Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб аусураҿы ихыркәшахеит актәи аетап – аекологиа аганахьала аекспертцәа рԥыларақәа, уажәшьҭа аклуб алахәцәа апроектқәа рылацәажәарахь ииасуеит.

АААК Адискуссиатә клуб аҟны рашәара 18 рзы ихыркәшоуп «Аекологиеи иааҳакәыршоу аԥсабареи рыхьчара» атемала аекспертцәа рԥыларақәа. Аиԥыларақәа рылахәцәа рнапаҿы ирыҭан асертификатқәа, уажәшьҭа аклуб аусураҿы ихацыркуп аетап ҿыц – апроектқәа рылацәажәара.

Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Ирина Турааԥҳа иазгәалҭеит, абри «зегь реиҳа аҭакԥхықәра зцу, ахыркәшаратә» етап акарантин аамҭа иақәшәеит ҳәа.

«Убри аҟнытә заа ишьақәыргыланы иҳамаз ҳаамҭа аихшанҵа еилаҳгар акәхеит, ҳапланқәа ҳаԥсахит, апроект алацәажәареи анагӡареи ҳарнахар акәхеит. Иааидкыланы иуҳәозар, раԥхьатәи (аекологиатә - аред.) хырхарҭала [аклуб] аусура алҵшәақәа сгәы рылаҟоуп, ҳара аекспертцәа бзиаӡақәа сасцәаны иаҳҭан: Мрамза Џьыкырԥҳа, Илона Воуԥҳа, Савели Ҷыҭанаа, Роман Дбар, Михаил Клиукин, Михаил Қриа, дара зегьы хәы змаӡам адыррақәа ҳацеиҩыршеит», – лҳәеит Турааԥҳа.

Лара иацылҵеит Аклуб иазгәаҭаны ишамаз иҵегь аӡәы-ҩыџьа аекспертцәа ааԥхьара рыҭара, аха акоронавирустә ҿкы COVID-19 ицәырнагаз аҭагылазаашьа иахҟьаны Аклуб алахәцәа ааилацәажәан ирыӡбеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿы апроект алацәажәарахь аиасра иаҳа еиӷьуп ҳәа, насгьы аҿарацәа рхазы иалыркаахьан аус здыруалаша ахырхарҭа зеиԥшрахо.

«Ҳара даҽазныкгьы агәра ҳгеит аекологиатә хырхарҭа реиҳа ихадароу, хра злоу акакәны ишыҟоу: адунеи ауааԥсыра лабҿаба ирбарҭоуп ауаҩы ибзазара аалыҵқәа аԥсабара анырра ӷәӷәа шарҭо. Абри аамҭа иалагӡаны аҩны ҳахьынӡатәаз аԥсабареи, аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи хәыҷык рыԥсы еивыргеит, рыԥсы ҭалеит. Абри даҽазныкгьы иаршаҳаҭуеит аекологиатә рккара аус – ауаҩи аԥсабареи иманшәаланы реицыҟазаара шьаҭас ишазыҟоу, ҳаргьы ҳнапы злаҳкырц ҳҭаху апроект аҟны абри ахырхарҭоуп аԥыжәара заҳҭаз», – ҳәа азгәалҭеит Ирина Турааԥҳа.

Ишәгәалаҳаршәоит раԥхьатәи аиԥылараан аклуб алахәцәа иҷыдоу аконверт ишҭарҵаз иааираны иҟоу русеицура аҟынтә лҵшәақәас иззыԥшу ахьанырҵаз абӷьыцқәа. Рашәаратәи аиԥылараҿы ари аконверт хдыртлеит. Аклуб алахәцәа аӡәырҩы гәаартыла ишырҳәаз ала, иззыԥшыз ҵабыргхеит: еицырдыруа аекологцәа ирԥылеит, ргәы иҵхоз азҵаарақәа рыла хҭак еицҭазыршәуа аҩызцәа-еицҿакыҩцәа дырҳаит.

Убас раԥхьаӡатәи аиԥылараҿы арԥыс қәыԥш Сандро Делба иҳәеит аклуб дшалалаз «Аԥсны иҟоу аекологиатә проблемақәа рыӡбараҿы ихатә лагала ҟаиҵарц» азы. Уажәшьҭа иара агәра ганы дыҟоуп убри ахықәкы анагӡаразы раԥхьатәи ашьаҿа шыҟаиҵахьоу, избан акәзар аекспертцәа рԥыларақәа ирыбзоураны адырра ҿыцқәа рацәаны иоуит, шьҭарнахыс «апроектқәа аус рыдулароуп иаԥхьаҟа ишьҭоу».

