Акоронавирус апандемиа иахҟьаны акыраамҭа иҟаз аиԥҟьара ашьҭахь Аконгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь хаҭала дырԥылеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа.
Адунеизегьтәи Аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа реизара мҩаԥигеит Аконгресс аофис аҟны аԥшьаша, хәажәкыра 25 рзы. Аиԥылара мҩаԥысит Мусса Егзакь Аԥсныҟа иаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, иагьымҩаԥысит лабҿаба, онлаин акәымкәа.
Аиԥылара аартуа АААК ИА ахантәаҩы иазгәеиҭеит иазыԥхьагәаҭаны иҟоу аплан инақәыршәаны, иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара аҭыԥантәи аҟәшақәа аартызар акәын ҳәа.
«Сара сақәгәыӷуан иахьатәи амш азы Аԥсны ақыҭақәа зегьы рҟны аҭыԥантәи аҟәшақәа аартны иҳамазаауеит ҳәа (иахьазы Аԥсны иаартуп 33 ҟәша – аред.), аха аԥсҭазаара убас ала ицеит, ихадароу ҳусура аанымкылахар ада ԥсыхәа ыҟамкәа. Уажәшьҭа еиҳагьы ҳҽазҵәылхны ԥхьаҟа ҳцалароуп», – иҳәеит Егзакь.
Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аконгресс агуманитартә усура активла зхы алазырхәыз зегьы.
«Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит апандемиа аамҭазы ицәырҵуаз азҵаарақәа рыӡбара иалахәыз, шәхы, шәгәабзиара ашәарҭа ишҭашәыргыло шыжәдыруазгьы. Аԥсны, Абазашҭа, Санкт-Петербург ҳусура хада аанкыланы иахьынӡаҟаз, егьырҭ акрызҵазкуаз агуманитартә проектқәа ҳнапы рылакын. Аха ус шакәугьы, ҳусқәа актуалра шрыҵоу иаанхоит, урҭ рынагӡарагьы иацаҳҵоит», – ҳәа азгәеиҭеит Мусса Егзакь.
Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр адиректор Виачеслав Чрыгба Аконгресс аусура ҩаԥхьа иахьхацнаркыз агәышьҭыхра шинаҭо атәы иҳәеит.
«Даара сеигәырӷьоит Аконгресс аҿы ҳусура ҩаԥхьа ҩ-напыкала иаҳкыртә алшара ахьыҟалаз. Аԥсҭазаара ацашьа узынкылом, шықәсык уажәаԥхьа аӡәгьы игәы иаанагомызт абас аамҭак ҟалоит ҳәа, аҿкы чымаза бааԥс цәырҵуеит ҳәа. Исгәалашәоит Китаи, ақалақь Ухань аепидемиа ҟалеит ҳәа ажәабжьқәа санрыԥхьоз, издыруадаз усҟан шықәсыбжакгьы мҵыцкәа уи ачымазара бааԥс ҳара ҳҟынгьы аӡәырҩы шагоз. Уи даара илахьеиқәҵагоуп. Сгәыӷуеит ахьанҭарақәа раӷьырак ҳархысхьеит ҳәа. Иҟаҵамкәа иаҳцәыбжьахаз хаҳарҭәаар ҳҭахуп даара, аус ҿыцқәа рынагӡара ҳазыхиоуп, ҳхи-ҳамчи ҳармеигӡакәа», – иҳәеит Чрыгба.
Арепатриациазы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак иалахәу Вадим Ҳаразиа аҩ-еиҿкаарак русура аганахьала игәаанагара шыҟоу иҳәеит.
