуп, иаҳҳәап Қьырса ныҳәа аиашахаҵаратә қьырсианцәа иазгәарҭоит ажьырныҳәа 7 рзы, акатоликатә тәылақәа рҿы акәзар – ԥхынҷкәын 25 рзы. Урыстәыла аҳратәра анаԥыз аамҭақәа рзы иулиантәи амзар инақәыршәаны Иаса Қьырса иира аныҳәа аамышьҭахь акәын Ашықәс ҿыц ианаԥылоз – уи иахьазы ажьырныҳәа 13 ауха иазгәарҭо «ажәытәтәи Ашықәс ҿыц» ҳәа изышьҭоу ныҳәоуп. Иахьатәи Ашықәс ҿыц аныҳәа аԥылараан аиашахаҵаратә қьырсианцәа, Аԥсны инхогьы уахь иналаҵаны, Қьырса ныҳәазтәи ачгара иҵоуп.

Ажәытәтәи ашықәс ҿыц атәылақәа жәпакы рҿы иазгәарҭоит. Урҭ зегьы рҿы «акалашәа» иҟоу ари аныҳәа ацәырҵра зыдҳәалоу амзар ҿыц ахь аиасроуп, аха ари амш иацу аҷыдарақәеи атрадициақәеи ракәзар – еиуеиԥшым ажәларқәа рменталитети, ркультуреи, еиҳаракгьы разхаҵарақәеи аадырԥшуеит. Иаҳҳәап, Швеицариа ҭыԥқәак рҟны абри аҽны иазгәарҭоит ацқьа Сильвестр имш, ауааԥсыра ари аныҳәа рҽазыҟарҵоит, гәырӷьарала иазгәарҭоит, амаскарадттә костиумқәа ршәырҵоит. Македониагьы ари аҽны акарнавалқәа мҩаԥыргоит. Ажәытә амзар ала ашықәс ҿыц аналаго амш азы Уельс имҩаԥысуеит афестиваль Хен Галан. Абри аҽны ахәыҷқәа агәылара аҩнқәа рышә иасуеит, нас ақәгылара ҳәыҷы иаздырхиаз анддырбалак ашьҭахь ахаа-мыхаақәа рырҭоит.

Адунеи еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иҟоуп ажәытәтәи Ашықәс ҿыц азгәаҭара атрадициақәа ирызку иҷыдоу ацәыргақәҵақәа, урҭ мҩаԥыргоит амузеиқәеи акультуратә усбарҭақәеи. Убри аҩыза аекспозициа аартуп Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҟынгьы.

Ажәытәтәи Ашықәс ҿыц, Нарҭаа репос, ажьира

Ажьаҳәа, аԥсангьыри, арыҭәа уҳәа ажьира иадҳәалоу еиуеиԥшым амыругақәа… Аԥсуа культура инарҵауланы иззымдыруа Аҟәатәи амузеи аҭааҩ азныказы изеилкаауам арҭ амаҭәахәқәа зегьы Ашықәс ҿыц азгәаҭара ишадҳәалоу. Ажьырныҳәа 13 ауха аԥсуаа иазгәарҭоит жәытә-натә аахыс иаауа аныҳәа – Ажьырныҳәа, иара анақәшәо амза ахаҭагьы ахьӡ азҭаз.

Зқьышықәса уажәаԥхьа аԥсуаа зыгәра ргоз рынцәахәқәа дыруаӡәкуп Шьашәы. Аԥсуаа ажәытәан ишхарҵоз ала, Шьашәы ажьирақәеи ажьицәеи рынцәахәы иакәын. Ажьицәа – зыда ԥсыхәа ыҟамызт ҟазацәан ажәытә аамҭақәа раан, урҭ рус ахә ҳаракӡаны иршьон.

