Амениу
4 Ԥхынҷкәын 2024
14:40
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
16.04.2024 10:49
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

Рауф Аиба 90 шықәса ихыҵит

Мшаҧымза 12 Санкт-Петербург “Плоды просвещения” зыхьӡу атеатр аҿы имҩаҧысит ауаажәларратә усзуҩы, амеценат, 1990-2000 ашықәсқәа рзы Санкт-Петербургтәи аҧсуа диаспора ахантәаҩы, аилазаара “Апсны” ҳаҭыр зқәу ахантәаҩы, Санкт-Петербург ҳаҭыр зқәу анхаҩы Рауф Аиба 90 шықәса ихыҵра иазкыз акультуратә хәылҧазы. 
Аусмҩаҧгатә хацыркын Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь иҟаиҵаз адныҳәалара аҧхьарала. Асаламшәҟәаҿы иазгәаҭан Рауф Ҭархәын-иҧа инысмҩа - аицамкреи, агәаӷьреи, хьамҵрала аус азыҟазаареи шаҳаҭра шрызнауа. Мусса Хабал-иҧа аиубелиар изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, иҭынха пату ақәҵаны еиҷаҳауа ауаа шырацәоу аилкаара иацааиуа агәырӷьара. Мусса Хабал-иҧа иҟнытә аиубелиар аҳамҭа иҭаны, асцена аҟнытә асаламшәҟәы даҧхьеит АААК Аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа. 
Иара убасгьы идныҳәалара ааицҳаит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Атәыла Ахада Аиба изеиӷьаишьеит агәабзиара, адоуҳатә лахҿыхра, кыршықәса иуацәеи иҭынхацәеи арылагәырӷьара. Адныҳәаларақәа ирыциҵеит Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа, уи исаламшәҟәаҿы ианиҵеит Рауф Ҭархәын-иҧа апатриотизм хаҭеи, гәык-ҧсык ала аҧсадгьыл азыҟазаареи рзы ҿырҧштәыс дшыҟоу. 
Иара убасгьы адныҳәаларақәа аарыцҳаит еицырдыруа егьырҭ асасцәагьы: Аҧсни Урыстәылеи рофициалтә хаҿқәа, аҵарауаа, адипломатцәа, ажурналистцәа, аҭыжьҩцәа, акультура аусзуҩцәа, еиуеиҧшым атәылақәа рыҟнытә ицнагаҩцәеи, класск аҿы аҵара ицызҵози. Ирацәаҩын, хаҭала асцена аҟнытә аиубелиар идныҳәаларазы иаазгьы.  
Аусмҩаҧгатә аиҿкаара рнапы алакын Санкт-Петербург иҟоу аҧсуа диаспореи, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси. Агәырӷьаратә усмҩаҧгатә иалахәыз рзы иқәгылеит еицырдыруа авокалтә дует “Аиҳәшьцәа Берзениаа”. Амузыкатә номер азлырхиеит еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы аиааира згахьоу, “Аестрада-џьазтә вокал” ахырхарҭала Акультура аинститут астудентка Аида Смыр, АААК аҿы еиҿкаау аколлектив “Абаза” аусмҩаҧгатә иаҭааз аҧсуа кәашарақәа ддырбеит.
Иара убасгьы акультуратә программа иаларҵеит “Аҧсуа лабиринт” зыхьӡу адокументалтә фильм аҟнытә ацыҧҵәаха. Ари афильм ахә ахишәааит Рауф Ҭархәын-иҧа. Аҭыхрақәа ахьынӡацоз, арежиссиори аоператори дрыцны, Аҧсны зегьы дакәшеит.
Рауф Ҭархәын-иҧа аҧсуа диаспора дахагылан имариамыз аамҭақәа раан - Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, 1992-1993 шықәсқәа рзы. Иара ибзоураны, адиаспора аусура аамҭа цәгьақәа рзы ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаараҿы крызҵазкуа хырхарҭаны иҟалеит. Уи инаҷыданы, Рауф Ҭархәын-иҧа аҭынч аамҭақәа раангьы аҟыбаҩ злоу аҿари, аҭҵаарадырратә усзуҩцәеи, азҟазаратә еиҿкаарақәеи адгылара ӷәӷәа риҭон. Аспециалистцәа ҿарацәа рыдагьы урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп еицырдыруа аполитикатә усзуҩцәагьы.

0
Ахҳәаа ыҟам