Амениу
18 Мшаԥы 2024
08:24
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
15.03.2023 18:24
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ауаажәлар рахь иааԥхьара.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа ирыланхо ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, абзиара шәымазааит зегьы! 

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Алашареи шықәсырацәала ирзааԥсо акоманда ҳусура алҵшәақәа ҳарзааҭгылеит VIII Аизараду аҿы, уи зегьы ижәбартә-ишәаҳартә аӡбахә ҳашьҭит.

2023 шықәса еиҳагьы ҳгәы шьҭыҵны ҳҭалеит, ауаа ирыхәаша аус бзиақәа рынагӡара ҳҭахны. Ижәдыруеит, Аконгресси Алашареи аханатә ишазҿлымҳау ахатәы бызшәеи, акультуреи, аҵас-қьабзқәеи реиқәырхара. 

Сара агәра ганы сыҟоуп Аԥсуара, Абазара шакәу ҳажәлар рыӷьацара, реизҳара шьаҭас иамоу, ихадароу идеиологиасгьы иҟаҵатәны иҟоу. Убри ҳасаб азуны алаҳәара ҟасҵоит иааиуа ахәышықәса ҳусураҿы Аԥсуара/Абазара иатәхоит ҳәа.

Ари иаанаго, ҳамч-ҳалша зегь ҳхьышьҭра амырӡра иазаҳкуеит ҳәа ауп. Раԥхьатәи снапынҵа - ахәыҷбаҳчақәеи алагарҭатә школ иҭоу аҵаҩцәеи рзы Аԥсуаразы арҵага шәҟәы аиқәыршәароуп.

Сгәыӷуеит, ари аус анагӡара рҽадрыԥхьалап ҳәа иреиӷьу ҳаспециалистцәа, нас ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны ахәыҷқәа рыбжьара Аԥсуара иаҳа ибзианы издыруа ҳәа аицлабрақәа мҩаԥаҳго ҳҟалап ҳәа.

Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, шәа шәахь схы нарханы аҳәара ҟасҵоит: шәыхшыҩ ҳалашәҵа, шәыпроектқәа ҳзаашәышьҭла. Шәааи ҳаивагыланы еиқәҳархап ҳабдуцәа ашәышықәсақәа иргәылганы иааргаз ҳхаҿра, ҳаргьы ҿыц игыло абиԥарақәа убас ихьчаны ишыҟоу иҳамырдарц.

0
Ахҳәаа ыҟам