Нарҭаа репос аҿы узыршанхо хҭыск аарԥшуп: аԥшқа ииз аиха ахьдырҭәоз дӡааркуеит. Аха ари баша арԥысмызт, Нарҭ Сасрыҟәа иакәын. Ахаҳә иахылҵыз арԥыс Саҭанеи Гәашьа (аԥсуа Нарҭтә епос ихадароу аперсонаж Нарҭаа ашәҩыки раҳәшьазаҵә Гәындеи ран – аред.) лцәа данадылҵа иԥсы ҭалеит. Аепос излаҳәо ала, Аинар-жьи Сасрыҟәа абас диӡрыжәит, аџыр еиԥш дыӷәӷәаӡа дҟаларц.

Ажәытәан аԥсуаа аӡәырҩы ирҭахын рҵеи джьихарц, аха ус иҟало рацәаҩхомызт – избанзар уи имариоу усмызт. Убри аҟнытә дара ажьира анцәахәы Шьашәы иҳәон дрыцхраарц азы.

Абас ала ажьира – жәытә-натә аахыс аԥсуаа рҿы иԥшьоу ҭыԥны иԥхьаӡоуп, еиҳаракгьы абиԥарала ари аус мырӡкәа иаазгоз рҟны. Убас иҟоу ажәлақәа рабиԥара ажьирақәа иахьанӡагьы еиқәырханы ирымоуп. Ажьырныҳәа аҽны аҭаацәа зегьы еизоит, ажьира иадгыланы иныҳәоит. Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа еиҭалҳәоит ажьирақәа дыргылон ҳәа иахьааҳараку, аҩны иазааигәацәаӡамкәа, арыӷьарахь ала. Ажьира мрагыларахь иԥшуазар акәын.

«Уаанӡа ажьирақәа рхыбӡомызт, ҵла дук амҵан идыргылон, ажәҩан иаҵаԥшуан. Уажәы ажьирақәа рхыбуеит», - ҳәа азгәалҭеит аетнограф.

Ажьырныҳәа иахьа

Иахьа Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра рахьтә иқьырсианцәоу рхыԥхьаӡара рацәоуп. Иҟоуп аислам, нас егьырҭ адинхаҵарақәа ныҟәызгогьы. Ҳәара аҭахума, Ажьырныҳәа ажәлар зегьыҵәҟьа иазгәарҭоит ҳәа ҳазҳәом: адин иадҳәалоу азҵаарқәа – досу ихатә усуп. Убас, Иаку Анцәеи, Аԥсыцқьеи, Иаса Қьырсеи хазҵо ақьырсианцәа рхы аладархәуам абас еиԥш иҟоу аныҳәара, рдин иахьрыднамҵо аҟнытә. Ус анакәха, иаҳҳәарц ҳалшоит иахьазы Ажьырныҳәа азгәазҭо аԥсуаа итрадициатәу аԥсуа динхаҵара ныҟәазго роуп, мамзаргьы иарбанзаалак иалкаау динхаҵарак аҵыхәтәанынӡа иныҟәзымго роуп ҳәа.

Абри атәы иҳәоит аҭҵаарадыррақәа рдоктор, аетнолог Валери Бигәаа. Иара излаиԥхьаӡо ала, ҳаамҭазы Ажьырныҳәа азгәаҭара – «традициала иаауа қьабзуп еиҳарак, ажьира амч ҷыда шалоу агәрагара аасҭа».

«Ари аныҳәа иахьа абиԥара рхаҭарнакцәа реиқәшәара, реибабара алзыршо мшуп, адинхаҵаратә культ аазырԥшуа акы аасҭа. Иазгәарҭоит инарҭбааны, гәырӷьала-ччарала», - иҳәоит аетнолог.

Ақьабзқәа рықәныҟәара

Ажьырныҳәа азгәаҭара аҵас иахьанӡагьы ԥсахрада еиқәханы иҟоуп. Иара азгәарҭоит ақыҭараҿы, аҭаацәара зегьы ахьеизо аҩн ду аҟны.

