Лента событий ВААК
  Вернуться к ленте
30.08.2023 17:45
Сҭампыл, Ҭырқәтәыла
Ҳџьынџьуаҩ Утку Қапба тхеквондо азы адунеи ачемпионат аҟны аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит.
Ҭырқәтәылатәи ақыҭа Ефҭение инхо ҳџьынџьуаҩ хәыҷы Утку Қапба аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит акадетцәа рыбжьара тхеквондо азы адунеи ачемпионат аҟны. Аицлабра мҩаԥысуан Босниеи Герцеговинеи раҳҭнықалақь Сараево. Аспортсмен қәыԥш ачемпион актәи амш азы иҽаликааит 148 сантиметра рҟынӡа зоура наӡо арԥарацәа рҟынтә араӡны медал даиааины.
0
Ахҳәаа ыҟам