Амениу
24 Мшаԥы 2024
23:18
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
24.05.2023 13:26
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҷандареи Абӷархықәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи адиспансеризациа иахрыжьит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны ақыҭақәа ирҭааны афбатәи адиспансеризациа мҩаԥнагеит.

Уажәазы ргәабзиара гәарҭеит Аҷандаратәи, Абӷархықәтәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи. Адиспансеризациа ҩ-етапкны имҩаԥысит. Аԥхьа ршьа арҭеит азеиԥш анализ аҟаҵареи ашьақар иалоу ашәареи рзы. Анаҩс аҳақьымцәа алҵшәақәа рнапаҿы ироуз ала ахәыҷқәеи адуцәеи хаҭа-хаҭала ирыдыркылеит. Агәаҭарақәа мҩаԥыргон "Аԥсны ареабилитологцәа рассоциациа" ахаҭарнак Арзадин Агрба, акардиолог Ирина Фет-оглы, ЕКГ ҟазҵо амедеиҳәшьа Раиа Бороловец, аендокринолог Иулиа Кәыбраа, ахәыҷтәы ҳақьымцәа Ангелина Оҭрԥҳаи Наталиа Роговеи, аневролог Саида Кәанџьариа, ахәда ҳақьым Хатуна Какәылиа,  абла ҳақьым Фатен Абаза.

Аҳақьымцәа ирыцхраауан Аконгресс аусзуҩцәа. Апациентцәа ранкетақәа еиқәдыршәон, ихадырҭәаауан, иҵегь аспециалистцәа ирыдҵаалараны иҟаз ашәҟәынҵа рырҭон. Адиспансеризациа иамҽханакит 130-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра.

0
Ахҳәаа ыҟам