Аԥсуаа аӡәырҩы ақалақьқәа рахь нхара ишиасызгьы, зегь акоуп ақыҭа иадҳәалоуп. Шьоукы ранацәа рабацәа ақыҭараҿы инхоит, егьырҭ, зеиҳабацәа зыԥхахьоу, раб игәараҭа иахылаԥшуеит, анышәынҭрақәа ирҭаауеит. Ажьырныҳәа аҽны зегьы аҩн ду аҿы еизаны абри аныҳәа азгәарҭоит.

Инга Шамԥҳа еиҭалҳәеит, ажьырныҳәа 13 ауха, амра анҭашәалак аамышьҭахь абиԥара иатәу ашьтәа ршьуеит, еиҳарак аџьма, зны-зынла ацәҟата, нас иныҳәоит ҳәа.

«Ашьҭәа ҩышықәса еиҳаны иахыҵуазароуп, ицқьазароуп, уи иаанаго: иџьмазар – хәыц еиқәаҵәа аламзароуп, ицәызаргьы – ацәа ауаразоуроу ԥшшәык амазароуп. Иара убасгьы, ажьира иадгыло рыцԥхьаӡа арбаӷьқәа, ма ақәытқәа ршьуеит», - лҳәеит аетнограф.

Шамԥҳа лажәақәа рыла, ашьтәа ажьы зны иржәуеит, нас инаахәлалак жәлак еицызмоу аҭаацәара рхаҭарнакцәа ажьирахь инеиуеит, рышьҭәа агәи агәаҵәеи иахныҳәоит.

Иахьа ажьирақәа асимволикатә ҟазшьоуп ирымоу, урҭ рыҟны иныҳәоит оуп, ажьира ахаҭа афункциа мҩаԥнагаӡом. Аҭаацәара иалалаз аҭыԥҳаи, уи лхәыҷқәеи лаб иҩны ажьира адгылара азин рымаӡам, лара дахьнанагаз аҩнаҭаҿы дырныҳәоит. Аетнолог еиҭалҳәеит, ажьирахь ишнарго ижәу ашьтәа ажьи, уи атәыҩақәеи, ацәеи, арбаӷьқәа жәны, нас ашә згәылоу акәакәарқәеи, аҩы еиқәаҵәеи. Аҩы шкәакәа Ажьырныҳәа ааны шамахамзар иахныҳәаӡом.

Ажьираҿы аҭаацәара мрагыларахь рхы рханы еивагылоит, нас аныҳәара иалагоит. Иныҳәо аҭаацәара иреиҳабу иоуп. Иарма напаҿы араса махә икуп, ашьтәа агәи агәаҵәеи зхоу. Иарӷьа напаҿы – ҵәыцак аҩы. Ажәытәан иныҳәоз ҷыдала уи иазкыз аныҳәаҩ иакәын, аха нас ишнеиуаз ари ари ароль наигӡо далагеит аҩнаҭаҿы иреиҳабу, абиԥаралагьы уи ироль аимдара иалагеит – аб иҟынтә иҷкәын аиҳаб иахь.

«Аҭаацәара реиҳабы аҩнаҭа иатәу зегьы иныҳәоит. Традициала ишаԥу еиԥш, иара иаамышьҭыхь еиҳабы-еиҳабыла зегь ныҳәоит, нас ашьтәа агәи агәаҵәеи агьама рбоит. Аныҳәаҩ ажьира иадгылоу зегьы аӡәаӡәала иныҳәоит, доусы рхьӡала ацәашьқәа аиркуеит. Арҭ ацәашьқәа аҭаацәа рнапала иҟарҵоит аҩны, ацәацқьа иалхны», - лҳәеит Шамԥҳа.

Аҵыхәтәан аетнограф иазгәалҭеит, изҭаху зегьы Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҟны Ажьырныҳәа иазку аекспозициа иаҭаарц шрылшо, ажәытәтәи аамҭақәа иныдыркны иахьанӡа еиқәхаз атрадициақәеи, уи аахыс зҽызыԥсахыз аҵасқәеи, зынӡа иаҳцәыӡхьои еиҳа инарҭбааны реилкааразы»