Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа Шьамтәыла иҟоу аԥсуа-абаза, ачерқьес диаспорақәа ирԥылеит.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Инвер Алшәындбеи Шьамтәыла иҟоу аԥсуа-абаза, ачерқьес диаспорақәа рхаҭарнакцәа ирԥылеит аҩаша, жьҭаара 6 рзы, Дамаск, иҿыцны иаартыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Аиԥылара аартуа Аконгресс ахаҭарнакцәа АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иааицҳаз ааԥхьаратә ажәа еизаз иддырҳаит, анаҩс инарҭбааны еиҭарҳәеит Аконгресс аусура хықәкыси хыдҵақәаси иамоу, қәҿиарала имҩаԥгоу апроектқәеи ԥхьаҟатәи агәҭакқәеи ирзааҭгылеит. Адиаспорақәа рхаҭарнакцәа ракәзаргьы, Аконгресс аусура аганахьала азҿлымҳара ду аадырԥшит, азҵаара рацәа рҭиуан, аусеицура ишазыхиоу атәгьы ҿыӷәӷәала ирҳәеит.
Аиԥылараҿы иқәгылаз амшхәаԥштә азҵаарақәа дрылацәажәо Инар Гыцба иазгәеиҭеит ишазааҭгылаз Шьамтәыла АААК Арегионалтә ҟәша аԥҵара азҵаарагьы.
«Ари азҵара иҵегь инҭырҳәцааны иҭҵааны, иахәҭоу аҽазыҟаҵаратә усқәа мҩаԥгатәуп ҳәа ҳаицәажәеит. Адиаспорақәа рхаҭарнакцәа еиҳа инарҭбааны еиԥылараны иҟоуп Шьамтәыла иаԥҵоу Ачерқьес уаажәларратә еиҿкаара «Адыга хаса» аҟны, Нхыҵ Кавказ ҳаешьаратә жәларқәа рхылҵшьҭрақәа реиԥш уи иалахәуп аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәагьы», – иҳәеит Гыцба.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Инвер Алшәындба иакәзар, иациҵеит аиԥылараҿы ишыӡбаз Аконгресси «Адыга хасеи» русеицура ҳәаақәызҵало аԥкаанҵа шьақәыргылатәуп ҳәа.
«Хара имгакәа аҩ-ганкгьы абри ашәҟәы еиқәдыршәоит. Ҳамчқәа зегьы ззынархоу ҳажәлар рԥеиԥш ауп, аԥсуа-абаза жәлар ракзаара ахьӡала аус ҳаулоит», – иҳәеит иара.
Ԥхьаҟатәи аусеицура амҩаԥгаразы иаԥҵан аусутә гәыԥ, уи иалалеит шьамтәылатәи адиаспора ахаҭарнакцәа фҩык. Инар Гыцба иҳәеит абри аилак аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа еилахәны апроектқәа шышьақәдыргылало.
«Ҳџьынџьуаа азҵаауан ауаажәларратә еиҿкаара «Адыга хаса» аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсшәеи абаза бызшәеи рҵаразы акурсқәа раартра ауама ҳәа. Дара еиҭарҳәеит адыга бызшәеи, аурысшәеи, англыз бызшәеи рҵаразы акурсқәа шеиҿыркаахьоу, аԥсшәеи абаза бызшәеи ацларгьы даара ишырҭаху атәы», – иҳәеит АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ.
Аиԥылара иалҵшәаны иззааиз акакәхеит убасгьы абарҭ аҩ-зҵаарак аус рҭыԥ ақәҵара: Шьамтәылатәи аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара рҵалартә еиԥш алшара аԥҵареи, Шьамтәылатәи аԥсуа-абаза, адыга хәыҷқәа рзы Аԥсны аԥхынтәи алагер аиҿкаареи.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа Шьамтәыла раҭаара иалагӡаны Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада Башар Асад агәаларшәагатә ҳамҭеи, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь исалами ирҭеит.
АААК ахаҭарнакцәа Шьамтәылатәи Арабтә Республика раҭаара мҩаԥысит Дамаск ақалақь аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра инадҳәаланы. Ацҳаражәҳәарҭа аартын иара уи аҽны, жьҭаара 6 рзы. Аартра ацеремониа иалахәын Шьамтәыла Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, адәныҟатәи аусқәеи аекспатриантцәа русқәеи рзы аминситр Уалид аль-Муаллем, уи ицхырааҩ Аиман Сусан, Шьамтәыла аккредитациа змоу Урыстәылатәи Афедерациеи, Венесуелеи, Кубеи рдипломатиатә усузҩцәа.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.