Лента событий ВААК
Алекциа-аекскурсиа: Калдахәаратәи ашколхәыҷқәа апроект «Ирӡтәым» аҟны
АААКи ААУ аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьугьелиаҧҳаи еицымҩаҧырго апроект «Ирӡтәым» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган изаамҭанытәиу алекциа.
Уажәазы алекциақәа рформат маҷк иҧсахын. Алекциа азкын жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш, насгьы ихарҭәаан аҳҭнықалақь амузеи хадақәа рахь аекскурсиа амҩаҧгарала. Калдахәаратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа аҭааит аетнографиа иазку Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи. Уаҟа амузеи аусзуҩы Есма Кәыҵниаҧҳа ирзымҩаҧылгеит даара аинтерес зҵаз аекскурсиа. Ахәыҷқәа иддырдырит ртәыла ажәытәи аҿатәи рҭоурых.
Ари амузеи – аинтерес ду зҵоу Аҟәа аблахкыгарҭақәа ируакуп. Иара убасгьы ахәыҷқәа мҩахыҵит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи ахь. Аекскурсиа иалахәыз ашколхәыҷқәа ирбеит 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аетап хадақәа зныҧшуа азалқәа.
Аҳҭнықалақь асасцәа аҭоурыхи акультуреи иргәылаҧшит, ирбаз-ираҳаз наунагӡа ргәалашәараҿы иаанхартә еиҧш агәаҳәара рнаҭеит.