АААК аҭыԥантәи аҟәша Ахеилак алахәылацәа рыбзоурала Гәдоуҭа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иргылан иахьатәи аамҭа иақәшәо аспорттә ԥырҟьақәа.
Саид Барганџьиа
Ааигәа Гәдоуҭа иаԥҵаз АААК аҭыԥантәи ахеилак алахәылацәа Гәдоуҭа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы идыргылеит аспорттә ԥырҟьақәа хԥа.
Ахеилак анапхгаҩы Амра Лакәиаԥҳа еиҭалҳәеит, ари апроект аидеа шрызцәырҵыз ҳазҭоу ашықәс, жьҭаарамза 3 рзы, аҭыԥантәи ахеилак анаԥҵаз аҽны – аԥырҟьақәа рыргыларазы ажәалагала ҟаиҵеит Ахеилак алахәцәа ируаӡәку аспортсмен Алмасхан Џьениа. Ари апроект анагӡара Ахеилак алахәцәа зегьы адгылеит, адырҩаҽныҵәҟьа апроект аус адулара нап аркын.
«Апроект анагӡараҿы иҳацхрааит асоциалтә ҳақәа рҿы ҳанҵамҭақәа збаз ҳҩызцәа, ԥшьымш рыла еизган иаҭахыз аԥара. Иазгәасҭар сҭахуп, аԥара аизгара зхы алазырхәыз Гәдоуҭа инхо ауааԥсыра рымацара шракәым, уи, сара сгәанала, иаҵанакуа рацәоуп. Аиаша ҳҳәозар, аҷкәынцәа ҳааилацәажәан, жәамш рыла ҩ-ԥырҟьак ҳаргыларц хықәкыс ишьҭаҳхит, аха аԥара иаарласны иахьеидкылахаз иабзоураны, насгьы ҳаззыԥшыз аасҭа еиҳаны иахьыҟалаз абзоурала, иаахәаны ишьақәҳаргылартә ҳҟалеит х-ԥырҟьак. Лымкаала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аԥырҟьақәа рышьақәыргылара зхы алазырхәыз: Макс Багаҭуриа, Данил Аџьба, Данил Габниа, Адам Цәеиба, Адам Гарцкьиа, Парамон Еныкь, Џьон Папцава, Енри Ԥлиа, Милана Гәлиаԥҳа.», – ҳәа азгәалҭеит Лакәиаԥҳа.
Лара еиҭалҳәеит, ишьақәыргылоу аԥырҟьақәа – Воркаут ҳәа изышьҭоу (англыз бызшәа аҟынтә workout – аҽазыҟаҵара) адәынтәи афитнес азы ухы иаурхәо спорттә маҭәахәуп ҳәа. Ас еиԥш иҟоу аԥырҟьаҿы 25 инареиҳаны абаҩрҵәыра хкқәа ҟауҵар алшоит, ихадароу ауаҩытәыҩсатә жьышәақәа еснагь изҩыданы рыҟазаара иацхраауа. Уажәшьҭа Гәдоуҭа изҭаху зегьы хәыда-ԥсада аспорт рҽазыҟарҵарц рылшоит аҳауаҿы ишыҟоу.
Гәдоуҭа иҟоу АААК аҭыԥантәи аҟәша ахеилак аусура иааидкыланы далацәажәауа, Амра Лакәиаԥҳа иазгәалҭеит, ахеилак еиҳарак аус рыднаулалароуп ҳәа асоциалтә хырхарҭа змоу апроектқәа.
«Аконгресс аҭыԥантәи аҟәша ахеилак хықәкы хадас иамоуп ҳәа исыԥхьаӡоит ақалақь ауааԥсыра рсоциалтә активра ацхраара. Уахь иаҵанакуеит акультуратә, аспорттә, уҳәа убас аԥсуа-абаза жәлар рбызшәеи, ркультуреи, рҵас-қьабзқәеи рыҿиара иазынархоу егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи», – лҳәеит ахеилак анапхгаҩы.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа иакәзаргьы, инаҵшьны иазгәеиҭеит, Гәдоуҭатәи ахеилак иаԥшьнагаз раԥхьаӡатәи апроект иара аԥҵоуижьҭеи жәамш мацара ааҵуаны ишынагӡаз.
«Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа иҟоу Аконгресс аҭыԥантәи аҟәша ахеилак – ҿырԥшы бзиоуп, Аконгресс аусушьа апринципқәа аҭыԥан рхархәарагьы шықәҿиаратәу узырбо. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит апроект алыршахарц азы аԥара аизгара иалахәыз зегьы, лымкаалагьы ахеилак алахәцәа: избанзар дара рус ала иаадырԥшит – ҳаидгыланы иаҳзыҟамҵо ҳәа егьшыҟам», – иҳәеит Кан Ҭаниа.
Иара еиҭеиҳәеит Аконгресс аҭыԥантәи аҟәша ахеилакқәа рышьақәгылара мҩаԥысуеит ҳәа аҭыԥантәи ауааԥсыра АААК акоманда ирылахәны ауаажәларра ирыхәаша, асоциалтә хәарҭара зцу аусқәа рынагӡара рҭахны ианыҟоу, «дара ахьынхо рыԥсҭазаара аиӷьтәра иазынархоу аусқәа нарыгӡарц» азы.
«Убас, ҳҩызцәа рыла згәы былуа ауаа ҳаԥшаауеит, нас ҳаицны иҳаӡбоит дара убарҭ ауаа ахьынхо аҭыԥан иӡбатәны иқәгылоу азҵаарақәа. Аидеиақәеи апроектқәеи рынагӡара иацхраауеит ауааԥсыра рхаҭақәа ргәаҳәареи, Аконгресс иалахәу ауаа ахьырацәоуи – аԥсуа-абаза жәлар ахьынхо аҭыԥқәа зегьы рҟны иуԥылоит Аконгресс алахәцәа», – ҳәа ациҵеит Кан Ҭаниа.
Зегь реиҳагьы аԥырҟьақәа иреигәырӷьаз аҭыпантәи анхацәа роуп.
«Воркаутқәа адунеи аҿы алаҵәара ду роухьеит. Ҳара ҳаигәырӷьоит уажәшьҭарнахыс дара ҳақалақь гәакьаҿгьы иахьыҟоу. Арахь ҳааилоит, ҳхәыҷқәа ааҳгалоит. Ақалақь азы ари проект хазыноуп», – ҳәа азгәалҭеит Гәдоуҭа инхо Зулиа Барганџьиа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Гәдоуҭа иҟоу аҭыԥантәи аҟәша ахеилак аԥҵан 2019 шықәса, жьҭаара 3 рзы. Уи актив иалоуп: анапхгаҩы Амра Лакәиаԥҳа, иара убас Ахеилак алахәцәа – Инал Анқәаб, Алмасхан Џьениа, Ҳамид Гыцԥҳа.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.