Амениу
23 Мшаԥы 2024
23:48
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
16.03.2023 12:33
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК аусзуҩцәа Марттәи ажәылара иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы иаҭааит.

АААК аколлектив 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан иаԥшьгаз Марттәи ажәылара иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы рхы аладырхәит. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара хьӡи-ԥшеи рмузеи аҟны еиҿкаан ажәылараҿы иҭахаз 222-ҩык афырхацәа рфотоцәыргақәҵеи, акинохроника "Зхьаа иаиааиз анацәа" арбареи.
Есышықәса хәажәкыра 15-16 рзы Аԥсны иргәаладыршәоит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз аԥсуа ҵеицәа. Ари зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аибашьра амшқәа ракәы

0
Ахҳәаа ыҟам