Амениу
27 Ԥхынгәы 2024
02:46
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
19.09.2023 14:20
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аимҵақьачазы алхратә хәмарра мҩаԥысит Аҟәа.

Аԥсуа милаҭ хәмаррақәа рзы атурнир аҽалархәразы аԥышәаратә хәмаррақәа мҩаԥысит. Аҟәатәи ашколқәа ԥшьба рҵаҩцәа еиԥхныҩлон Аимҵақьачаҿы. Аиааира ргеит Ефрем Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи 5-тәи абжьаратә школ. Ахраҿа ранаишьеит АААК аусзуҩ Абаҩрҵәыреи аҿар реизҳареи аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа.
Ахәмаррақәа реиҿкааҩцәас иҟоуп - Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аҿари аспорти русқәа рзы Аҟәа ақалақь ахадара аҟәшеи. Амилаҭ хәмаррақәа рзы атурнир мҩаԥысуеит уажәтәи асабшазы аетнопарк "Аԥсны". Еиԥылоит х-командак: Гәдоуҭа араиони Очамчыра араиони рҟынтә, иара убас Аҟәатәи 5-тәи ашкол акомандагьы.

0
Ахҳәаа ыҟам