Лента событий ВААК
АААК иацнаҵоит аныҟәареи аҵареи еилазыгӡо апроект "Аимадара" амҩаԥгара.
Ахәыҷқәа рыԥсшьараамҭа хырҳаганы ирхыргартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара иазку Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апроект "Аимадара" аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭхьынатәи ашкол аҵаҩцәа рзы аныҟәара еиҿкаан. 80-ҩык ашколхәыҷқәа Гагра иҟоу амилаҭтә дельфинари иаҭааит, Мгәыӡырхәа иҟоу амилаҭтә гәарԥ "Аԥсны" рбеит, Аацы иҟоу алымааӡарҭа "Праид" инеит.
Ахәыҷқәа аиҳараҩык раԥхьаӡа акәны арҭ аҭыԥқәа лабҿаба ирбон. Акыр агәыхыҭхыҭреи аҿыцрақәеи зцыз амш ацәанырра рацәа рызцәырнагеит. акыраамҭа иаҳхашҭуам ҳәа ргәы ишҭымҵәоз рҳәон.
"Ҳара раԥхьаӡа акәны адельфинари, аетнопарки, алымқәа рааӡарҭеи ҳбеит. Ҳаԥсы ахьынӡаҭоу иҳацзаауа гәалашәараны иаанхар ҟалап ари амш", - лҳәеит аныҟәара иалахәыз руаӡәы.
Сынтәала "Аимадара" еиҿнакаахьоу рахьтә ари аԥшьбатәи ныҟәароуп. Анаҩстәи аныҟәара мҩаԥысуеит ҳазҭоу амза нҵәаанӡа Арасаӡыхьи Баслахәи ашколқәа рҵаҩцәа рзыҳәан.