Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны иқәдыргылеит Аԥсны аҭоурых аҿы иналукааша аполитикатә усзуҩ Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс Сариа илызку аспектакль. Апремиера мҩаԥысит жәабран 24 ауха. Арежиссиор Мадина Аргәын иқәлыргылаз аспектакль ҿыц иахәаԥшыз дреиуоуп АААК акорреспондент, уи илызцәырнагаз ахәыцрақәа ҳацеиҩылшоит.
Амра Амҷԥҳа
Аспектакль «Сариа» апремиера ҽнак шагыз ажурналистцәа еизганы иддырбеит. Уи ахьӡ ишаҳәо еиԥш, изызку Аԥсны аҭоурых аҿы ифырԥҳәызбаны еицырдыруа – асовет аамҭазы ҳтәыла иахагылаз Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лоуп.
Сариа Лакоба раԥхьаӡа иргыланы дызлаҳдыруа 37-тәи ашықәс арепрессиа еиқәаҵәақәа раан зхатә ҩыза – Аԥсны аԥыза ихьӡ зымҟьашьыз лаҳасабалоуп. Нестор Лакоба данаԥырырх ашьҭахь лԥеи лареи ҭаркит, НКВД абахҭаҿы аума лзаарцон Нестор «жәлар раӷа» ҳәа дрылазҳәоз ақьаад лнапы аҵалҩырц. Нестор даныршь ашьҭахь уи иуацәа зегьы рзы амш лашьцеит, аӡәаӡәала ирго иалагеит. Сариа дҭаркит 1937 шықәса нанҳәа 17 рзы. Ашаҳаҭцәа изларҳәоз ала, аԥҳәызба ухаҿы иузаамго агәымшәара дуӡӡа аарԥшны илхылгон дзықәдыршәоз агәаҟрақәа зегьы, убас мацара ҩышықәса иналган лыԥсҭазаара далҵгәышьеит 35 шықәса дшырҭагылаз, Қырҭтәыла, Бериа ибахҭақәа руак аҿы. Анышә дахьамадоу иахьа уажәраанӡа еилкаам.
Аспектакль ықәдыргылеит аҟабарда поет, ашәҟәыҩҩы, адраматург Зарина Ҟаныҟәа лыпиеса шьаҭас иҟаҵаны. Лара Ҟабарда-Балкариа иҭыҵуа агазеҭ «Ашьхаҭыԥҳа» редактор хадас дамоуп, лассы-лассы Аԥсныҟа даауеит – лашьа гәакьа Аԥсны ахақәиҭра ихы ақәиҵеит, 2018 шықәса раахыс еиҿылкаауеит аԥсуа-адыга литературатә фестиваль «Арифмақәа Риҵа». Аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩ – Мадина Аргәын лоуп, асахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩ Нодар Ҵәыџьба.
Абар аспектакль алагоит, раԥхьа асценаҿы дцәырҵуеит актриса Хьыбла Мықәԥҳа. Лара лроль ҵакыс иамоуп Сариа дызлахымжәаз, агәаҟрақәа злалычҳаз атәы лырҳәара. Хьыбла – атеатр иаҭааз ахәаԥшцәа зегьы дырхаҿуп, афырԥҳәыс лҭоурых заҳарц иԥшу.
Аха аспектакль аҿы ахҭысқәа дара шыҟалаҵәҟьаз еиԥш еишьҭаргыланы ицаӡом, аҵыхәантәи зегь ахьалагоз аиқәҳәаларҭахь иаауеит, агәалашәарақәа ацуп. Аспектакль аԥхьа ҳьӡыс иамазгьы «Сариа Лакоба лхәыцрақәа рдунеи» ҳәа акәын, афырԥҳәыс лгәалашәарақәеи, лыгәҭахәыцрақәеи, дзыцәшәо илымаз арбара акәын хықәкыс иамаз. Ганкахьала аспектакль апсиходеликатә ҟазшьа амоуп уҳәар ауеит.
Сариа лроль налыгӡеит Амра Наҷҟьебиаԥҳа – Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә акинематографиатә университет (ВГИК) арежиссиортә факультет аушьҭымҭа (лырҵаҩы Алексеи Учитель – азгә.), атеатр асценаҿы ари раԥхьаӡатәи лцәырҵроуп.
Ари ақәыргыламҭаҿы лроль далацәажәо актриса қәыԥш еиҭалҳәеит аханатә ишылзыманшәалаз арежиссиор аус лыцура, зегь рыла ишеилибакаауаз атәы.
