Амениу
7 Ҭагалан 2026
01:28

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

06.10.2026 14:02
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
02.10.2026 13:13
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
30.09.2026 13:14
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК агәыҧ рхы аладырхәит Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш аҽны имҩаҧысуаз агәалашәаратә усмҩаҧгатәқәа

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа рхы аладырхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыҧшымреи 33 рхыҵра аҳаҭыр азы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.

Аконгресс агәыҧ Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаларшәаны, ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟеи рымҵан.

0
28.09.2026 12:47
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК агәыҧ ашәҭқәа шьҭарҵеит Ахьӡ-аҧша Апарк аҟны игылоу абаҟа амҵан

АААК агәыҧ ашәҭқәа шьҭарҵеит Ахьӡ-аҧша Апарк аҟны игылоу иҭахаз рбаҟа амҵан.

1993 шықәса цәыббрамза 27 аҧсуа еибашьцәа ацәыӡқәа шроузгьы аӷа иааирҧшуаз аҿагылара иаиааины Аҟәа ахы иақәиҭыртәит. Ари ахҭыс анаҩсан хара имгакәа аҧсуа еибашьцәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аҧсны иахырцеит.

0
28.09.2026 12:42
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь иҟаиҵаз ааҧхьара

Ҳаҭыр зқәу аиашьцәеи аиаҳәшьцәеи!

Иахьа – Аҟәа ахақәиҭтәра иамшуп.

33 шықәса раҧхьа Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵареи рӷьеҩреи ирыбзоураны аҳҭнықалақь ахы иақәиҭыртәит, Аиааира амш ааигәартәит. Кашәара ақәымзааит зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз, актәи амшқәа инадыркны Аҧсны Аиааира агәра згоз аҵеицәа рыхьӡ.

Иахьа Аҟәа ҧхьаҟа иҧшуеит, аҿиара иаҿуп, ахаҿра аҧсахуеит, аха аҳҭнықалақь ахы иақәиҭызтәыз ргәалашәара наунагӡа аҭоурых аҿы хьтәы нбанла ианызаауеит.

Аҟәа ауаажәлари Аҧсны иқәынхо зегьи ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, агәабзиара, аихьӡара дуқәа!

0
04.09.2026 14:14
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
24.08.2026 12:55
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Екатерина Бебиаԥҳа лфильм АААК аҿы иӡырыргеит

Адунеизегьтәи аԥсуа‑абаза конгресс аофис аҿы имҩаԥысит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апрофессор, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лфильм аӡыргара. Афильм» «Алашара» "Культура" аҟәша анапхгаҩы Наҭелла Џьемакулова илызкуп.

Афильм аҿы иаарԥшуп Наҭелла лусуратә мшқәеи лыпроектқәеи рыдагьы афырԥҳәызба лҟазшьа аазырԥшуа лхатә ҭоурыхқәагьы. Афильм Екатерина Бебиаԥҳа лфильмқәа рцикл ианылеит, уи хықәкыс иамоуп аҳәса рлахьынҵақәа рыхкырацәареи ауаажәларратәи акультуратәи ԥсҭазаараҿы рлагалеи раарԥшра.

0
16.08.2026 14:12
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Дамхәырц ахалара: агәалашәаратә акциа

Имҩаҧысит апатриоттә акциа «Афырхацәа рымҩала» – уи ихадоу етапны иҟалеит Дамхәырц ахыҵырҭахь ахалара. Амаршрут Гәдоуҭантәи ихацыркхеит, хымш иадхалеит.
Аусмҩаҧгатә хықәкыс иамоуп Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаҧхарала еибашьуаз ргәаларшәара, апатриоттә традициақәа рырӷәӷәара.
 
Атәылахьчара Аминистрреи, Адунеизегьтәи аҧсуа‑абаза конгресси, аҭыҧантәи ауааҧсыреи рыцхыраарала акциа еиҿикааит 6‑тәи ахысратә бригада акомандир Роман Цыгәба. Амаршрут иалахәын 12-55 шықәса зхыҵуаз 17-ҩык.

0
14.08.2026 14:05
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш: АААК агәыҧ амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс агәыпҧ Ахьӡ-аҧша Апарк аҿы иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
 
Нанҳәамза 14 Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Иамшуп. Ари амш аҽны 1992 шықәсазы ақырҭуа ар Аҧсны иақәлеит. Иалагеит 413 мшы ицоз, 3000-ҩык инарзынаҧшуа аибашьцәа рыҧсҭазаара ҿахызҵәаз Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра.

0
06.08.2026 15:30
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

«Гәыкала». Саид Џьонуа

«Гәыкала» дсасны даҭоуп агенетикатә ҭҵаарақәа реиҿкааҩцәа ируаӡәку, апроект AA DNA алахәыла Саид Џьонуа. Ихьыҧшым ари аҭҵааратә проект азкуп аҧсуа‑адыга жәларқәа ргенетикатә ҭоурых ДНК‑тестқәа рыла аҭҵаара.

Ҳара ҳалацәажәоит ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рыбзоурала ашәышықәса раҧхьа иҟаз аилкаашьа, аҧсуа, абаза, адыга, аҟабарда жәлақәа иаку рхылҵшьҭра ашьақәыргылашьа. Иара убас ҳалацәажәоит анаука аҭаацәаратә ҳәамҭақәа рзы иаҳәо: алегендақәа ахьҵабыргу, мамзаргьы аҭоурых даҽакала ахы ахьаанарҧшуа.

0
Иҵегь аҭагалара