Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аԥсуа-абаза милаҭ рхаҭарнакцәа аныҳәа Кәырбан-баирам (Ид аль-Адха) рыдиныҳәалеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аԥсуа-абаза милаҭ рхаҭарнакцәа Меккаҟа аԥшьаныҟәареи, ахаџьи рхыркәшара рыдиныҳәалеит.

Иара иазгәеиҭеит, амсылманраҿы реиҳа ихадароу аныҳәақәа иреиуоу Кәырбан-баирам акыр шәышықәса раахыс амсылманцәа рыԥсҭазаараҿы аҭыԥ ду шааннакыло, уи ауаа еиднакылоит, жәытәла иаауа аҭоурыхи, ҳабдуцәа рҵасқәеи ҳрыхӡыӡааны, пату рықәҵашьа ҳнарҵоит ҳәа.

Мусса Егзакь иадныҳәалараҿы иазгәеиҭеит аԥсуа-абаза диаспора ахьынхо атәылақәа рҿы иҟоу амсылманцәа арҭ адоуҳатә традициақәа рыхә ҳаракӡаны ишыршьо, Кәырбан-баирам аныҳәагьы инеиҵыхны ишазгәарҭо.

«Аԥсуа-абаза жәлар рымсылмантә хеидкылақәа Аԥсны, Ҟарачы-Черқьесиа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа уҳәааԥсуаа ахьынхо атәылақәа шамахамзар зегь рҿы атәыла аԥсҭазаара иалахәуп, аҿар рааӡараҿы рлагала дууп, адинбжьаратә, амилаҭбжьаратә диалогқәа рыҿиара иацхраауеит. Ҳәара аҭахума, амсылманцәа рхеилак аусура ауаажәларраҿы аҭынчреи, аибачҳареи, аиқәшаҳаҭреи рыҟазаара иацхраауеит», – ҳәа азгәеиҭеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы.

Зегьы аҭынчреи, агәабзиареи, агәырӷьареи, аизҳазыӷьареи рзеиӷьишьеит.

Амсылманцәа есышықәса Кәырбан-баирам азгәарҭоит аислам дин амзар ала иалкаау амза ажәабатәи амш азы. Ари аныҳәа азкуп амсылманцәа рҿы ԥааимбарс ишьоу Ибырҳам икәырбан агәалашәара, иара хымш имҩаԥысуеит.