Амениу
4 Лаҵара 2024
04:34
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
27.11.2022 18:40
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Река иҟоу афельшертә-ахәыҷышьҭыхратә ҭыԥ азы ахәшәқәа раахәара иацхрааит

Река иҟоу АААК Аҭыԥантәи аҟәша иҟанаҵаз аҳәара инақәыршәаны, Аконгресс агәыԥ ацхыраара ҟарҵеит Рекатәи афельшертә-ахәыҷышьҭыхратә ҭыԥ азы раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵаразы ихәарҭоу ахәшәқәа раахәараҿы. Ақыҭаҿы фельдшер хадас аус луеит Ламара Ҳашԥҳа-Қәычбериа, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхаҵа Иури Қәычбериа иан. Река ақыҭан иҟоу афельдшертә ҭыԥ шықәсык ахь ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра аднакылоит.

0
Ахҳәаа ыҟам