«Илҳәоз зегь хасҵон, лара сроль шылбоз еиԥш саргьы убас исыдыскылеит. Мадина Аргәын даара иаамысҭашәоу режиссиоруп, дмыццакӡакәа угәы дҭаланы иаҭаху аемоциақәа цәырылгоит, уаҩык иаҳасабала хьаак узаамгакәа, актиорк иаҳасабала аҽаартра улшарц. Ҳара шықәсык аҟара аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿын, ус ҳашнеиуаз аҵыхәтәан убас ацәанырра соуит: сара сакәымшәа ароль зҽагәылазхало, лара сфырԥҳәызба схаҭарахьы диасуазшәа сгәы иабо сҟалартә аҟынӡа. Арепетициақәа даара гәыла-ԥсыла сдыркарон, аҵәыуара сакуан. Избанзар зынӡа имаҷуп Сариа лхы лгәы алаҟаны даныҟаз, данқәыԥшызтәи аамҭа аазырԥшуа асценақәа, абахҭа данҭарк ашьҭахьтәи лыгәҭахәыцрақәа роуп еиҳарак иззааҭгылоу. Убри аҟнытә ахәаԥшцәагьы ирабжьызгарц сҭахын аҭоурых адырразы мацара акәӡам ари аспектакль збатәу, уи иуанаҳәоит ауаҩы шаҟа дыцқьазар илшо, шаҟа гәык-ԥсыкала дузыҟазар ауа», – ҳәа лажәа хлыркәшеит Амра Наҷҟьебиаԥҳа.
Арежиссиор Мадина Аргәын аспектакль аҽазыҟаҵарақәа цонаҵы ажурналистцәа аинтервиу рылҭомызт – иара уи атактика дықәныҟәон апресс-арбараҿгьы. Арежиссиор идырны заа акгьы ахылымҳәааӡеит аспектакль, ахәаԥшцәа доусы дара ирзааигәоу аҵакқәа аҵырбаарц, ргәаанагра шьақәгыларц.
Дара урҭ аҵакқәа рацәоуп апиесаҿы. Арежиссиор аматериал убас ала аус адылулеит Аԥсны анҭыҵ инхогьы иаҳәо зегь еилыркаартә еиԥш. Иааидкыланы иаҳҳәозар, аспектакль инҭырҳәцааны еилукаарц азы Аԥсны аҭоурых бзианы иудыруазароуп, Лакәараа рҭаацәа аҭоурыхгьы, иара убас адунеитә литература, аҟазараҿы удыррақәа маҷымзароуп.
«Сара исгәаԥхеит арежиссиор атеатр абызшәала аҭоурых ахьаҳгәалалыршәо, иаҳҳәап, аԥсыӡ анаацәырырго еилаҳкаауеит Нестор Лакоба ашҳам анирҭоз ишазку. Убасгьы иҟоуп арежиссиор ахәаԥшҩы дахьирхәыцуа, ихала дазнеирц азы инагӡаны иҳәамкәа иаанижьуа. Убри ухы узаҟәгаӡом, умхәыцыр залшом, ари аанкылара змам процессуп. Шаҟа хьаа лылсны ицазеи абарҭқәа зегь аспектакль иаҳәо иҟалҵарц азы! Ахәаԥшцәа уи ргәаҵанӡа имнеир ҟалаӡом», – лҳәеит АААК Аҳәса рхеилак ахантәаҩы Гета Арӡынԥҳа.
Аиашазы, аспектакль аҟны ус баша акгьы цәыргаӡам. Аштанкет (аԥардеи адекорациа ахәҭақәаки зку аихатәы труба – азгә.) амаҭәақәа хшьны илбаауа, аимаақәа асцена иқәԥсоу… аҭоурых здыруа иргәалашәоит ауаа кыдҵаны ианыршьуаз аԥхьа ишеилырхуаз, нас аԥсцәа еидкыланы ажра инҭарыжьуан. Урҭқәа зегь убаратәы иаарԥшуп асценаҿы, алашареи агагеи реиҿыбаарала. Убасҟан иаацәырҵуеит Сариа лфотосахьагьы ашәҭқәа ахьылку агәырӷьа чча лҿықәыхх. Аха асценаҿы Сариа илку ашәҭқәа ԥсы рхаӡам, ақьаад иалхуп.
Акыр иаԥхьахьоу ахәаԥшҩы аспектакль аҿы иаҳауеит Пушкин, Бриусов, Шекспир уҳәа рҩымҭақәа рҟынтә ацыԥҵәахақәа, дара злаҩыз абызшәала. Убас, Александр Солженицын ицәаҳәақәа. Иҟоуп ақәыргыламҭаҿы Сократи Креонти рдиалог азхьаԥшрагьы, Сократ абахҭа данҭакыз, Ватикан, Сикстинтәи акапелла аҭуанаҿ иҭыху Микеланџьело ифреска «Аусӡбара хлымӡаах». Аха убарҭқәа раан, ари ақәыргыламҭа – автор ифантазиа иарҿиаз акакәӡам, Мадина Аргәын лрежиссиортә бызшәала иаҳзеиҭалҳәо иҟаҵәҟьаз ахҭысқәа роуп.
