Амениу
8 Лаҵара 2024
11:43
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
23.03.2024 12:20
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

М. Х. Егзакь Москва иҟалаз атеракт инамаданы иҟаиҵаз адышшылара

Гәыкала ҳрыдышшылоит "Крокус Сити Холл" аконцерттә зал аҿы иҟалаз атеррористтә акт хлымӡаах иахҟьаны иҭахаз рҭаацәеи, Урыстәыла ажәлар зегьи. Ахәрақәа зауз ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара. Ахәыҷқәа налаҵаны, хыҧхьаӡара рацәала иҭахаз, хара здымыз ауааи, шәҩыла ахәра заузи ррыцҳара хымҧада атәыла аҭоурых аҿы имӷьаӡо шәахсҭаны иаанхоит. 
Агәра ганы сыҟоуп ари аҩыза ашәыргәындаратә хымҩаҧгашьа аазырҧшыз  излауала ирласны аҭакҧхықәра ишадыҧхьалахо, иреиҳау ашәагаала ашьауӷа шрыдҵахо. 
Ҳазҭагылоу алахьеиқәҵаратә аамҭазы аҧсуа-абаза жәлар рхәыцрақәеи рматанеирақәеи рызкуп харада иршьыз рҭаацәеи, аҭыҧ змаз агыгшәыгтә теракт ҧырхага знаҭаз ауааҧсыреи.
Атерроризм, уи аформа зеиҧшразаалакгьы - ауааҧсыра зегьы рзы ишьаҭаркыгоу ахәдурақәа рхымхәыцроуп. Ари ацәырҵра иамаӡам аҳәаа, ирҿагылоуп еизацхаҵоу апринципқәа зегьы. Атерроризм хара здым ауаа ирышьҭашәарыцоит, хықәкыс иамоуп аилазаарақәа зегьы уасхырс ирымоу аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьаҭақәа аркәадара. Жәларбжьаратәи аилазаарақәа рхаҭарнакцәа зегьы хымҧада иақәыӡбароуп атерроризм, уи аформақәа зеиҧшразаалакгьы, рымчқәа еибыҭаны ирҿагылароуп ари аҩыза ахәымгаратә умҭа еиҿызкаази имҩаҧызгази. Иара убасгьы иҳәатәуп еиуеиҧшым аформақәа рыла атерроризм иаҿамгыло, иацхраауа, изҵәахуа атәылақәеи аиҿкаарақәеи алегитимра ма аморалтә ҳаҭыр ишақәиҭым. Ари ахлымӡаах иақәымӡбаз атәылақәа уи ала иаадырҧшуеит ахаоси арбгареи ишрыдгылоу, аҭынчреи, аиашареи, ауаҩышәареи рпринципқәа ишырцәыхароу. 
Аиҧш зеиҧшу агәаҟра бааҧсқәа рҿаҧхьа иааҳарҧшыр аидгылара, ахьамҵра, арыцҳашьара, ачҳареи апатуеиқәҵареи ирызку ахәдурақәа арыдгылара уи иҳалнаршоит аиааира агара. 

Гәыкала ишәыдышшыло, ишәзыразу,
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы
М.Х. Егзакь

0
Ахҳәаа ыҟам