Амениу
21 Ԥхынҷкәын 2024
20:19
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
07.10.2023 15:35
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 31 шықәса ахыҵит.

Арыцхә инамаданы АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аҳәамҭа ҟаиҵеит:

"Ҳара ҳаиҿкаара аусура иалагеит Аԥсназы аамҭа хьанҭа шьақәгыланы ианыҟаз, аџьынџьтәылатә еибашьра анеилашуаз аан. Усҟан АААК ахьӡ даҽакала иҟан - Аԥсуа-абаза милаҭ жәларбжьаратәи рассоциациа. Аха ахықәкқәеи ахыдҵақәеи уи аахыс ԥсахрада иааиуеит. Есҽны аус аауеит адунеи иалаԥсоу Абаза жәлар ахаҭарнакцәа реидкыларазы. 

Ҩеижәижәаба шықәса инареиҳаны ахандеира алҵшәақәа аанашьҭит. Ҳара имҩаԥаагахьеит хыԥхьаӡара рацәала апроектқәа, ауаажәлар реидкылара, ахатәы бызшәа арҿиареи аиқәырхареи, аҭоурыхи ақьабзқәеи рҵара уҳәа иазынархоу.

Уи адагьы, ҳара ҳусура хықәкыс иамоуп аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара. Аконгресс аусура иабзоураны аԥсуааи ашәуааи адунеи ҭыԥс иахьынхозаалак рхатәы бызшәа, рҭоурых, ркультура рҵартә еиԥш алшара рымоуп, аҩызцәа дырҳартә, рашьцәа рыԥшаартә еиԥш алшара рымоуп. 

Ари нахысгьы аҿар аус рыдаҳулалоит, Аԥсны изызҳауа реиԥш уи анҭыҵгьы. Ҳабдуцәа иҳарҭаз адоуҳатә мал, аҟәышреи адыррақәеи ԥхьаҟа инаҳгалоит Абаза жәлар ахьықәынхо атәылақәа зегьы рҿы. Ҳара шьаҿа ӷәӷәала ари амҩа ҳаныланы ҳнеиуеит, шәаргьы шәҳавагыларц шәааҳаԥхьоит, амилаҭ культурақәеи атрадициақәеи шьаҭас измоу адунеи аԥаҳҵап!"

0
Ахҳәаа ыҟам