Амениу
25 Мшаԥы 2024
17:05
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
24.05.2023 13:44
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш иазкыз аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын.

Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҽны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҟәатәи аофис аусзуҩцәа Амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас Ашьамаҟа цәашьы адыркит. Ари ацәашьы аконгрессаа рнапала иҟарҵоит, маи 21 рзы абаҟа азааигәара ирбылуеижьҭеи сынтәа ԥшьышықәсоуп. 
Аконгресс аусзуҩцәа Нарҭаа рымца аиқәҵарагьы рҽаладырхәит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иаҳхаҳгахьоу аҭоурых арыцхәқәа зегьы патула ирзыҟоуп, еиҵагыло абиԥарақәа рызнагара иазааԥсоит, Аԥсуара аиқәырхареи аҿиареи инаваргыланы.

0
Ахҳәаа ыҟам