Аспектакль аҟны иаарԥшуп 1937 шықәсазы иара абри Аԥсуа театр ахыбраҿы имҩаԥысуаз Нестор Лакоба ицнагаҩцәа рықәыӡбра асцена. Усҟан жьҭаара 30 инаркны абҵара 3 рҟынӡа 13-ҩык рус рыӡбон. Кәапеишәа иҭәыз азал «Ишьтәуп!» ҳәа ҿырҭуан. Апрокурор иажәа данаалга ашьҭахь рыжәахаҩык атеатр ашьҭахьала инаргыланы, иргәыдҵан иршьит. Абри аепизод асценаҿы иаарԥшын, актиор Саид Лазба апрокурор иажәахә ацыԥҵәаха даԥхьеит, уи анаҩс иршьыз аӡәыцыԥхьаӡа рыжәлақәа рҳәеит. Ари аҭыԥ даара иӷәӷәоуп, ухәажьы аргылоит. Уажәи-уажәи игоит аҟамчы зку нквдшник ибжьы «Бнапы аҵаҩы!» ҳәа Сариа лгәы иацәымӷу лыдызцалоз. Нестор Лакоба жәлар драӷоуп ҳәа зҳәоз ақьаад бнапы аҵабҩыр быҷкәын ҳилакьысуам ҳәа ларҳәеит. Аха лара илдыруан уи зегь шымцыз. Егьа рундазгьы дхьамҵит.
«Сариа лгәымшәара адагьы, дыԥҳәыс ҟәышын. Аҭоурых аҿы рыхьӡ шаанхоз дазхәыцуан, уи зегь лнапы ианын усҟан. Лара еилылкаауан, лыԥшәма ихьӡ даӷрагыларгьы, иуацәа аӡәгьы дышрыцҳарымшьоз. Убри аҟнытә аҵыхәтәанынӡа лиаша дацәхьамҵит, лыбзиабара шыцқьаз иаанхеит. Ари аҭоурых арепрессиа зхызгаз ԥҳәыск ллахьынҵа аҳәаақәа ирҭысуеит. Аспектакль – арӡра иақәшәаз ахацәа зегь рыҳәсақәа ирызкуп, асовет лагерқәа ирхысыз, зыԥсы ҭаны иаанхазгьы, аԥсышьацәгьа заузгьы», – ҳәа лгәаанагара лҳәеит аҟазарҭҵааҩ Светлана Корсаиа.
Ароль хада назыгӡаз Амра Наҷҟьебиаԥҳа асценаҿы лыхәмарра «аартрак иаҩызоуп» ҳәа ахылҳәааит атеатртә критик.
«ВГИК аҟны дызхысыз ашкол атеатр асценаҿгьы лбаҩхатәра ацәыргараҿы илыцхрааит. Уи ԥсабарала иулазароуп, лара илылоуп, хылагьы-гәылагьы илыдкыланы дазнеит иџьоушьаша ачҳареи, аӷәӷәареи злаз, аха иара убри аан згәы ԥшқаз аԥҳәызба лроль. Ара иаҳбеит агәыблырагьы, аҟәымшәышәрагьы, иара убас ацәымӷареи агәамчи. Сариа аԥсҭазаара дазшан, анра, аҩнра, абзиабара», – лҳәеит Светлана Корсаиа.
Аспектакль леитмотивс иагәылсуеит Аԥсны жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмаа иналыгӡо Клорис лариа. Егьырахь аспектакль амузыка аганахьала аус адырулеит Ҭемыр Агрбеи Ҭемыр Нарманиеи. Иҟоуп ҷыдала ари аспектакль азы Ҭемыр Агрба иаԥиҵаз акомпозициагьы. Иара убас игоит «Анцәа рашәа» АААК апроект «Амазара» аҟны ахархәара змоу.
Аспектакль ахыркәшамҭазы асценаҿы ҩаԥхьа даақәлоит афырԥҳәыс хада, дагьаԥхьоит Анна Ахматова лпоема «Реквием» аепилог. Амра Наҷҟьебиа дзыԥхьаз аурыс потесса лажәақәа иахьа уажәраанӡа Сариа Лакоба абаҟа лызмыргылац ҽԥныҳәак ирзеиԥшушәа игон. Ахәаԥшцәа цәаныррала иҭәны азал иҩныҵуеит.
«Аԥсуа театр аспектакль ҿыц Сариа Лакоба лгәалашәара анаунагӡатәраҿы раԥхьатәи шьҿоуп. Аԥсуаа ҳзы акраҵанакуеит абри аҩыза аԥҳәыс лыхьӡ акамыршәра – апатриотка, ахатә ҩыза иаша, ан, аԥҳа», – лҳәеит аспектакль иахәаԥшыз ажурналист Анжела Қәычбериаԥҳа.
Аспектакль апремиера мҩаԥысуеит Аԥсуа драматә театр аҟны жәабран 24, 25 рзы. АААК ари ахҭыс аинформациатә дгылара азыҟанаҵоит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.