«Агәахәара ду снаҭоит саргьы Аконгресс акоманда сахьахәҭаку. Иҭабуп ари аиԥыларахь ааԥхьара ахьсышәҭаз. Сара сгәаанагарала, ҳара зегьы – сара сызхагылоу Арепатриациазы аҳәынҭеилакы, нас Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ҳааилацәажәаны аҭоурхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәра аганахьала иаку мҩак ылаҳхроуп. Сгәанала, арепатриациа апроцесс шьаҿа-шьаҿалатәи астратегиа шьақәҳаргылароуп зегь ҳахшыҩқәа еилаҵаны. Ҳара уажәи-уажәи аҽԥныҳәа ҳарҭоит шьаҭанкылатәи аҳәынҭқарратә программа шәымам ҳәа, иагьиашоуп уи. Иҟаҵоугьы маҷым, ҳәарада, аха аамҭа ишаҳнарбо еиԥш, уи зынӡа иазхаӡом. Ҳагәҭакқәа еиԥшуп, убри аҟнытә еибыҳәаны аус ҳаулар бзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит, сара уи садгылоуп», – иҳәеит Ҳаразиа.
Анаҩс аиԥылара иацҵахеит, иалацәажәон еизаку аԥсуа-абаза алфавит ашьақәыргылара, иара убас «Аԥсуара» ҳәа ҳажәлар рхымҩаԥгашьа, рҵас-қьабзқәа ртәы еиҭазҳәо ашәҟәы аҩреи реиԥш иҟаз азҵаарақәа.
Мусса Егзакь иазгәеиҭеит хышықәса раахыс Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҟны ишымҩаԥысуаз иаку аԥсуа-абаза алфавит аԥҵара аганахьала аусура, аха уи ақәҿиара аимуит. Иахьа ари алфавит аԥҵара рнапы алакуп Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа – Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр адиректор Виачеслав Чрыгбеи Ҟарачы-Черқьессиатәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырразы апроректор Сергеи Пази.
Виачеслав Чрыгба иҳәеит ҩ-алфавитк акны реизааибагара ауадаҩрақәа шацу.
«Ари ус имариам. Алатин ҩыра анҳамаз, 30-тәи ашықәсқәа раан, ҳалфавитқәа еиԥшын, шамахамзар еиҩыргоз ҳәа акгьы ыҟамызт. Аха нас, Урыстәыла акириллицахь ианиас, Аԥсны ақырҭуа шьаҭахьы ҳаниарга, аиҩгарақәа ҟало иалагеит. 1954 шықәсазы еиҭархынҳәны иҳарҭаз алфавит абаза бызшәа алфавит злашьақәгылоу апринципқәа ирышьашәалаӡам», – иҳәеит Чрыгба.
Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит ихадароу зҵаарас иҟоу – алфавит системас иазышьҭаҵатәу алхроуп ҳәа, аԥсуа система акәу, абаза система акәу. Мамзаргьы ахԥатәи, зынӡа иҿыцу формак аԥҵатәу, аҩ-алфавитк реилаҵарала даҽа шьаҭак азылхтәу.
«Раԥхьатәи авариант аԥаҳҵахьан алатин шьаҭала, уи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба исырбахьан, ҳалацәажәон. Аха абраҟагь апроблема цәырҵит: Урыстәыла закәанла алатин шьаҭа ахархәара азин ыҟам, Ҭырқәтәыла акәзар – акириллица ахархәара ауӡом. Убри аҟнытә иҵегь ҳазхәыцлароуп, аус адаҳулароуп ари азҵаара ҳәа ациҵеит Чрыгба.
Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа алацәажәеит убасгьы аԥсуа-абаза ҵарауаа рхеилак аԥҵара азҵаара, уи хыдҵас иамазаауеит аԥсуа-абаза жәлар рҭоурых иазкны иааҭыҵуа аҭҵаарадырратә литература зегьы ахәшьара аҭара.
Мусса Егзакь Аԥсны дыҟазаауеит хәажәкыра 27 рҟынӡа. Иаара иалагӡаны дырԥылоит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәеи, Аԥсны араионқәа рҟны иаԥҵоу аҭыԥантәи аҟәшақәа рхаҭарнакцәеи.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.