Абҵара 7 рзы 60 шықәса ихыҵуеит абаза литератор, арҵаҩы, академик Пиотр Чкала. АААК Аинформациатә портал иазнархиеит иналукааша абри ауаҩ изку аочерк.

Билиал Ҳасароҟәа

Алитератураҭҵааҩы Владимир Тыгә иҩуан, Пиотр Чкала абаза литература далалеит ҳәа «аӡәы диламҩашьо, ихатә цәаҩа иманы», иара убасгьы иазгәеиҭон аҵарауаҩ ихылҵшьҭра иадҳәалоу «акультуратә гәалашәара» ирҿиара зегьы ишаныԥшуа: «Ашәуа қыҭаҿы изызҳаз абырзени ашәуа ҭыԥҳаи ирхылҵыз Пиотр – ижәытәӡатәиу ҩ-культурак ргенофонд ныҟәигоит – абырзенцә ркультуреи, Кавказтәи акультуреи, урҭ анкьатәи аамҭақәа раахысгьы ҭоурыхла аимадарақәа рыбжьоуп. Абри «акультуратә гәалашәара» изынханы иҟоу Пиотр иусура зегьы ианыԥшуеит: аҵара имоуп, дызҿызаалакгьы аҵыхәтәанӡа инаигӡоит, инапкымҭа еснагь ицқьоуп».

Пиотр Константин-иԥа Чкала диит Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика, Ҟәыбина ақыҭан, абҵара 7, 1958 шықәсазы. Иқыҭа гәакьаҿ абжьаратә школ даналга, Асовет Еидгыла арбџьармчқәа рҟын аррамаҵура дахысуеит, анаҩс дҭалоит Ставропольтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет (иахьазы – Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет – аред.), дагьалгоит 1983 шықәсазы, «аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы» ҳәа азанааҭ иманы. 1984 шықәса инаркны 2017 шықәсанӡа Ставрополи Ставропольтәи атәылаҿацәи иреиҳау рҵараиурҭақәа рҟны рҵаҩыс аус иуан, иара абри аамҭа зегьы иалагӡаны еихмырсыӷьӡакәа аҭҵаарақәа мҩаԥигон.

Ҳазҭагылоу аамҭазы Чкала аус иуеит М. Иу. Лермонтов ихьӡ зху аҭҵаарадырратә библиотека аҭҵаарадырратә ҟәшаҿы.

Арҵаҩы, аҭҵааҩы

Апрофессор Тыгә ишазгәеиҭо ала, Чкала ус хкыс инапы злакызаалак инҭырҳәцааны иҟаимҵар иуӡом, «аҵыхәтәанӡа зегь ҭиҵаароуп, игәаиҭароуп, аиҿырԥшратә материалс иҟоу зегьы ахьынӡауа еидкыланы, еиҿирԥшроуп».

Чкала иԥсҭазаара еснагь еилашуан. 1984 шықәсазы иара дзылгаз аинститут аҟны ааԥхьара ирҭоит асовет литература акафедраҿы рҵаҩыс аус иуларц, убри аахыс уажә аакьыскьанӡа, жәашықәсала иара ирҵаҩратәи иҭҵааратәи аусурақәа қәҿиарала еилаигӡон, аамҭакала аус иуан абарҭ иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны: Ставропольтәи аҳәынҭқарратә университет (иахьа Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет), Ставропольтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт, Аҵараиура арҿиареи, азанааҭдырра аизырҳареи, аҵарадырра аусзуҩцәа реиҭазыҟаҵареи рзы Ставропольтәи араионтә институт. 1987 шықәсазы аспирантура дҭалеит Москватәи аобласттә арҵаҩратә институт, асовет литература акафедраҟны иаартыз, 1991 шықәсазы қәҿиарала акандидаттә диссертациа ихьчоит «Маиаковскии абаза поезиеи» атема ала.

2000 шықәсазы Чкала ихьчоит адоктортә диссертациагьы, абри атема ала «Абаза жәеинраалеиҿартәышьа: ахыҵхырҭақәеи ашьақәгылареи». 2006 шықәса, хәажәкыра 22 рзы ианашьоуп апрофессор ҳәа аҭҵаарадырраҿы аҳаҭыр зқәу ахьӡ.

Пиотр Чкала адиссертациатә хеилакқәа ҩба дрылахәын, аспирантцәа аӡәырҩы напхгаҩыс дрыман, акандидаттә, адоктортә диссертациақәа рыхьчараан акырынтә оппонентс дықәгылахьеит. Иара инапхгарала ааҩык аспирантцәа ркандидаттә диссертациақәа рыхьчахьеит.

