14580

АААК аинфопортал ишәыднагалоит аспектакль «Сариа» апресса рзы арбараан иҭаҳхыз афотосахьақәа 

Раԥхьаӡа акәны атеатр асценаҿы ицәырҵит Аԥсны аҭоурых аҿы зеиԥш ыҟам агәымшәара аазырԥшыз аԥҳәызба Сариа Лакоба илызку аспектакль. Аԥсуа драматә театр асценаҿы асовет аамҭазы Аԥсны аԥызас иҟаз Нестор Лакоба ихатә ҩыза илызку аспектакль ықәлыргылеит арежиссиор Мадина Аргәын. 

Сариа Лакоба раԥхьаӡа иргыланы дызлаҳдыруа 37-тәи ашықәс арепрессиа еиқәаҵәақәа раан зхатә ҩыза – Аԥсны аԥыза ихьӡ зымҟьашьыз лаҳасабалоуп. Нестор Лакоба данаԥырырх ашьҭахь лԥеи лареи ҭаркит, НКВД абахҭаҿы аума лзаарцон Нестор «жәлар раӷа» ҳәа дрылазҳәоз ақьаад лнапы аҵалҩырц. Нестор даныршь ашьҭахь уи иуацәа зегьы рзы амш лашьцеит, аӡәаӡәала ирго иалагеит. Сариа дҭаркит 1937 шықәса нанҳәа 17 рзы. Ашаҳаҭцәа изларҳәоз ала, аԥҳәызба ухаҿы иузаамго агәымшәара дуӡӡа аарԥшны илхылгон дзықәдыршәоз агәаҟрақәа зегьы, убас мацара ҩышықәса иналган лыԥсҭазаара далҵгәышьеит 35 шықәса дшырҭагылаз, Қырҭтәыла абахҭааҿы. Анышә дахьамадоу иахьа уажәраанӡа еилкаам.