Амениу
10 Ԥхынҷкәын 2024
05:07
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
29.09.2023 17:10
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Ахра Аҩӡба зхаҿы дгылоу Донбасс абнатә дивизиа АААК Аҟәатәи аофис иаҭааит.

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аламҭалазы "Пятнашка" аибашьцәеи рыдҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡбеи Аконгресс аофис иаҭааит. Аиԥылара аиҩызаратә ҟазшьа аманы, иҟәанданы имҩаԥысит. Азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Акультуреи, амилаҭ хаҿреи, аидгылареи, аҭышәынтәалареи, аҭынчреи, ашәарҭадареи реиқәырхара шаҭаху рҳәеит.
Зқьышықәсала ҳабдуцәа рабдуцәа рҟынтә имырӡкәа иаарго акультура, ҳара ҳзыхьчо, егьырҭ ҳрылазмырӡо абызшәеи иареи шакәу анеилаҳкаалак, ҳазнеишьагьы даҽакхоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Аԥсуарада иахьагьы хеиқәырхашьа шҳамам. Мҩашьарада иаҳдыруазароуп, ҳхаҿы иааҳгалароуп ихьчатәны иҳамоу, ҳазхыԥар иҟамло аҵасқәеи ақьабзқәеи закәу", - иҳәеит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.
"Ҳахьыҟазаалак еснагь ҳаицуп, ҭаацәарак еиԥш ҳаибабоит, дасу илшо-дызхәарҭоу ҳдыруазароуп, Аԥсназы акрызҵазкуа азҵаарақәа рыӡбара иазыхиоу хьыӡҳәала иаҳзеиқәыԥхьаӡартә ҳаҟазароуп", - ҳәагьы ациҵеит иара.
Аконгрессуаа рысасцәа ирзеиҭарҳәеит усқәас изҿу, аҟәшақәа шеихшоу уҳәа. Иааизгьы рзеиӷььарақәеи ргәаанагарақәеи рҳәеит ԥхьаҟа аусеицура рыбжьалозар, хырхарҭас иаиуша иазкны.

0
Ахҳәаа ыҟам