Лента событий ВААК
АААК аԥсуа милаҭ хәмаррақәа ртурнир аҽазыҟаҵарақәа ирыцнаҵоит.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҿар реизҳареи абаҩрҵәыреи рыҟәша аиҳабы Валери Берзениа иациҵоит аԥсуа милаҭ хәмаррақәа рырҵара иазку амастер-классқәа рымҩаԥгара. Убас, ааигәа Ҭхьынатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа идирҵон аԥсуа хәмаррақәа "Аимҵакьача", "Ахылԥахас", "Мцымца". Иааираны иҟоу атурнир аиҳабарытә классқәа рыбжьара шакәугьы ишымҩаԥысуа, амастер-класс иалахәхарц рҭаххеит аҵаҩцәа еиҵбацәагьы. Зынӡа 15-ҩык ашколхәыҷқәа аҽазыҟаҵара иахысит.
Аханатә еилкаахеит ахәыҷқәа зҿлымҳара дула, иргәаԥхангьы ари аус ишазнеиз. Зегь реиҳа иамҽханакит аилҟьареи аласреи зҭаху ахәмарра "Аимҵакьача".
Ас еиԥш иҟоу амастер-классқәа ирылҵшәахоит Аԥсны араионтә школқәа рыбжьара амилаҭ хәмаррақәа рзы атурнир амҩаԥгара, иара еиҿкаахоит аетнопарк "Аԥсны" иахьаҵанакуа, ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы.