Амениу
8 Цәыббра 2024
02:27
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
08.09.2023 16:40
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК амилаҭтә хәмаррақәа рзы амастер-класс ҿыц мҩаԥнагеит.

АААК Аҿар реизҳареи абаҩрҵәыреи рыҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа аԥсуа милаҭ хәмаррақәа рырҵара иазку амастер-классқәа рымҩаԥгара иациҵоит. Убас, "Аимҵакьача" ахәмаршьа дирҵеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи 4-тәи ашкол аҵаҩцәагьы. Зынӡа 18-ҩык ашколхәыҷқәа алахәын ари аус. Амастер-классқәа ирылҵшәахоит ҳазҭоу амза анҵәамҭазы аԥсуа милаҭ хәмаррақәа рзы атурнир амҩаԥгара. Иара еиҿкаахоит аетнопарк "Аԥсны" иахьаҵанакуа.

0
Ахҳәаа ыҟам