539

Аметалл ажьаҳәа аҵхра аҟазара - ижәытәӡатәиқәоу иреиуоуп. Ажьира - анырхагатә маругақәеи егьырҭ амаҭәарқәеи ахьыҟарҵо ҭыҧ мацараны иахәаҧшуамызт. Аҧсуаа жәытәнатә аахыс ажьира ҧшьаҭыҧны ирыҧхьаӡон, ажьицәа ракәзар, ажәлар рахь анырра рыман ҷыдала пату рықәырҵон. Иахьатәи аамҭазы, ажьира аанхоит аҟазареи аҭоурыхтә ҭынхеи ахьеиқәдырхо ҭыҧны. Изеиҧшразеи Аҧсилиатәи аибашьҩы иҟама, Нарҭаа репос аҿы кырынтә аиха изалацәажәозеи, иахьатәи аҿар ажьира иадзыҧхьалои - абарҭқәа зегьы ирызкны, шәахәаҧш «Згәы еисуа аҟазара» изаамҭанытәиу аҭыжьымҭа.