Иахьазы Чкала инапы иҵыҵхьеит 225 ҭҵаарадырратә усумҭеи, аҭҵаарадырра-методикатә анҵамҭақәеи урысшәылеи, абаза бызшәалеи, ҭырқәшәалеи, урҭ рҟынтә 20 инареиҳаны – рҵага шәҟәқәоуп, мамзаргьы арҵагатә цхыраагӡақәеи, амонографиақәеи, ашәҟәқәеи роуп.

Чкалеи абаза литератураҭҵаареи

Пиотр Чкала иҭҵаарадырратә усумҭақәа зегь ааидкыланы рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтә 122 – абаза литература иазкуп, иара изанааҭҵәҟьа аурыс бызшәеи аурыс литературеи ишрыдҳәалоугьы. «Сыҭҵаарадырратә мҩа саннықәлоз еицырдыруа афилолог, апрофессор Лиудмила Егорова, сара напхгаҩыс исымаз, доуҳатә рҵаҩысгьы исзыҟалаз, исабжьылгеит амилаҭтә литература аҭҵаара иаҳа сазҿлымҳахарц, макьанагьы иҭҵаам аматериал рацәоуп ҳәа сеилыркааны», – ҳәа азгәеиҭоит Пиотр Константин-иԥа.

Чкала арҭ ажәақәа дагьрықәныҟәеит.

Убри аҟнытә иахьазы ирацәоуп абаза литератураҭҵаараҿы ахырхарҭақәа иара дахьаԥхьагылаҩу: аҭҵаарадырратә, акультуратә хархәарахь иалеигалеит абаза фольклори алитературеи аматериал ҿыцқәа, ҿыцла иҭиҵааит аҿаԥыцтәи аҩыратәи сахьаркыратә ажәақәа «реизыҟазаашьеи», аурыс литература ҿыц аҩыра зауз абаза литература (1917 шықәса рышьҭахь аҩыра зауз абызшәақәа ус ирышьҭоуп – аред.) ишанырыз азҵаарақәеи, абаза шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы рбиографиақәа рҟны уаанӡа идырымыз адаҟьа ҿыцқәа ааиртит.

Чкала иҭҵаарадырратә интерес амҽхак шыҭбаау ааррԥшразы усумҭақәак рыхьӡқәа еиқәаҳаԥхьаӡап: «Аибашьра ҟалаанӡатәи абаза литература» (2008 ш.), «Аибашьра аламҭалеи аибашьра ашықәсқәеи раан абаза литературатә интеллигенциа рлахьынҵақәа: архивтә материалқәа рышьҭала» (2017 ш., Гьаргь Чкалеи иареи авторс еицамоуп), «Ныхә Абрам-иԥа Уаз: илахьынҵеи ирҿиаратә ҭынхеи» (2012 ш.), «Ҭаҭласҭан Табулов: ирҿиаратә портрет, аҭҵаарақәеи агәалашәарақәеи рыла» (2012 ш.), «Микаель Чикату. Иԥсҭазаареи ирҿиареи: аочеркқәа, астатиақәа, аиҿцәажәарақәа, агәалашәарақәа» (2018ш.).

Иаҳхысыз ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны Чкала иҭҵаарақәа рҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит иналукааша абаза поет Қьрым Мыхц ирҿиара. Мыхц ипоезиа акыр ҵуеит аҵарауаҩ ҭаха инамҭоижьҭеи. Адунеитә литератураҿы иреиӷьу аԥҵамҭақәа уи акала иреицәам ҳәа иԥхьаӡаны, Пиотр Чекалов акыр аџьабаа ибеит Мыхц ипоезиа адунеи аларҵәараҿы.

Иреиӷьӡоу абаза поет ирҿиамҭақәа зегьы еидызкыло аизга аҭыжьра аԥшьызгаз дыруаӡәкуп, иара убасгьы Чкала давторуп аиҭагаратә проект «Схынҳәуеит» – уи аизга аиқәыршәаҩ иаҳасабалагьы ажәеинраалақәа зегьы цәаҳәалатәи реиҭага ҟаҵаны, анаҩс урҭ аус рыдызулоз апоет-аиҭагаҩ Андреи Галамага ирацәаӡаны аус ициуан. Ари аизга аҭыжьра иазыхиоуп, 2018 шықәса нҵәаанӡа иҭыҵраны иҟоуп. Ашәҟәы «Са сааит абрахь, абраҟагьы саанхарц…» (Қь. Мыхц ирҿиаратә биографиа адаҟьақәа)» (2016 ш.) аҟны автор еидикылеит Қьрым Леонид-иԥа Мыхц ирҿиареи иԥсҭазааратә мҩеи ирызкны шықәсырацәала иаԥиҵахьаз 60 инареиҳаны алитература-критикатә, алитератураҭҵааратә усумҭақәа рматериалқәа.

