Амениу
3 Лаҵара 2024
01:23
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
07.02.2023 08:19
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

Мусса Егзакь Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысраан ауаа рацәа рҭахара инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь адышшылара ҟаиҵеит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысрақәа ирыхҟьаны зықьҩыла ауаа ахьҭахаз инадҳәаланы.

"Змагнитуда 7,7 инаӡоз адгьылҵысра ӷәӷәақәа ҟалеит Ҭырқәтәыла алада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы, иагьамҽханакит Шьамтәылатәи апровинциақәа Алеппо, Латакии, Хама, Тартус.
Ааха зауз ауаа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳара ҳџьынџьуаагьы: ааҩык ахәрақәа роуит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит. Ари адырра шьақәирӷәӷәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡа змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба. Адыгаа рахьтә 12-ҩык ҭахеит, 28-ҩык хәуп, 10-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ҳрыдышшылоит, ааха зауз лассы ргәы бзиахааит!"

0
Ахҳәаа ыҟам