АААК Адискуссиатә клуб иатәу Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны иацҵахеит ахәыҷқәа рааӡара аганахьала аекспертцәа рԥыларақәа. Убас, жәабран 8 рзы имҩаԥысыз аиԥылара дсасны даҭааит акоуч Асҭанда Саӡԥҳа, темас излацәажәазгьы – аԥызацәа рааӡароуп.

Саид Барганџьиа

Ахәыҷы аԥыза иҟазшьақәа шилааӡатәу атәы еиҭалҳәеит АААК Анацәеи абацәеи рыклуб иаҭааз акоуч (даҽакала иуҳәозар – азыҟаҵаҩ), арҵаҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩ Асҭанда Саӡԥҳа.

Коучинг ҳәа изышьҭоу – зыҟаҵаратә процессуп, уи амҩаԥгарала ҷыдала иазыҟаҵоу ауаҩы (акоуч) даҽаӡәы ацхыраара ииҭоит иԥсҭазаараҿы, ма иусураҿы иҿаԥхьа иқәиргылаз ахықәкы наигӡарц. Аха убри аан акоуч имазеины иҟоу аус аӡбашьа ацаԥхақәа унапы иаиркӡом: ауаҩы ихала ихы дазхәыцны, ихы аус адуланы амҩа иаша иԥшаароуп. Саӡԥҳа ари аметодика ҭылҵаауеижьҭеи жәабаҟа шықәса ҵуеит. Аха лара лхаҭа ишазгәалҭаз ала, коучинг шьаҭас иамоу апринципқәа лара лхы иалырхәо далагахьан уи аԥхьагьы – лара лхәыҷқәа анылааӡоз аамҭазы.

Аклуб аилатәара инагӡоу авидеоверсиа шәахәаԥшыр шәылшоит АААК иамоу YouTube канал аҟны >>

«Раԥхьатәи схәыҷы дансоуаз 21 шықәса схыҵуан, убасҟангьы издыруан сыҷкәын 30 шықәса анихыҵлак дызбарц шысҭаху. Иахьа убас дагьыҟоуп. Абри азнеишьа схы ааздыруеижьҭеи схы иасырхәоит, аха уажәшьҭа исырҳаз аԥышәа егьырҭгьы ирыцеиҩысшартә сыҟоуп», – лҳәеит Асҭанда Саӡԥҳа.

Аиԥылараҟны аспециалист дырзааҭгылеит ааӡараҿы лара лгәаанагарала ихадарақәоу абарҭ апринципқәа. Иаҳҳәап, зыхшара аԥыжәаратә ҟазшьақәа рылазааӡарц зҭаху анацәеи абацәеи ирдыруазароуп «аԥыза ҳәа изышьҭоу ахаҭара – ахаԥшьгара злоу, аха аҭакԥхықәрагьы зхахьы изго шиакәу. Уи ихымҩаԥгашьа зхьыԥшу – акыр иаԥсоуп ҳәа ииԥхьаӡо иӡбарақәа роуп, икәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьақәа ракәымкәа».

«Иааркьаҿны иуҳәозар, сара иеизаз ирзеиҭасҳәеит ахәыҷы изҳара уаԥырхагамхакәа, дзакәхарц ииҭаху ихала иалихыртә, иааигәа-сигәа иҟоу анырра ирҭо акәымкәа, иара ихаҭа дырнырыртә еиԥш дшааӡатәу. Сазааҭгылеит убасгьы адуцәеи ахәыҷқәеи аҭыӡшәа анроулак, уи алҵразы цхыраагӡақәас иҟоу», – ҳәа Анацәеи абацәеи рыклуб аусура дшалахәыз ахҳәаа азылуит аексперт.

Асҭанда Саӡԥҳа лықәгылара азҵаара рацәа цәырнагеит. Анацәа ҵаауан – ахәыҷы ахәыҷбаҳчахь ишьҭра иаԥсоума, мамзаргьы аҩны дуааӡалар иаҳа еиӷьу ҳәа, ахәыҷи адуи рыгәра еибаго иҟаларц азы ииашаны ухы шԥамҩаԥугаша, андуцәеи абдуцәеи ахәыҷы иааӡараҿы ҭыԥс иааныркылои уҳәа убас иҵегь.

Анацәеи абацәеи рыклуб анапхгаҩы Кама Кәыҵниаԥҳа иазгәалҭеит, жәабран 8 рзы имҩаԥысыз аиԥылара Аклуб азы ираԥхьатәимызт аҟнытә, уи алахәцәа «акыр ихәарҭоу дыррала еибыҭан», ибзины изызхәыцыз азҵаарақәа рҭиуан ҳәа. Иагьацылҵеит убасгьы, акоуч илҳәоз аӷьырак уаанӡа иааихьаз асасцәа ирҳәақәаз ишақәҿнаҭуаз, аклуб анапхгаҩы лгәы ишаанаго алагьы, абри иабзоураны аиԥыларақәа ирылахәу анацәеи абацәеи ироуз аинформациа иаҳа иҵауланы адкылара рылшеит.

«Ари аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара иконкреттәу атемақәа ҳрылацәажәеит. Иаҳҳәап, изакәызеи ахәыҷы иенергиа, уи аилкаашьеи [ииашаны] амҩақәҵашьеи шҵатәу уҳәа. Аспециалист дырзааҭгылеит акырӡа ихадароу азҵаарақәа. Хаҭалагьы, аимадара иадҳәалоу – иаҳҳәап, ахәыҷы ҳаиликаауеит ҳәа ҳаныҟоу зны-зынла иҟалалоит убас, аинформациа иара иҟынӡа ианҳазнамгогьы. Ааӡара аус аҿы ихәыҷу-идуу ҳәа иҟаӡам – зегьы аҵак дуӡӡа амоуп», – лҳәеит Кама Кәыҵниаԥҳа.

Мрамза Делба – Анацәеи абацәеи рыклуб далахәуп, иахьа уажәраанӡа еиԥыларакгьы бжьалмыжьыцт. Лара лгәы ишаанаго ала, абас иҟоу аиԥыларақәа раамышьҭахь «анацәа иааубаратәы рҽеиҭаркуеит».

«Абри аиԥылараҟынтә ихадароу лкаас схазы иҟасҵаз – ахәыҷы иенергиа ииашаны ишырхалатәу ауп», – лҳәеит Делба, лхатә ҿырԥшгьы аалгеит: «Иахьа схәыҷы абжьааԥнеиԥш иҽысгәыдиҳәҳәалеит, сиахәмарыр иҭахын, аха сара иаха сымамызт, арахь ааиразы аҽеидкылара саҿын. Дыззыԥшыз сыгәцаракра имоуит. Сара еилыскаауеит ахәыҷы иазҿлымҳара даҽа хырхарҭак аҭара апринцип схы ишсзамырхәаз».

Аклуб алахәҩы иацылҵеит, аиԥылараҿы излацәажәаз атемақәа ишыруакыз ахәыҷқәеи адуцәеи рыбжьара агәреибагара арҳара.

Анацәеи абацәеи рыклуб – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуччиатә клуб аҩнуҵҟа иаԥҵаз проект ҷыдоуп, аусура иалагеит абҵара 30 рзы. Аклуб иалахәхарц рылшоит анацәеи абацәеи зегьы. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, уи азы ихадароу – «азҿлымҳареи амотивациеи рыҟазаароуп».