Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театри еилахәны ихацдыркит апроект ҿыц, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақыҭа школхәыҷқәа аспектакльқәа ирҭаауеит, атеатр адунеи иабадыруеит.

Апроект раҧхьа рхы аладырхәит Ҭхьынатәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи. Аҳҭнықалақь асасцәа рзы еиҿыркааит Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист актриса Елеонора Коӷониаҧҳа имҩаҧылгаз, илахҿыхыз аекскурсиа. Лара ашколхәыҷқәа дырзалацәажәеит атеатртә етикет, ахәаҧшҩы ихы шымҩаҧигаша, аҟазареи иқәгылоу артистцәеи пату рықәҵашьа. Уи адагьы ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит лабҿаба ирбо ақәыргыламҭа зыбзоуроу еибыҳәаны ауаа рацәа имҩаҧырго аусура шакәу. Ашколхәыҷқәа акулисақәа рнаҩсан иҟоу рбеит, арежиссерцәеи атруппа алахәцәеи ирабадырит, аспектакль ақәыргылара злашьақәгылоу апроцесс мҽхакыҭбаа иазкны адырра ҿыцқәа роуит.

Атеатр аҭаара азкын Аҧсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр диижьҭеи 75 шықәса аҵра. Аспектакль шьаҭас иаиуит амҳаџьырра иадҳәалоу ахлымӡаахқәеи аубых жәлар рықәыӡӡаареи ртәы еиҭазҳәо аҭоурыхтә поема «Семра». Аҵаҩцәа ақәыргыламҭа иазҿлымҳаны иахәаҧшит, афырхацәа ирыцгәырҩеит, асиужет цәаныррала ирыдыркылеит.

«Аҧарда анаадырт инаркны, зеиҧш ыҟам атмосфера ҳамҽханакит. Актерцәа зроль нарыгӡоз афырхацәа рхаҭара заманала иаадырҧшуан, асценаҿы имҩаҧысуаз зегьы ӷәӷәала ҳаанахәеит. Анаҩс кыраамҭа ҳалацәажәон иаҳбаз, ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи еимаҳдон, дасу игәаҵаҿы иаанхеит ҷыдала игәнигаз акы», - лҳәеит апроект иалахәыз аҵаҩцәа руаӡәк.

Ашколхәыҷқәа рзы атеатр аҭаара илахҿыхыз хҭысхеит, уи ирылнаршеит рылаҧшҳәаа арҭбаара, аҟазара адунеи иазку адырра ҿыцқәа риура.

«Ҳазҭалаз ашықәс азы апроект ҿыц хацҳаркырц ҳаӡбеит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ақыҭа школқәа рҵаҩцәа Аҟәа иҟоу Аҧсуа драматә театр иаҭаауеит. Ари аҩыза ажәалагала ҳаманы ҳлыдҵаалеит ҳаҧшьгамҭа дахьақәшаҳаҭхаз азы иҭабуп ҳәа заҳҳәо атеатр аиҳабы Хьыбла Мықәҧҳа. Асектакль абара анаҩсангьы, Елеонора Коӷониаҧҳа ахәыҷқәа ирзымҩаҧылгеит аекскурсиа. Агәра ганы сыҟоуп апроект алахәцәа реиҳараҩык атеатр акулиса анаҩсан иҟоу раҧхьаӡа акәны ишырбаз, уи рхаҿы ишаанхаз», - иҳәеит аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша аспециалист Наур Хышба.

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагҧҳа апроект адҵа хадақәа роуп ҳәа иалылкааит – еизҳауа абиҧара атеатртә ҧсҭазаара ралархәреи, аҧсуа бызшәа аҳаҭыр ашьҭыхреи.

«Ҳхәыҷқәа рдоуҳатәи ркультуратәи ҩаӡара ашьҭыхрада изалыршахом еизҳауа абиҧара рааӡареи рырҿиареи, акулиса анаҩсан иҟоу аҧсҭазаареи атеатр аҭоурыхи дырбарала, атеатр аҟны аус зуа акрыфарҭа аҭаарала, гьамала аамҭа ахыгарала ахәыҷқәа атеатртә ҧсҭазаара иахәҭакхап, хҭыс лахҿыхны ргәалашәараҿы иаанхап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ҳгәыӷуеит урҭ рыбжьара актер изанааҭ згәаҧхогьы ҟалап ҳәа. Иара убасгьы, аҧсышәала имҩаҧысуа ақәыргыламҭақәа аҧсшәа аҭҵаара ргәы азҭанаҵап, абзазаратә ҧсҭазаараҿы рхатәы бызшәа иарҭо ахархәара иацлап ҳәа ҳгәыӷуеит», - лҳәеит лара.

Апроект аҵакы далацәажәеит атеатр аиҳабы, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи зҽаҧсазтәыз актриса Хьыбла Мықәҧҳа.

«Адунеизегьтәи аҧс

уа-абаза конгресс иаанарҧшыз аҧшьгамҭа гәахәарала иҳадаҳкылеит, иаразнакгьы ҳадгылеит. Атеатр анапхгаҩы, актриса лаҳасаб ала исҳәар сҭахуп ари апроект даара ишхәарҭоу, избанзар атеатр ахь аинтерес цәырнагоит, ахәыҷқәа аҟазара аганахь ала иааӡоит, абызшәа аҿиара иацхраауеит. Ахәыҷқәа ирбаз ргәаҧхеит ҳәа сгәыӷуеит», - лҳәеит Мықәҧҳа.

Аекскурсиеи аспетакльи рнаҩсан, атеатр аҿы аус зуа абуфет аҟны апроект алахәҩцәа ирыдыргалеит ачеиџьыка.