Ари амонографиа – абаза литератураҭҵаараҿы арҿиаҩы иԥсҭазаара аганқәа зегь рыла игәылҭәааны аарԥшра раԥхьатәи ԥышәаны иазыҟалеит.

Урыстәылатәи Афедерациа иқәынхо амилаҭ маҷқәа рлитературақәа ацхыраара рыҭаразы аҳәынҭқарратә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2017 шықәсазы иҭыжьын ҩ-антологиак: «Урыстәыла ажәларқәа ҳаамҭазтәи рантологиа. Апоезиа» иара убас «Урыстәыла ажәларқәа ҳаамҭазтәи рлитература. Ахәыҷтәы литература». Уажәы аҭыжьра иаздырхиоит аиԥш зеиԥшу апроза антологиа. Абарҭ ах-шәҟәык рҟны Пиотр Чкала иоуп абаза литература иазку ахәҭа аиқәыршәаҩыс иҟоу.

Ауаажәларратә еиҿкаарақәа русураҿы активра аарԥшуа, Чкала зегь рыла дацхраауан Ҟали Џьыгәаҭан иепикатә роман «Ахьтәы џьар» аурыс бызшәахьы аиҭагара. Иара ҭыжьын Ставрополие инхо ашәуаа рмилаҭтә-культуратә автономиа «Абаза» амчала. Апрофессор Анатоли Генко иҭҵаарадырратә ҭынхахьы иаҵнакуа абаза бызшәа иазкны еидикылаз хәы змаӡам аматериалқәа рыԥшаареи аҭыжьра разырхиареи зыбзоуроугьы Чкала иоуп.

Абаза жәлар рыҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи аидгыла «Алашара» апрограммақәа рҳәаа иҭагӡаны ашәуаа рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реизгақәа рҭыжьра инапы алакуп.

«Ҩ-шәҟәык рҭыжьра ҳалшеит, – иҳәоит аҵарауаҩ. – Актәи ашәҟәы еиднакылоит Ҭаҭласҭан Табулов иҭижьхьаз ашәуа лакәқәа реизгақәа ҩба, аҩбатәи ашәҟәы – Владимир Тыгә иеизгақәа хԥа. Уажәы еиҭаҭыжьтәны иҟоуп Владимир Меремкулови, Нуриа Табуловеи рышәҟәқәа. Иахьа уажәраанӡагьы еидкыланы, аха иҭыжьымкәа иҟоуп аматериалқәа рацәаны: Анатоли Генко иархив аҟынтә, Қеҭеван Ломҭаҭиӡе лекспедициақәа рҟынтә, иара убас Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа рфольклортә практикақәа рҟны еидыркылаз аматериалқәеи. Ари даара акрызҵазкуа усуп, алшара ҟалозар сара уи ахыркәшара сазыхиоуп».

Аҵарауаҩ зхыркәшара игәы иҭоу даҽа ус дукны иҟоуп – абаза литераторцәа ирызку ашәҟәы аҭыжьрагьы. Ари атемала иҭыжьу уаанӡатәи ашәҟәқәа иреиԥшымкәа, ҳазлацәажәо ашәҟәы еиднакылоит урыс бызшәала иҩуа абаза авторцәа ирызку аматериалқәа. Аԥхьажәа ацынхәарас икьыԥхьхоит абаза литература аҭоурых иазку астатиа ду – уи ахыҵхырҭақәеи, ашьақәгылареи, иахьатәи аҭагылазаашьеи ртәы инарҭбааны иаазырԥшуа.

Абаза литература – адунеи аԥхьаҩцәа рызнагара

2007 шықәса раахыс Пиотр Константин-иԥа аус ициуеит Берлинтәи ауниверситет адоктор Штеффи Хотивари-Иунгер, абаза бызшәаҟынтә аурысшәахь ашәуа фольклори алитературатә рҿиамҭақәеи реиҭагара аганахьала, анаҩс дара анемец бызшәала еиҭаганы рҭыжьразы. Абри аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥхьа иазырхиан абаза литераторцәа – аҳәса хазы игоу рҩымҭақәа цәаҳәа-цәаҳәалатәи реиҭага. Уи иалҵшәаны Германиа иҭыҵуа анемец-ақырҭуа журнал «Georgica» («Георгика») аҟны Штеффи иҟацаз аиҭагала иҭыҵит Мира Тлиабичева, Фатима Апсова, Лариса Шебзыхәа ражәеинраалақәа, иара убас Валентина Копсергеновеи, Роза Пазовеи ражәабжьқәа.

