Амениу
22 Ԥхынҷкәын 2024
06:17
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
24.03.2023 20:06
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК апроект "Аҿар рыбжьы" аҩбатәи амастер-класс мҩаԥысит Очамчыра.

Очамчыра ақәыԥшцәа рыҩнаҿы имҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси амузыкант, ашәаԥҵаҩы Абзагә Марыхәбеи рзеиԥш проект "Аҿар рыбжьы" аҩбатәи аиԥылара.
Амастр-класс аҳасабала еиҿкааз аиԥылара рхы аладырхәит очамчыратәи ашколқәа рҟынтә 15-ҩык аҵаҩцәа. Ахәыҷқәа лдырреи лԥышәеи рыцеиҩылшон "Аиҳәшьцәа Берзениаа" рдует алахәыла, жәларбжьаратәи амузыкатә конкурсқәа рҟны аиааирақәа згахьоу, аестрадатә-џьазтә шәаҳәаҩы Фрида Берзениаԥҳа. "Аҿар рыбжьы" - Аԥсны амузыка ашҭа иҭалаша абаҩхатәра злоу аҿарацәа раарԥшра иазкуп. Раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥысит Гәдоуҭа, ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы.

0
Ахҳәаа ыҟам