Москватәи аԥсуа диаспореи «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеилаки акоронавирус аҿагылара иахәаша агуманитартә медицинатә цхыраара Аԥсныҟа аашьҭра еиҿыркааит.
Акоронавирустә ҿкы COVID-19 аҿагыларазы агуманитартә медицинатә цхыраара Аԥсныҟа иаашьҭуп Москватәи аԥсуа диаспореи «Ҳара ҳаидгылоуп» захьӡу ахелаки рымчала. Агуманитартә цхыраара иахәҭакуп: арыԥҳақәа аҳауарҭарсга аппаратқәа 21, урҭ ирыцу аныхратә материалқәеи, апульс ашәагақәа, уцәа иадҵатәым ашоурашәагақәа, амедицинатә усзуҩцәа рзы ахыхьчаратә маҭәашьарқәа – ахьчага шәҵатәы, абласаркьақәа, ареспиратортә медицинатә сабрадақәа, аныхратә медицинатә материал.
Авирус COVID-19 Аԥсны аламырҵәареи аҿагылареи рзы Москватәи аԥсуа диаспораҟны иаԥҵоу аштаб аиҳабы Беслан Шьакаиа иазгәеиҭеит, Аԥсназы абас еиԥш агуманитартә еидара ду аидкылара шалыршахаз адунеи зехьынџьара иҟоу апандемиа инадҳәаланы ицәырҵуаз ауадаҩрақәа шыҟазгьы. Агуманитартә цхыраара аиҿкаара алыршахеит ҳџьынџьуаа иаларҵаз аԥареи ахеилак «Ҳара ҳаидгылоуп» иалалаз абизнесуаа рԥареи ирыбзоураны.
«Игәаумҭарц залшом Москва иҟоу ҳаштаб акомандеи, ахеилак «Ҳара ҳаидгылоуп» ахаҭарнакцәеи, Москва иҟоу Аԥсны аҳақьымцәа рассоциациеи ҳәоуеиқәшәаралатәи русура аиҿкаашьа – абарҭ ауаа зегьы уахгьы-ҽынгьы рыҽҟьаса иашьҭан Урыстәылеиԥш уи анҭыҵгьы даара зыԥшаара мариамыз, даараӡагьы Аԥсны иаҭахны иҟаз амедицинатә маҭәашьарқәа, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иамаданы. Сара гәыкала иҭабуп ҳәа расҳәоит абас аус зуыз зегьы ргәыблыреи рџьабааи азы», – иҳәеит Шьакаиа.
Иара иациҵеит иаахәоу амаҭәахәқәеи аматериалқәеи зегьы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ахьӡала ишынашьҭу, уа иазырхиаз асиа инақәыршәаны. Аминистрра анаҩс арҭ амаҭәашьарқәа атәыла ахәышәтәырҭақәа рыбжьара еихнашоит. Аихшара амҩаԥысшьа иазку адыррақәа кьыԥхьхоит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра асаити, Москватәи аԥсуа диаспора асаити рҟны.
Алогистикеи аҳазалхратә процедурақәеи ахахьы иагеит COVID-19 Аԥсны аламырҵәареи аҿагылареи рзы Москватәи аԥсуа диаспораҟны иаԥҵоу аштаб.
«Аидара ахәҭак аагараҿы ацхыраара ду ҟанаҵеит убасгьы атранспорттә компаниа «Абаза Транс», уи ахатә харџьала аидара аанагеит. «Абаза Транс» лымкаала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит хәыда-ԥсада иҟарҵаз ацхырааразы, иҳарҭаз адгыларазы», – иҳәеит Аштаб аиҳабы.
Иара иазгәеиҭеит, иахьазы иаахәоу амаҭәахәқәеи, ахәшәқәеи, амедицинатә маҭәашьарқәеи зегьы ааидкыланы рыхәԥса иартәоит ҳәа 39 751 276 мааҭ, урҭ рахьтә МАД еиднакылаз аԥара 6 658 349,96 мааҭ ыҟоуп.
Зынӡа Москватәи аԥсуа диаспораҟны Аԥсны акоронавирус аҿагыларазы еидкылан 8 036 500 мааҭ ҳәа азгәеиҭеит Шьакаиа.
«Аахәарақәа ҳарҿуп макьанагьы. Анаҩс шьаҿақәас иҟаҳҵо азы оперативла адырра шәаҳҭалоит, ирҿыцу аинформациа ҭаҳгалалоит МАД асаит аҟны, иара убас асоциалтә ҳақәа рҿы», – иҳәеит МАД аҟны иаԥҵоу аштаб аиҳабы.
Акоронавирустә ҿкы COVID-19 аламырҵәаразы Аԥсны иаԥҵоу аоперативтә аштаб анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Кәанџьариа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Москватәи аԥсуа диаспореи «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеилаки рхаҭарнакцәа.
«Аԥсны иҟоу ҳбизнесуааи Москва инхо ҳџьынџьуааи раԥхьатәи амшқәа инадыркны иҳавагылеит. Иахьа иҳауит хәы змаӡам ацхыраара. Ҳара еилаҳкаауеит ҳазҭагылоу аамҭазы арҭ амаҭәашьарқәа раахәара анахысгьы раашьҭра иацыз ауадаҩрақәа шыҟоу. Аха ҳбизнесуааи Москватәи ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи рыбзоурала урҭ аԥынгылақәа зегьы ириааин, агуманитартә цхыраара ду иахьа абра Аԥсны иҳауит. Иҭабуп идуӡӡаны!», – иҳәеит Алхас Кәанџьариа.
Убри инацҵангьы иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра ари агуманитартә еидара шеихнашо амедицинатә усбарҭақәа доусы рҭахрақәа зеиԥшроу инақәыршәаны. Иара иажәақәа рыла, раԥхьаӡа иргыланы ацхыраара рыҭахоит ҷыдала акоронавирустә ҿкы зыхьуа ачымазцәа рышьҭаҵара иазыркыз ахәышәтәырҭақәа.
Аԥсуа наплакцәа иаԥырҵаз агәыҳалалратә хеилак «Ҳара ҳаидгылоуп» алахәцәеи Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи алаҳәара ҟарҵеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус раҿагылараҿы ацхыраара рыҭаразы аԥара шеизырго. Иахьазы еидкылоуп 55 миллион мааҭ инарзынаԥшуа аԥара.
Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҿагылараҿы ацхыраара азҭарц зҭаху зегьы рзы алшара ыҟоуп рыхәҭалагала ҟарҵарц – Москватәи Аԥсуа Диаспореи «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеилаки ирымоу реквизитқәа рахь доусы илшо алаҵарала Аԥсныи Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтә, иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ареквизитқәа рахь – Ҭырқәтәылантә, ма Аконгресс асаит аҟны онлаин-ԥарашәара амҩаԥгара. Еизгахо аԥара зегьы Аԥсны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчареи ргәабзиара ашьақәыргылареи иазкхоит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.