Ари ажурнал анаҩстәи аномер аҟны иҭыҵит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазкны Қьрым Мыхц иаԥиҵаз ажәеинраалақәа рцикл «Аԥсуа тетрад» иазку Чкала истатиа.

Анаҩс инагӡан зымҽхак дууз даҽа ҩ-проектк: «Ашәуа проза», «Ашәуа лакә». Арҭ аҩ-ҭыжьымҭак еидызкылаз ашәҟәы немец базшәала иҭыҵит 2014 шықәсазы. Жәлар рлакәқәа рынахысгьы уи ашәҟәы ианылеит 13-ҩык абаза авторцәа рҩымҭақәа. Уажәы ахԥатәи апроект аус адулара мҩаԥысуеит – Муҳадин Дагәыжьиев иажәабжьқәеи ипиесақәеи реизга «Земфира» аҭыжьра. Пиотр Константн-иԥа иара ихәҭа ҟаиҵеит – ашәҟәы аурыс бызшәахьы еиҭаганы иҭижьит, уажәшьҭа хара имгакәа анемец бызшәалагьы адунеи иабоит.

Пиотр Чкалеи Штеффи Хотивари-Иунгери еилахәны имҩаԥырго аиҭагаратә проектқәа нагӡахоит Аиҭагаҩцәа рыҩны «Лоорен» иҟанаҵо афинанстә цхыраарала, иара гылоуп Швеицариа, Циурих ақалақь иацәыхарамкәа ишьҭоу Вернетсхаузен ақыҭан.

Жәларбжьаратәи Мариинтәи Академиа академик

2017 шықәсазы Пиотр Чкала дрыдыркылеит М. Д. Шаповаленко ихьӡ зху Жәларбжьаратәи Мариинтәи Академиахь, абаза литератураҭҵаара академик-маӡаныҟәгаҩ иаҳасабала. Ари ахҭыс иаԥхьанеиуан зыхьӡ ҳәоу Академиа аексперименталтә усура еиҿкаауижьҭеи жәохә шықәса аҵра иазкыз аицлабраҿы Чкала иалахәхара. Апрофессор-алитератураҭҵааҩы аицлабрахь инаишьҭит ашәҟәы «Са сааит абрахь, абраҟагьы саанхарц…» (Қь. Мыхц ирҿиаратә биографиа адаҟьақәа)».

Иазгәаҭатәуп, аҵарауаҩ ирҿиаратә биографиаҿы ас еиԥш иҟоу аихьӡарақәа шмаҷым. Убас, 2005 шықәсазы иреиӷьу ашәҟәы алкааразы урыстәылазегьтәи аицлабра далауреатхеит, иара убасгьы «Ставропольтәи ашәҟәы – 2009», «Ставропольтәи ашәҟәы – 2013» ҳәа хьӡыс измаз аицлабрақәа дырлауреатхеит. 2018 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациеи абиблиотекақәеи, аҳәаанырцә урыс бызшәала аус зуа ацентрқәа рбиблиотекақәеи рыбжьара «Урыстәылатәи амилаҭрацәатә литературеи аҳәаанырцәтәи алитературақәеи» ҳәа хьӡыс измаз аицлабраҟны аиааира игеит.

Пиотр Чкала – дҵарауаҩ дууп, уи ихьӡ рдыруеит Урыстәыла еиԥш, уи анҭыҵгьы. Иара иԥсҭазаареи иҭҵаарадырра-рҵаҩратә мҩеи ирзааҭгылахьеит хыԥхьаӡара рацәала ажурналқәеи, агазеҭқәеи, ашәҟәқәеи, аилкаанҵақәеи рҟны. Иааҳгап ҿырԥштәқәак: «Пиотр Чкала : ирҿиаратә портрет аштрихқәак» (Къвбиналокт – Къвбина – Кубина. Ҟәыбина ақыҭа амш иазкны иҭыжьу аматериалқәа. – Черқьесск – Карачаевск, 1999), «СНГ иқәынхо абырзенцәа ренциклопедиа» (Афины – Москва – Ставрополь, 1999), «Ҳаамҭазтәи кавказҭҵаара. Ахаҭарақәа реилкаанҵа» (Ростов-на-Дону, 1999), «Кавказҭҵаараҿы иҟоу азусҭцәада» (М.: Академия, 1999), «Доусы дзакәу» (Ставрополь, 2001).

60 шықәса ихыҵра аиубилеи аламҭалазы Пиотр Чкала ианашьоуп Ставропольтәи атәылаҿацә иқәынхо амилаҭқәеи аказакцәеи русқәа рзы Акомитет иаԥнаҵаз Аҳаҭыртә бӷьыц, амилаҭқәа рыбжьара аҭынчреи аиқәшаҳаҭреи рырӷәӷәараҿы иибаз аџьабаазы.