«Сара Адискуссиатә клуб аусура даараӡа ибзиоуп ҳәа ахәшьара асҭоит. [Аклуб аҟны] доусы иус бзиаӡаны идыруеит, ирдыруеит иарбан темақәоу ишьҭыхтәу, насгьы зегь реиҳа ихадароу – аӡырҩышьа рдыруеит, агәаанагарақәа зегь раҳауеит. Зегь реиҳа исгәаԥхаз – еиԥыларацыԥхьаӡа алахәцәа зегьы рхатә гәаанагарақәа ахьырҳәоз ауп. Сара сзы Адискуссиатә клуб даара ихәарҭахеит, издырыз, ҿыц еилыскааз рацәоуп. Иара убас хәыҷы-хәыҷла апластик «абзиараз» ҳәа асҳәо салагеит, аекологиазы шаҟа иԥырхагоу аныздыр», – иҳәеит Делба.

Адискуссиатә клуб аиԥыларақәа дрылахәын Мари Григориан. Мари – активла лхы аалырԥшуеит аекологиеи иааҳакәыршоу аԥсабареи рыхьчара аус аҿы, убас дахьыҟоу ауп АААК Адискуссиатә клуб аҿы даазгазгьы.

«Ас еиԥш иҟоу адискуссиатә клубқәа – акрызҵазкуа ҭыԥқәоуп аҿар рхәыцшьа, рыхдырра абзиарахь ахьарԥшразы. Аклуб аусура аамҭа иалагӡаны ҳара иҳаман аинетерс ду зцыз аицәажәарақәа, урҭ рҳәаақәа ирҭагӡаны, сгәанала, ҳара иҳалшеит аекологиатә проблемақәа ирыдҳәаланы иҳамаз аинформациатә еимак-еиҿакқәак риааира. Ҿыӷәӷәала иуҳәар ҟалоит аклуба алахәцәа зегьы абри аҩыза алкаа иазааит ҳәа: аекологиатә проблемақәа ӡбашьа рымаӡам аекологиатә рккарада», – ҳәа лыԥхьаӡоит аҭыԥҳа.

Динара Сыҷынааԥҳа – зегь реиҳа иқәыԥшу аклуб алахәҩы лоуп. Лара макьана ашкол дҭоуп, аха абас дышқәыԥшугьы лхазы илыӡбахьеит аекологиа аганахьала активисткас дшыҟало. Динара еснагь лҩызцәа рахь ааԥхьарақәа ҟалҵоит иааҳакәыршоу аԥсабара еиҷаҳаларц, аекологиа ахьчара иазҿлымҳазарц.

«Аинтерес ду ацын асасцәеи ҳгәыԥ алахәцәеи рзыӡырҩра, доусы ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәон. Сара исгәаԥхеит аклуб аҟны ишьақәгылаз агәреибагаратә атмосфера, зегь ҭаацәак еиԥш ҳҟалеит, ҳаиҩызцәахеит. Адискуссиатә клуб иабзоураны сара срабадырит ауаа бзиақәа аӡәырҩы, аинтерес зцу аинформациа маҷымкәа исаҳаит. Ари аԥышәа хымԥада ихәарҭоуп зегь ҳзы», – лҳәеит аӡӷаб.

АААК Адискуссиатә клуб аԥҵан 2019 шықәса абҵарамзазы. Уи аусура азыԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла: абаза жәлар рбызшәеи рдоуҳатә-культуратә ҭынхеи реиқәырхара; амилаҭтә ҭҵаарадырра аларҵәара; иааҳакәыршоу аԥсабара аиқәырхара уҳәа егьырҭгьы. Аклуб алахәцәа еиҳарак аҿарацәа роуп. Урҭ ирыдгалан атемақәа ԥыҭрак, аус здыруларц ирҭаху алырхырц. Абжьыҭара алҵшәақәа рыла иӡбан аклуб аусура аекологиа ахьчара атемала иалагарц. Абри ахырхарҭала аклуб аусура рхы аладырхәит 23-ҩык ауааԥсыра.

Адискуссиатә клуб аусура раԥхьатәи аетап иалагӡаны уи алахәцәа алацәажәеит хра злоу азҵаарақәа ԥыҭрак, ҳадгьыл аҟны аҳауа аглобалтә ҽыԥсахраҿы Аԥсны ианнакыло аҭыԥгьы уахь иналаҵаны. Аҿар абри атема иалацәажәеит Аԥсны Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар ааԥхьара иҭаны. Анаҩс ҳтәыла аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанааи аклуб алахәцәеи алацәажәеит Аԥсны аекологиатә проблемақәа.

Аклуб аусуратә еиԥыларақәа рҟны експертцәас ааԥхьара рыман убасгьы Аԥсны еицырдыруа аекологцәа Михаил Клиукини Михаил Қриеи. Аклуб аусура аамҭа зегьы иалагӡаны алахәцәа ирҭиит шәкы инареиҳаны азҵаарақәа, ишьҭырхит хра злоу азҵаарақәа жәпакы. Аҿарацәа идырҳаз адыррақәа рыхәоит ԥхьаҟа излагараны иҟоу аекологиатә проект хада аус адулараҿы, уи нагӡахоит Адискуссиатә клуб аусура аҩбатәи аетап ахыркәшара ашьҭахь